Аҭыҧантәи ахаҭарнакрақәа аус рыцуразы АААК аҟәша аҵаратә шықәса ҿыц азы еиҭахацнаркит апроект «Аимадара». Апроект аҩбатәи аетап аҿы раҧхьаӡа акәны рхы аладырхәит Тәанаархәытәи абжьаратә школ аҵаҩцәа.

Шьазина Бганҧҳа

Аиҳабыратә классқәа рҿы аҵара зҵо 18-ҩык ахәыҷқәеи урҭ рырҵаҩцәеи раҧхьаӡа акәны Аҧсны мрагыларатәи ахәҭа иаҭааит. Убри аан, изнысраны иҟаз амҩа азҧхьагәаҭан аҵаҩцәа рзыҳәарақәа ҳасаб рзуны: Оҭаҧ иҟоу Абраскьыл иҳаҧы, Мықәтәи акафедралтә уахәама, Бороуахәтәи аҩхаа.

Аныҟәараан ахәыҷқәа ирзеиҭарҳәеит Аҧсны иазку аинтерес зҵоу ажәабжьқәеи, алегендақәеи, амифқәеи. Асас қәыҧшцәа ҷыдала ирызҿлымҳахеит асталактитқәеи асталагмитқәеи.

«Ашколтә программаҿы лассы-лассы иаҳҧылоит Абраскьыл иҳаҧы аӡбахә, аха лабҿаба дунеихаан иҳамбацызт. Араҟа иаҳбаз-иҳаҳаз даара аинтерес аҵоуп. Аҧсны аҳаҧқәа рыҭҵаара снапы азыскып ҳәа сгәы иҭаскит», - иҳәеит аҵаҩцәа руаӡәк.

Ҳазҭоу ашықәс азы аекскурсиақәа рзымҩаҧган Арасаӡыхьтәи, Мгәыӡырхәатәи, Аӡҩыбжьатәи, Аҷандаратәи ашколқәа рҵаҩцәа. Аҭыҧантәи ахаҭарнакрақәа аус рыцура иазку АААК аҟәша аспециалист Херсон Симониа иажәақәа рыла, апроект аҩбатәи аетап иаларгалоит ақыҭа ҿыцқәа.

«Есышықәса иацлоит АААК аҭыҧантәи ахаҭарнакрақәа рыҟнытә иҳауа азыҳәарақәа рхыҧхьаӡара. Ахәыҷқәа реиҳараҩык раҧхьаӡа акәны ари аҭыҧ иаҭаауеит. Ҳазҭоу ашықәсазы ҳусура иаҵанакит 150-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа. Уажәшьҭа ҳаиасуеит мраҭашәаратәи Аҧсны ашколқәа рахь», - иҳәеит иара.

Апроект ахықәкы хада шыҟац иаанхеит. Уахь иаҵанакуеит Аҧсны азы акультура-ҭоурыхтә ҵакы змоу аобиектқәа рҭаара, аблахкыгарҭақәа лабҿаба рбара, ахәыҷқәа раамҭа хәарҭала ахархәара.  Тәанаархәытәи абжьаратә школ арҵаҩы Дмитри Шамба иазгәеиҭеит ахәыҷқәа хаҭала рыла иабо даҽакала анырра шрынаҭо.

«Аҧсны аҭоурых-архитектуратә баҟақәа рыла ибеиоуп ҳәа еснагь ахәыҷқәа ирзеиҭаҳҳәо аасҭа аҵакы еиҵам ҽнактәи аекскурсиа. Ахәыҷқәа ирбо иаҳа игәныркылоит. Агәра згоит ари амш кыршықәса ишырхамышҭуа, - ҳәа азгәеиҭеит Шамба.

«Аимадара» зыхьӡу АААК апроект анагӡара хацыркуп 2019 шықәса инаркны. Ари аамҭа иалагӡаны, апроект рхы аладырхәит 1000-ҩык инареиҳаны аҵаҩцәа.