Аԥсуа режиссиор, аҳаҭыр зқәу АААК алахәыла Ҭемыр Ҭаниа ифильм «Сабду, аиааиразы иҭабуп» («Спасибо деду за победу») апремиера аамышьҭаь Урыстәыла арбарахьы иҭыҵит.

Саид Барганџьиа

Аԥсуа режиссиор, аҳаҭыр зқәу Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс алахәыла Ҭемыр Ҭаниа ифильм «Сабду, аиааиразы иҭабуп» («Спасибо деду за победу») апремиера мҩаԥысит Москва, аҩашаҽны, мшаԥы 30 рзы. Арежиссиор ихаҭа ари акиносахьа ҭаацәала зегьы зхәаԥшыша фильмуп ҳәа ахиҳәаауеит. Афильм аԥхьарбара аҽны Ҭемыр Ҭаниа даара игәы хыҭ-хыҭуан.

«Ари – раԥхьатәи зметр наӡоу сфильм ауп, даарагьы сеигәырӷьоит уи ахьҭыҵыз. Раԥхьатәи ахҳәаақәа соуа салагеит апремиера иаԥхьанеиуаз арбара аамышьҭахь. Ауаа сыдгыланы исарҳәон, даҽазныкгьы афильм иахәаԥшырц азы ишаауа, рыуацәагьы шаарго», – ҳәа ицәаныррақәа ҳацеиҩишон Ҭаниа.

Иара иаҳзеиҭеиҳәеит афильм аидеиа шизцәырҵхьаз даныхәыҷыз нахыс, агәацԥыҳәара изҭазгьы иабду шиақәу.

«Саныхәыҷыз сабду еснагь аибашьраантәи ажәабжьқәа сзеиҭеиҳәон, убасҟан иагьысыӡбеит мышкызны убарҭ ахҭысқәа рыла афильм ҭысхуеит ҳәа. Абар    акыршықәса рышьҭахь схәыҷтәы гәҭакы насыгӡеит. Убарҭ ахҭысқәа аекран аҿы рцәыргара ахьысҭахыз азоуп хәҭакахьала срежиссиорхарц зысыӡбазгьы», – иҳәеит Ҭемыр Ҭаниа. 

Афильм аҟны аепизодтә рольқәа руак наигӡеит Ҭемыр Ҭаниа иҩыза, КВН акоманда ицалахәыз Ҭемыр Аршба. Иаргьа афильм апремиераҿы дыҟан.

«Зегьы даараӡа ибзианы имҩаԥысит. Ари аиашазы ҭаацәаратә комедиоуп, афильм аҟны имырхьаацәакәа, лафла иаарԥшуп аԥсҭазаараҿы реиҳа ихадароу – аҭаацәареи аԥсадгьыли рызнеишьа. Ҭемыр даара ҳгәы иладууп, ԥхьаҟагьы ақәҿиара дуқәа изеиӷьаҳшьоит», – иҳәеит Аршба.

Афильм асиужет ала, аҷкәын хәыҷы иаб дицны Москвантәи иабду иахь даауеит, абду аԥсуа қыҭаҿы дынхоит. Уа дахьааиз рацәак дрыдыркылом аҭыԥантәи аҷкәынцәеи, иаразнак бзиа иибаз аӡӷаб хәыҷи. Абду имоҭа изеиҭеиҳәоит аибашьра даныҟазтәи ахҭысқәа, урҭ рыбзоурала арԥыс адунеи ҿыц изаатуеит, иабду иҟынтә иаҳауа аҭоурых хаҵаҵас дааӡоит. Афильм аҟны ихадоу арольқәа нарыгӡеит урыстәылатәи актиорцәа Егор Бероев, Ксениа Алфиорова, абду ироль наигӡеит еицырдыруа аԥсуа актиор Кьасоу Ҳагба.