11097

АААК аинфопортал аԥхьаҩцәа шәзы еидаҳкылеит аԥсуа қыҭақәа рҿы иҭыху иблахкыгоу аӡынтәи асахьақәа.

Сынтәа аӡын иааџьоушьаратәы ихьҭахеит Аԥсны. Асы быбышгьы изныкымкәа иҳазлеит. Ҳазҭагылоу аӡынра аамҭа иацу аԥшшәқәа удыршанхартә иԥшӡоуп. Аԥсабараҿы уахьынаԥшлак алакә иаҩызоу асахьақәа улаԥш иҵашәоит – ашәыгақәа аашьҭыхны аҭыхра узаламгахои. Еиҳаракгьы иссируп ақыҭа асахьақәа.