5113

Ажурналист Екатерина Бебиа лтеледырраҭара «Аҧсуара амҩахәасҭақәа» рцикл аҿы дрыҿцәажәоит Роман Ԥлиеи Гьаргь Гәыблиеи.

Ажурналист Екатерина Бебиа лавтортә программа «Аҧсуара амҩахәасҭақәа» адыррҭараҿ дзыҿцәажәо ауаажәларратә усзуҩ Роман Ԥлиеи, аҵарауаҩ, ашәҟәыҩҩы Гьаргь Гәыблиеи аҧсуара аныҟәгашьа бзиан издыруаз ауаа хатәрақәа ракәын.

«Аҧсуара ныҟәызго ауаҩы иаразнак ублаҿ дааиуан, уи аҭәаацәара бзиа дшырааӡаз ҩашьара ақәмызт. Сара иансааз аҩнаҭа аиҳабы ииҳәоз аҭаацәа зегьы ықәныҟәон, иаҩсыр ҟаломызт. Аҩнаҭаҿы ихадаз аб иакәын, уи иажәа закәан ҧҟаррак иаҩызан», – иҳәоит Роман Ԥлиа.

«Аҭаацәа бзиа ҳәа изышьҭаз – аизыӡырҩра, алеишәа ахьыҟаз акәын. Ажәа иалоуп: «Зус ӡбам аусӡбра дрышьҭуамызт» ҳәа.  Уи иаанагоз аҩнаҭаҟны зегьы бзиан иҟамзар, ауаҩы иуаажәлар рҟны ҿыӷәӷәала дызцәажәомызт ҳәа акәын…», – иҳәоит Гьаргь Гәыблиа.