2744

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ихацнаркит "Асаламшәҟәы" ҳәа хьӡыс изауз апроект. Аибашьра иалахәыз, ма шаҳаҭс измаз ауаа рыуацәеи рҭынхацәеи ирзырышьҭуаз асаламшәҟәқәа ирызкуп иара. Асаламшәҟәқәа ирыԥхьоит Аконгресс аусзуҩцәа. Апроект хацыркуп нанҳәа 14 - Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аналага аҽны. Авидеонҵамҭақәа ес-хымш икьԥхьхалоит цәыббра 30 рҟынӡа, Аконгресс асоциалтә ҳақәеи асаити рҟны.