Адунеи иалаԥсоу аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа есышықәса Аԥсны абираҟ амш аҽны имҩаԥыргоит инарҭбаау акультуратә уснагӡатәқәа, Абаза жәлар рҵасқәеи рқьабзқәеи ртәы афестиваль иаҭаауа асасцәа ирзеиҭарҳәоит. Сынтәа ари аныҳәа мҩаԥган Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспубликаҿ.
Саид Барганџьиа
Ԥхынгәы 23, шьыжьнаҵы инаркны Лада Урыстәыла иреиҳаӡоу апаркқәа ируаку «Адгьылбжьахьа иаҵәа» захьӡу апарк аҟны ацәыргақәҵатә қьалақәа шьақәыргылан. Аԥсны абираҟ амши Абаза жәлар ркультура амши раҳаҭыраз еиҿкааз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа ирылагеит.
Апрограмма даара иҭбаан, иблахкыган. Убас, аныҳәатә иармарка аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит ҭоурыхла иҳамаз абираҟқәа рцәыргақәҵа. Ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи идырбан иара убас акьанџьатә театр ақәгылареи, аԥсуа-абаза жәлар ркультура уагәылазхало афотосахьақәеи.
Афестиваль аҭааҩцәа зегьы алшара рыман аҭыԥантәи асахьаҭыхыҩцәа рсахьақәа аархәарц, насгьы, ҳәарада, амилаҭ чысхкқәа ргьама рбарц, агәаларшәагатә ҳамҭақәа аархәарц.
Ари аиармарка шықәсы наҟьак зҽазыҟазҵозгьы ыҟоуп. Дааҳгап Кьышьыф Аисанов, уи хәыда-ԥсада афестиваль алахәцәа ирзишоит инапала иҟаиҵаз ахьаԥшьақәа. Иазгәаҭатәуп, ари анапҟаза 88 шықәса шихыҵуа, аха иара бзиа ибаны дызҿу аус даҟәыҵырц игәы иҭаӡам, уи насыԥ иманы дҟанаҵоит.
«Ҳаҩны иацәыхарамкәа аҩнымаҭәаҟаҵарҭатә цех аус ауеит, убра ирымысхуеит аматериал, анаҩс ахьаԥшьақәа злысхуа. Сара сколлекциаҿы иҟам еиԥшу ахьаԥшьақәа, урҭ зегь хаз-хазуп шәагаалагьы, изласҩычо асахьақәа рылагьы», – ҳәа еиҭеиҳәеит Аисанов.
Афестиваль аҟны лымкаала азҿлымҳара аиуит амилаҭтә шәҵатәқәа реицлабра.
«Есышықәса ҳмаҭацәа рзы амилаҭтә шәҵатәқәа ҳӡахуеит. Ҳара ҳзгьы дара рзгьы уи гәырӷьара дууп. Игәышьҭыхроуп ауаа рацәа милаҭ маҭәала еилаҳәаны укәша-мыкәша ианиасуа», – ҳәа ицәаныррақәа ҳацеиҩишеит аицлабра алахәцәа руаӡәы.
Згәы иаҭахыз зегьы амилаҭ чысқәа ргьамабара рылшон. Афатә ахьӡыргаз ақьала еснагь ауаа адеизаланы иҟан.
Афестиваль асасцәа ирзеиҿкаан иара убас аныҳәатә концерт. Аныҳәа шцоз ақәаршҩы алагеит, аха ауаа ацара иахыццакуамызт.
«Ҳара ақәа ҳацәшәаӡом, – лҳәеит афестиваль асасцәа руаӡәк. – Ҳара зегь ҳаицуп абраҟа, аӡәыкны ҳаидкылоуп – убри оуп ихадароу. Ҳара ҭаацәала даара бзиа иаҳбоит Акультура амш, есымшагьы ҳаауеит арҭ аԥшӡарақәа зегь ҳаблала иаҳбарц. Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит абас еиԥш аныҳәа ҳзеиҿызкаауа».
Аныҳәатә концерт аҟны дықәгыларц дааит аԥсуа шәаҳәаҩы Мадина Кәарацхьелиаԥҳа. Лара иналыгӡеит лавтортә ашәа «Ашьхақәа». Афестиваль еизнагаз зегьы аныҳәа рыдылныҳәалеит, Абаза жәлар аҭынчреи аизҳазыӷьареи рзеиӷьылшьеит.
«Сара сзы ҳаҭыр дууп ари аныҳәа сахьалахәу. Агәахәара ду соуит. Иҭабуп ҳәа расҳәоит азыӡырыҩцәа абас ибзианы сахьрыдыркылаз. Агәыӷра сымоуп даҽазныкгьы ари аныҳәа саҭаап ҳәа», – лҳәеит ашәаҳәаҩ.
АААК апортал аиҳабы Амина Лазԥҳа афестиваль илнаҭаз ацәаныррақәа ҳацеиҩылшеит.
«Сара раԥхьаӡа акәны ари аныҳәа салахәуп Аԥсны анҭыҵ. Зегь реиҳа агәахәара сызҭо – Ҟарачы-Черқьесиа, Ҟабарда-Балкариа, Ҭырқәтәыла уҳәа рҟынтәи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыбжьара ари амш ахьысхызго ауп. Аԥсынтәыла абираҟ – аҳәынҭқарра асимволра мацара акәӡам иаанарԥшуа, уи ҳиааира иасимволуп, абиԥарақәа реимадара иасимволуп, ҳтоурых зегь аныԥшуеит. Ҳҳәынҭқарра ахьыԥшымра шьала ишҳауз ҳхаҳмыршҭлароуп, насгьы ҳара иаҳуалуп адунеи иаланхо ҳџьынџьуаа зегьы жәларыкны ҳшыҟоу, ҭоурыхк, ԥсадгьылк шеицҳамоу рныруа аҟаҵара», – лҳәеит Лазԥҳа.
Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ амши, Абаза жәлар ркультура амши разгәаҭара иазкыз агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа хыркәшан аныҳәатә салиут ала.
Иахьатәи Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ шьақәырӷәӷәан Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак асессиаҟны 1992 шықәса, ԥхынгәымза 23 рзы, Аҟәа, 1978 шықәсазтәи Аԥснытәи АССР Аконституциа аԥыхны, 1925 шықәсазтәи Аԥснытәи ССР Аконституциа амчра аҭаразы аӡбамҭа анрыдыркыла ашьҭахь. 2005 шықәса инаркны Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш официалла иазгәарҭоит ныҳәак аҳасабала ԥхынгәы 23 рзы.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.