Аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа рырҵареи артәашьа бзиазы амастер-класси мҩаԥыргеит Аконгресс аусзуҩцәа Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭа ашколхәыҷқәа рзы.

Ахәыҷқәа рыхьчара амш аламҭалаз Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Оҭҳаратәи ашколхәыҷқәа ирызцан хкы рацәала аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа ддырҵеит, иара убас артәашьа бзиа умазар азы иҟаҵатәу аҽаршьцыларақәа ддырбеит. 5-11 аклассқәа рҿы итәоу рзы абаҩрҵәыратә мастер-класс мҩаԥигеит афитнес-тренер, аспорт азҟазаразы акандидат, аидара ашьҭыхразы Аԥсны ачемпион Мамсыр Ҭраԥшь.

«Зыбӷа ӷәӷәоу – агәабзиарагьы имоуп!» – ҳәа ахәыҷқәа иреиҳәеит атренер, абӷа ажьышәақәа рзы ихәарҭоу аҽаршьцыларақәа дырбо.

«Ари зегь реиҳа имариоу аҽаршьцыларақәа роуп, убӷа аганахьала апроблема умоурц апрофилактиказы – апланка, ԥшьынаԥҳа угыланы унапы-ушьапы ашьҭыхра, нас «анышьа». Имариаӡоу аеробикатә ҽаршьцыларақәоуп, араҟа ахьанҭара ҳхы иаҳархәаӡом, ҳакапан ҳазҳархоит. Аспорттә инвенатргьы аҭахӡам, узықәгыло ауарҳал хәыҷ ада», – иҳәеит атренер.

Ашколхәыҷқәа активра ду аарԥшны аҽаршьцыларақәа зегь ҟарҵарц иалагеит. Еиҳаракгьы ахәбатәи акласс аҵаҩцәа – Дамир Қардиа, Рамин Арсҭаа, Даниела Арсҭааԥҳа. Егьырҭ ахәыҷқәа ирцәыԥхамшьакәа атренер ихәаԥшны зегь ҟарҵон.

Жәеизатәи акласс аҵаҩы Анита Сыҷынааԥҳа ауарҳал данымгылаӡеит, аха ус шакәугьы хәарҭара злоу аинформациа рацәаны илоуит ҳәа лыԥхьаӡоит.

«Адырра рацәа узҭо мастер-классын. Сара уаанӡагьы «апланка» ҟасҵон, аха убӷаӡарагьы шьҭыхтәзаап, уи сыздырӡомызт. Ииашаны иҟасҵаӡомызт, уажәшьҭа еилыскааит», – лҳәеит аӡӷаб.

Амастер-класс ахыркәшамҭаз Мамсыр Ҭраԥшь зегьы ирабжьигеит шьыжьымҭанла абаҩрҵәыра аҟаҵара иацәымаашьаларц.

Ашколхәыҷқәа аԥсуа милаҭтә хәмаррақәас иҟоу дирбеит АААК аҭыԥантәи аҟәшақәеи аҿар рактивреи рҳәаақәҵаҩ Валери Берзениа. Иара ахәмаррақәа 15 ирызку аматериал иманы, иҽазыҟаҵаны дааит, аха зегьыҵәҟьа рҭоурых аиҭаҳәара дахьымӡаӡеит, нас еизигаз аинформациа зегь абаҩрҵәыра арҵаҩы ииҭеит.

«Ари аматериал арҵагатә цхыраагӡас иҟазар алшоит аԥсуа милаҭтә хәмаррақәа рзы. Адыррақәа реидкылараҿы дсыцхрааит АААК ҩызарыла иазыҟоу Алиса Ԥачалиа, уи азы иҭабуп ҳәагьы ласҳәоит. Уажәшьҭа Оҭҳара ақыҭаҿгьы ахәыҷқәа арҭ ахәмаррақәа рыла рҽазыҟарҵалоит, анаҩс аицлабрақәа ирылахәхарц азы. Ҳара гәҭакыс иҳамоуп амилаҭтә хәмаррақәа рыла есышықәса аицлабра дуқәа мҩаԥысларц иаҳҳәап Лыхнашҭа, Мықәашҭа реиԥш иҟоу ажәлар рныҳәақәа раан», – иҳәеит Берзениа.

Валера маӡала иҳаиҳәеит уажәы Аконгресс аус шаднауло аԥсуа қыҭақәа рыбжьара амилаҭтә хәмаррақәа рыла аицлабра амҩаԥгара апроект. Оҭҳаратәи ашкол аҟны имҩаԥысуаз аҽазыҟаҵарақәа аиҵбыратә классқәа рырҵаҩцәагьы алахәын, урҭгьы ахәыҷқәа арҭ ахәмаррақәа ддырбарц ргәы иҭоуп.

Валери Берзениа зыԥҟарақәа реиҭаҳәара дахьӡаз ахәмаррақәа руакы «Ашьапықәсра» ахьӡуп. Ахәыҷқәа ҩ-гәыԥкны рҽеиҩыршан, ихәмарит.

Ари ахәмарра абас иҟоуп: ахәмарцәа руаӡәы бӷала адгьыл аҿы дышьҭалоит, ацәаҳәа ахьалдоу, иблақәа аркны. Егьи агәыԥ иалоу ишьапы иаршәаны х-шьаҿак инаскьаны игылоит. Нас руаӡәк ииоу дикьысуеит, анаҩс дара зегь еибарыҩны инахьхьытәи ацәаҳәахьы ицоит, ииаз дыҵҟьаны дрышьҭалоит иикырц. Аӡәгьы дизымкыр – ҩаԥхьа днеины адгьыл дықәиоит. Аха аӡәы идымхаргьы дикьанцыр, агәыԥқәа рҽырыԥсахуеит.

Ари ахәмарраҿы аиааира ргеит 10-тәи акласс аҵаҩцәа, Осман Гочуа драԥызаны, 11-тәи аклассаа ркоманда «Нарҭаа» раҵахара зхарартәыз рҩыза ӷәӷәак аҽны дахьрықәымшәаз акәхеит.

«Дауҭ дыҟам ауп, мамзар ҳаиааиуан», – рҳәеит акоманда аҵахара згәы иалсны игылаз аӡӷабцәа.

Оҭҳаратәи арҵаҩцәа ишырҳәаз ала, хара имгакәа ашкол аҿы аиԥхныҩларақәа мҩаԥысраны иҟоуп, убри аҟнытә Аконгресс иднарбаз аҽаршьцыларақәеи ахәмаррақәеи даара иаамҭаны иҟалеит, уажәшьҭа арҭ ахкқәа рылагьы рҽазыҟарҵалар рылшоит ахәыҷқәа. Шьҭарнахыс аицлабрақәа рыпрограмма аԥсуа милаҭтә хәмаррақәагьы аларҵалар ҟалоит.