Лаҵарамза 21 Аҧсны иазгәарҭеит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш. Аҧсны анҭыҵгьы алахьеиқәҵаратә митингқәа мҩаҧысуеит аҧсуа-адыга диаспора рҽеидкыланы иахьынхо атәылақәа рҿы. 

Агәалашәаратә усмҩаҧгатәқәа рҳәаа ирҭагӡаны Аҟәа еиҿыркааит афакелтә мҩасра. Уи иалахәыз ауааҧсыра Сергеи Багаҧшь ихьӡ зху ашҭа инаркны, аҧшаҳәаҿы игылоу амҳаџьырцәа рбаҟанӡа амҩа ианысит. Милаҭтә маҭәала еилаҳәаз аҿар ирхашәыршәыруа иркын аҧсуа-адыга бираҟқәа, афакелқәа, ажәлатә дыргақәа. 

Агәаларшәаратә усурақәа ирылахәын Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс агәыҧгьы. Есышықәса Аконгресс аусуҩцәа ашьамаҟа ҟарҵоит. Ҵасла ишаҧу еиҧш, уи рбылуеит «Нарҭаа рымца» ахьеиқәырҵо аҧшаҳәаҿы. 

Ашьамаҟа иацәынхаз ахәҭақәа еизаз ауаа ирзыршеит. 

Аусмҩаҧгатә хдыркәшеит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иазкыз ашәҭқәа амшын ахҵарала.