20775

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы Аиааира амш 74 шықәса ахыҵра азгәарҭеит Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны, ашьыжь Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭаҵан, иара убас арратә паради, «Ԥсра зқәым архәҭа» захьӡу акциеи мҩаԥыргеит.

Маи 9 рзы Аԥсны иазгәарҭеит XX-тәи ашәышықәсазы реиҳа ишьаарҵәыраз Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду (1041-1945шш.) аҿы игаз Аиааира амш. Атәыла араионқәа зегьы рҿы имҩаԥысит аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа, реиҳа мҽхакы ҭбаала аныҳәа азгәаҭан Аҟәа.

Шьыжьы инаркны Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ауаа рацәа еизо иалагеит, ари аибашьраҿы иҭахаз ргәаладыршәарц азы. Абаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьҭаҵара ацеремониа иалагеит асааҭ 11 рзы. Ашәҭшьҭаҵара рхы аладырхәит атәыла ахада, аиҳабыра, ашколхәыҷқәа, астудентцәа, ақалақь ауааԥсыреи, Аԥсны иаҭааны иҟоу асасцәеи. Анаҩс Диоскураа рыԥшаҳәаҿы Арратә парад мҩаԥысит. Сынтәа уи иалахәын 400-ҩык рҟынӡа аруаа, дара зегьы 11 колонна рыла рыҽшаны аԥшаҳәа иқәсит.

Аиааира Ду амш – маи 9 есышықәса иазгәарҭоит Урыстәылеи, ԥыхьатәи Асовет Еидгыла атәылақәеи рҿы адагьы, адунеи еиуеиԥшым атәылақәеи ақалақьқәеи рҟны. Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аан Аԥснынтәи афронт ахь ицеит 55 нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра, урҭ рҟынтә 15 500-ҩык милаҭла иаԥсыуаан. Афронт аҿы еибашьуан иара убас х-нызқьҩык инареиҳаны ашәуаа.