17400

Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспубликаҿ имҩаԥысуа афестиваль «Абаза» еизнагеит 300-ҩык инареиҳаны аԥсуа-абаза хылҵшьҭрақәа, ҳажәлар рхаҭарнакцәа ахьықәынхо еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә.

Аԥсуа-абаза хәмаррақәа рыла иаатит Ахәбатәи акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза», сынтәа уи аиҿкаара иалахәын Аԥсуа-абаза милаҭ рыҿиара ацхырааразы Жәларбжьаратәи аилазаара «Алашареи», «Аԥсуа-абаза жәлар рконгресси» (АААК).

Акомандақәа еицлабуан абарҭ аспорт хкқәа рҟны: махәҿыла аисара, ашьаҟа ақәлара, хара́ аԥара, аиадара ашьҭыхра, ахаҳә аршәра, аҩра, ахысра, ашаха ахара, иара убас ашьапылампыли аволеиболи.

Абаза жәлар рыхәмаррақәа Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспубликаҿы сынтәа ахәынтә раан имҩаԥысуеит. Уи алахәцәа рхыԥхьаӡара есышықәса иазҳауеит, дара ахьынтәаауа аҭыԥқәагьы ишрыцло еиԥш: аҭааҩцәа ргеографиа иамҽханакуеит Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәеи, аҳәаанырцәтәи атәылақәеи.