Ажьырныҳәа 31 рзы Черқьесск ақалақь аҟны имҩаԥысит Жәларбжьаратәи аилазаара "Алашара" еиҿнакааз астол гьежь "Амилаҭрацәа зланхо Урыстәыла: ашәуаа. Ашьагәыҭтә жәлар маҷқәа рбызшәеи, ркультуреи, рҵасқәеи реиқәырхаразы шьаҭанкылатәи амодель аԥҵара" ҳәа хьӡыс измаз.

Саид Барганџьиа

ҞЧА аҵарауаа, аполитикцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа Санкт-Петербургтәи рколлегацәеи еидтәаланы иалацәажәеит абаза бызшәа аиқәырхареи, арҿиареи рызҵаара "Амилаҭ́рацәа зланхо Урыстәыла: ашәуаа. Ашьагәыҭтә жәлар маҷқәа рбызшәеи, ркультуреи, рҵасқәеи реиқәырхаразы шьаҭанкылатәи амодель аԥҵара" ҳәа хьӡыс измаз астол гьежь аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аусмҩаԥгатә еиҿнакааит аилазаара "Алашара", иагьымҩаԥысит Жәларбжьаратәи аколлеџь "Полиглот" аҟны ажьырныҳәа 31 рзы. Абри атәы ҳәоуп Жәларбжьаратәи аилазаара "Алашара" асаит аҟны.

Ацәажәарақәа рацәаны ирхылҿиааит "Аҵаразы" Урыстәылатәи Афедерациа азакәан иаларгалаз аԥсахрақәа. 

Иҳаҩсыз ашықәс ԥхынгәымзазы Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума "Аҵаразы" Афедералтә закәан аԥсахрақәа аланагалеит, урҭ аԥсахрақәа рызкуп амилаҭ маҷқәа рбызшәақәа. Аԥсахрақәа инарықәыршәаны, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа зегьы, милаҭс изҵазкуазаалакгьы, абжьаратә школ аҟны азин рымоуп хатәы бызшәас ирҵарц ирҭаху рхаҭақәа иалырхырц. Арҭ аԥсахрақәа ҟалаанӡа ауаҩы имилаҭ рбызшәа акәын иара ихатәы бызшәасгьы ишьаз, иара убри абызшәа акәын ашкол аҟны хатәы бызшәас ииҵар акәыз, уи аҵаразгьы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа зегьы аҳәынҭқарратә ҵаратә программала иаԥҵахон. 

Абри азҵаара аганахьала дықәгыланы игәаанагара иҳәеит Урыстәыла Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, Алингвистикатә ҭҵаарақәа ринститут аҭҵаарадырратә напхгаҩы Николаи Казански. Иара иажәақәа рыла, ааигәа ирыдыркылаз арҭ аԥсахрақәа Урыстәыла иқәынхо амилаҭ маҷқәа рбызшәақәа рырҿиара иазынархам. 

"Арҭ азҵаарақәа мариаӡам, даара акыр ирызхәыцны изызнеитәу роуп, Урыстәыла арегионқәа зегьы рҷыдарақәа азԥхьагәазҭо апрограмма ыҟазароуп", - ҳәа азгәеиҭеит академик.

Иара иациҵеит насгьы абызшәа арҵага шәҟәқәа рхаҭабзиара иаҵҵалатәуп ҳәа, убасгьы арҵаҩцәа рзанааҭдырра аҳаракра азҿлымҳара ду аҭатәуп ҳәа. 

Николаи Казански ҷыдала дазааҭгылеит абаза бызшәа аиқәырхара аганахьала ҞЧА ауаажәларратә, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русура. Иара убас абаза бызшәадырра аганахьала акадрқәа разыҟаҵараҿы ацхыраара аҟаҵара дшазыхиоу. Астол гьежь анхыркәшаха аамышьҭахь Николаи Казански драцәажәеит Алингвистикатә ҭҵаарақәа ринститут иҭалар зылшо акандидатцәа. 

Николаи Казански ипозициа дадгылеит альманах "Русский меценат" аредактор хада Аркади Соснов, уигьы иазгәеиҭеит абаза бызшәа арҿиаразы активла аусура шцо. 

"Урыстәыла иқәынхо ажәларқәа зегьы ашәуаа ҿырԥшыс иргар рылшоит абызшәа аиқәырхара азҵаара ишазнеиуа ала", - ҳәа азгәеиҭеит иара. 

Астол гьежь аҳәаақәа ирҭагӡаны иӡырган Мусса Егзакь ишәҟәы "Нхыҵ Кавказ иқәынхо Урыстәыла ашьагәыҭтә жәлар маҷқәа рзинқәа рыхьчара аполитика". 

"Ашәҟәы быжь-хәҭак рыла ишьақәгылоуп, хәҭацыԥхьаӡа 6-7 хы агәылоуп, урҭ зегьы иаадырԥшуеит Нхыҵ Кавказ ажәларқәа рҭоурыхи, ашьагәыҭтә жәлар маҷқәа рзинқәа рыхьчараҿы иҟоу адунеитә ԥышәеи", - ҳәа азгәалҭеит ашәҟәы иахцәажәоз Аурыс географиатә еилазаара алахәыла Надежда Емелианова.

Астол гьежь иалахәын убасгьы ҞЧА Жәлар Реизара аҭҵаарадырреи, аҵареи, акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи, атуризми рзы ахеилак ахантәаҩы Исмель Биџьеви, ҞЧА Аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ Фатима Бекижева, ҞЧА амилаҭ русқәеи, амассатә коммуникациақәеи, акьыԥхьи рминистрра амассатә-информациатә хархәагақәа рымадаразы аҟәша аиҳабы Артур Коркмазов, Ҟарачы-Черқьессктәи аҳәынҭқарратә университет аҭҵаарадырратә усуразы апроректор Сергеи Пазов, Жәларбжьаратәи аколлеџь "Полиглот" аԥҵаҩы, адиректор иабжьагаҩ Марџьан Дагужьиева, уҳәа егьырҭ аспециалистцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи.

Аԥсуа-абаза милаҭ рырҿиара ацхырааразы жәларбжьаратәи аилазаара "Алашара" хәышықәса инареиҳаны активла аус ауеит абаза бызшәа аиқәырхара аганахьала. Аусурақәа мҩаԥгахоит зыхьӡ нагоу аҵарауаа-абызшәадырҵәеи, аҭоурыхҭҵааҩцәеи, аетнографцәеи алархәны. Лассы-лассы еиҿыркаауеит астол гьежьқәа аҭҵаарадырратә, ауаажәларратә, аполитикатә усзуҩцәа алархәны, хыԥхьаӡара рацәала аметодикатә цхыраагӡақәа ҭрыжьуеит, еиуеиԥшым ақәратә категориақәа рахь иаҵанакуа рзы абаза бызшәа аҵара акурсқәа еиҿыркаауеит.