АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩи Аконгресс аусзуҩцәеи Аԥсны ауаажәларратә палата алахәцәа ирԥылеит Аԥсуа-абаза жәлар рконгресс 30 шықәса ахыҵра инамаданы.
АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩи, Аконгресс аҟәатәи аофис аусзуҩцәеи, Аԥсны Ауаажәларратә палата алахәцәеи реиԥылара мҩаԥысит ԥхынҷкәын 6 рзы Аԥсуа-абаза жәлар рконгресс аԥҵоуижьҭеи 30 шықәса аҵра иазку аныҳәатә программаҿы актәи аусмҩаԥгатә аҳасабала, арҭ амшқәа рзы Аҟәа имҩаԥысуа АААК VIII-тәи Аизараду аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аиԥылара иалахәын АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Беслан Кәабахьиа, АААК иаԥнаҵаз Аҳәса ркоординациатә хеилак анапхгаҩы Екатерина Бебиаԥҳа, АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иаппарат анапхгаҩы Кан Ҭаниа, АААК Аинформациа аҟәша анапхгаҩы Амина Лазԥҳа, АААК Аҵареи асоциалтә активреи рыҟәша анапхгаҩы Изольда Ҳагԥҳа, Аԥсны Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Гули Кьычԥҳаи апалата алахәцәеи, Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг. Аиқәшәара иалахәыз асасцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан агазеҭ «Абазашҭа» аредактор хада Фардаус Ҟәыли акорреспондент Алина Џьмаҟәыли.
Аиԥылара аартуа Аԥсны Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ, Аԥсны Анацәа рхеилак ахантәаҩы Гули Кьычԥҳа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩи АААК аусзуҩцәеи рахь лхы нарханы Аконгресс 30 шықәса ахыҵра аиубилеи рыдылныҳәалеит.
Гули Кьычԥҳа иазгәалҭеит, Аконгресси акыршықәса уи иахагылаз аҵарауаҩ Тарас Шамбеи иҷыдоу рхатә ҭыԥ шааныркыло ҳаамҭазтәи Аԥсны аҭоурых аҿы, ҳҳәынҭқарра ашьақәгылара амҩа иананыла.
«Аконгресс анаԥҵаха раԥхьатәи амшқәа инадыркны уи иалалеит Аԥсны иналукааша ауаажәларра-политикатә хаҭарақәа, Владислав Арӡынбеи Тарас Шамбеи реиԥш иҟаз. Тарас Мирон-иԥа – ҳаԥсадгьыл абзырӡы адунеижәларбжьара ираҳартә изҳәоз иакәын, адунеи акәакь хараӡақәа рҟынгьы дырдыруан, иара ила еилыркаауан Аԥсны аӡбахәгьы», – лҳәеит Кьычԥҳа.
Лара АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иҭабуп ҳәа иалҳәеит асоциалтә-культуратә проектқәа адгылара ахьриҭо азы, иагьеиқәылԥхьаӡеит хадара злоу Аконгресс аихьӡарақәа.
«Аконгресс аусзуҩцәа ҿарацәа активлатәи русура иабзоураны иахьа Аԥсны амилаҭтә спортхкқәа еиҭеиуеит, акультуратә хаԥшьгарақәа акымкәа-ҩбамкәа инагӡахоит, ахатәы бызшәа аиқәырхаразы аусқәа мҩаԥысуеит. Аконгресс имҩаԥнаго апроектқәа аԥсуа уаажәлар рзы хәы змаӡам аҵакы рымоуп», – ҳәа лыԥхьаӡоит Кьычԥҳа.
Анаҩс лара Мусса Егзакь инапы иалыркит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс 30 шықәса ахыҵра иазкны Ауаажәларратә палата иазнархиаз адныҳәаларатә шәҟәы.
Аконгресс аԥҵара аҭоурых игәаларшәо, Ауаажәларратә палата алахәыла Сократ Џьынџьал иазгәеиҭеит аԥсуааи, ашәуааи егьырҭ аешьаратә кавказ жәларқәеи аӡәыкны ишеидгылаз Аԥсны ашәарҭара ианҭагыла. Иара игәаанагарала, 30 шықәса ирылагӡаны ари аиҿкаара иалшеит «зегь реиҳа ихадароу аус анагӡара – абаза жәлар реидкылара».
Сократ Џьынџьал ицәажәараҿы иаликааит аԥсуа-абаза жәлар ԥхьаҟатәи рӷьацаразы иахьа раԥхьаӡа иргыланы иӡбатәны иҟоу аус ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра шакәу.
«Аҳәаанырцә иҟоу абаза диаспора шә-нызқьҩыла ауааԥсыра аҵанакуеит. Ауаажәларгьы, аҳәынҭқаррагьы доусы ираҭәоу аҩаӡараҿы ирылшо зегь ҟарҵалароуп ҳашьцәа раӷьырак Аԥсныҟа нхара иаарц азы. Ар азҵаара аӡбара 200 шықәса агаргьы ауеит, аха раԥхьатәи ашьаҿақәа иахьа иҟаҳҵароуп», – ҳәа азгәеиҭеит Сократ Џьынџьал.
Аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуаа Аԥсныҟа рырхынҳәра азҵаара аиԥылараҿы иззааҭгылаз ирхадароу акакәхеит. АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ишиԥхьаӡо ала, ари ахырхарҭала алҵшәа ҟаларц азы аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи амчқәа рҽеибырҭароуп. Амҳаџьырқәа рхылҵшьҭарқәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь раагаразы акраамҭа зҭаху аҭҵаарақәа мҩаԥгатәуп, шәарҭарас иацзар зылшо, аекономика аҿиареи аинвестициақәа радыԥхьалареи ирызхәыцны.
«Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәра – еснагь иҳацу хьаауп, зегьы ирыцку ҳусқәагьы иреиуоуп. Уи анагӡара алшоит аҳәынҭқарратә мчрақәеи ауааԥсыреи иааиԥмырҟьаӡакәа рацәажәара амҩала. Ҳаидгылар иаҳзымыӡбо уск шыҟам агәра згоит», – иҳәеит Егзакь.
Анаҩс АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь аиԥылара алахәцәа зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит ражәеи русқәеи рзы, иагьазгәеиҭеит иара аҩаӡара ҳаракны еиҿкаауп ҳәа. Егзакь иажәақәа рыла, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аԥҵара акрызҵазкуа шьаҿахеит аԥсуа-абаза жәлар рхаҭарнакцәа реидкылара аус аҿы. Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы иазгәеиҭеит убасгьы аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ирылагӡаны Аконгресс адунеи иалаԥсоу аԥсуааи абазақәеи еимаздо, зымҽхак ҭбаау еиҿкаарак аҳасабала ахьӡ шарҳаз, хыԥхьаӡара рацәала АААК иазааԥсо аусзуҩцәа рџьабаа ззынархоугьы абаза жәлар ркультуреи рҵас-қьабзқәеи реиқәырхара шакәу.
«Иахьа қәҿиарала иаатуеит аҭыԥантәи, арегионалтә ҟәшақәа, урҭ русура аҵак ду амоуп. Амилаҭ реиқәырхареи реизҳареи ҟалашьа амаӡам ақыҭа аҿиарада: уаҟоуп аԥсы ахьҭоу ҳаҭрадициатә культура. Аҭыԥантәи аҟәшақәа рҿы рҽеидыркылоит активра злоу ауааԥсыра, ак аҟаҵара згәы азыҳәо, урҭ иҳадыргалоит ауаа ирыхәаша уск, нас ҳаргьы ацхыраара раҳҭоит. Уи адагьы, ақыҭақәа рҿы аус ҳуанаҵы ҳара еилаҳкаауеит анхацәа гәыҵхас, гәыӷырҭас ирымоу. Ажәалагьы услагьы ауаа ҳрыцхраарц ҳҽазаҳшәоит. Абасала ҳаидгыланы мацароуп ҳҿаԥхьа иқәгыло ауадаҩрақәа риааиразы зегь реиҳа иманшәалоу амҩақәа шаҳԥшаауа», – ҳәа иажәа хиркәшеит Егзакь.
Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы, Ауаажәларратә палата алахәыла Руслан Ҳашыг ари аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны ажурналистцәа реидгылахь идикылеит агазеҭ «Абазашҭа» аусзуҩцәа – ардектор хада Фардаус Ҟәыли ажурналист Руслан Ҟлычеи.
Фардаус Ҟәыл лколлегацәа рыхьӡалеи хаҭала лара лҟынтә илҳәеит агәахәара ду шылнаҭо Аԥснытәи лколлегацәа дахьыруаӡәкхаз.
«Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ҳахьаднакылаз иҳаҭыр дууп ҳа ҳзы. Агәра згоит ҳаԥхьаҟа аус еицаҳуртә еиԥш аинтерес зцу, ихәарҭоу апроект бзиақәа шаҳзыԥшу. Уи анахыс, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩи аусзуҩцәеи Аконгресс аиубилеи рыдысныҳәалар сҭахын. Аконгресс абзоурала абас ҳаиԥылартә, апрофессионалтә ҩаӡарала аԥсуааи абазақәеи реимадара ҳарӷәӷәартә еиԥш алшара ҳамоуп», – лҳәеит Фардаус Ҟәыл.
Ҳазҭоу 2022 шықәсазы Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс 30 шықәса ахыҵуеит. Аконгресс аҭоурых ахы акуеит 1992 шықәсазы, усҟан Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә адиаспора ахаҭарнакцәа Лыхны еизаны имҩаԥыргеит I-тәи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза жәлар рконгресс. Уи хықәкыс иамазгьы аҽеидкылара акәын – аҭоурыхтә ԥсадгьыл Аԥсны ахьчаразы. Абар уажәшьҭа 30 шықәса раахыс Аконгресс ахыдҵақәа шыҟац иаанхоит: адиаспораҟны ҳауаажәлар реимадарақәа рырӷәӷәара, абаза культура аиқәырхара.
Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII-тәи Аизараду аӡбахә аиҭаҳәара аганахьала адгылара ҟарҵоит: Аԥсуа ҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра, ателеканал «Абаза-ТВ», аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.