23753

Ахәбатәи акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» мҩаԥысуан Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспубликаҿы, Инџьықь-Ҷкәын ақыҭан, ԥхынгәы 21-23 рзы. Афестиваль раԥхьатәи амш аԥсуа-абаза спорттә хәмаррақәа ирызкын.

ЕгзакьСынтәа Ахәбатәи акультуратә-спорттә фестиваль аиҿкаара Аԥсуа-абаза милаҭ рыҿиара ацхырааразы Ассоциациа «Алашара» инаваргыланы иалахәын «Аԥсуа-абаза жәлар рконгрессгьы» (АААК). Убри иабзоураны алахәцәа рхыԥхьаӡара аизырҳара алыршахеит.

АААК Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь иазгәеиҭеит, афестиваль сынтәа раԥхьаӡа акәны ишаҭааз Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа, Ҟабарда-Балкариа рҟынтә аделегатцәа, иалахәхеит иара убас Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәеи, Аԥсныи рделегациақәа.

«Абаза хәмаррақәа рымҩаԥгара ҵакыс иамоу аилкаара мариоуп – абас еиԥш иҟоу аибабара иабзоураны ҳгәалаҟара бзиа еимаҳдоит, иҳазгәамҭаӡакәа еиҳа ҳаизааигәахоит, ҭаацәара дукны ҳҟалоит. Убри алагьы ҳара зегь иаҳҵоит хадара злоу еицаҳзеиԥшу аус амҩаԥгашьа. Агәабзиара, агәамч, аӷәӷәара – традициахоит ҳара ҳзы», – иҳәеит Мусса Егзакь.

Афестиваль еизнагеит шәҩыла ауааԥсыра – аԥсуа-абаза хылҵшьҭрақәа, урҭ ирылшон еиуеиԥшым аспорт хкқәа рҟны рымч ԥыршәарц, иара убас амилаҭ чысқәа ргьамабара, Абаза жәлар ркультуреи рҵас-қьабзқәеи инарҵауланы ргәылаԥшра, аҩызцәа ҿыцқәа рырҳара, рабудцәа ргәалашәара пату ақәҵара, агәалаҟара бзиа аиҩшара.

Абаза жәлар рыхәмаррақәа Ҟарачы-Черқьесиа имҩаԥысуеижьҭеи хәынтәуп. Алахәцәа рхыԥхьаӡареи урҭ ахьынтәаауа аҭыԥқәеи есааира аҽарҭбаауеит, аҳәаанырцәтәи атәылақәеи Урыстәыла арегионқәеи аҵанакуеит.