Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Адискуссиатә клуб аекспертцәеи алахәцәеи аԥсуа-абаза жәлар рмилаҭтә хдырра аиқәырхашьа аформақәа ирылацәажәеит Аконгресс апресс-центр аҟны имҩаԥысыз изаамҭанытәиу аиԥылараҿы.

Шьазина Бганԥҳа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Адискуссиатә клуб еснагьтәи алахәцәеи ааԥхьара зауз аекспертцәеи алацәажәеит аԥсуааи абазақәеи рмилаҭтә хдырра аиқәырхара азҵаара, ирзааҭгылан зҭоурыхтә ԥсадгьыл иқәынхо ауааԥсыра реиԥш, аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаагьы. Абри атема иалацәажәеит нанҳәа 18 рзы имҩаԥысыз аклуб аиԥылараҟны.

Адискуссиатә клуб аҳәаақәҵаҩ Русҭам Занҭариа ааԥхьара зманы аиԥылара иалахәыз аекспертцәа рыхьӡқәа иҳәеит: Аԥсны Жәлар Реизара адепутат, АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба, аетнолог, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Марина Барцыц, Евроеидгыла иҟоу аԥсуа культуратә атташе, Германиа иҟоу аԥсуа диаспора ахаҭарнак Виолетта Рудат-Аҩӡԥҳа, Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аҟны аџьынџьуаа рымадаразы аҟәша аиҳабы Инал Хәытаба.

Адискуссиатә клуб аилатәара астол гьежь аҳасабала имҩаԥысит, излацәажәоз зҵаара хадас иқәгылан аԥсуааи ашәуааи (абазақәеи) рмилаҭтә хдырра аиқәырхара, ажәлар рхеиқәырхара ихадароу афактор аиԥш. Аилацәажәараан иззааҭгылоз аспектцыԥхьаӡа аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа рахь ухьанарԥшуан, амилаҭтә хдырреи уи аҽаарԥшышьа аформақәеи аиҳабацәа рҟынтә аиҵбацәа рахь абиԥарала ианиасуаз. Аекспертцәа зегьы еизыразхеит иахьатәи аглобализациа аамҭазы аԥсуааи ашәуаа рмилаҭтә хаҿра аӡра апроблема даара иҵарны иқәгылоуп ҳәа. Абри мзызс иамоу азы лгәаанагара лҳәеит Евроеидгыла иҟоу Аԥсны акультуратә атташе Виолетта Рудат-Аҩӡԥҳа.

«Егьырҭ атәылақәеи ажәларқәеи рҟынтә ишьҭаҳкааз ахымҩаԥгашьа аԥҟарақәеи аԥсҭазаашьеи акырӡа иҳалаҽит. Еиҳаракгьы Аԥсны аҩнуҵҟа инхо ҳажәлар рыбзазара ианыԥшит уи. Абри зыхҟьаз иалкаау мзызк аҳәара уадаҩуп, избан акәзар ара еидҳәалоу рацәоуп: атәым чысқәа, атәым ашәақәеи акәашарақәеи, тәым бызшәала ицәажәо адәынтәи аӡыргара, акыдҩыларақәа. Аҳәаанырцә инхо ҳдиаспора ракәзар, атәымуаа ирыланхоит аҟынтә рхатәы рцәымӡырц еиҳагьы иахӡыӡаауан, рмилаҭ цәаҩа зыҟәну изакәызаалак ак дмырӡырц иашьҭан. Иҟалап, ихадоу мзызс иҟоу ауаа рхәыцшьа акәзар [Аԥсны ахы иақәиҭны иҟалеижьҭеи абар уажәшьҭа 30 шықәса ҵырц егьагым], аԥсуаа рхатә ҳәынҭқарраҿы рхы иақәиҭны инхонаҵы рмилаҭтә хаҿра ыӡып ҳәа шәарҭарак  рымбозар», - ҳәа азгәалҭеит Виолетта  Рудат-Аҩӡԥҳа. 

Аԥсшәеи абаза бызшәеи рыла ицәажәо рхыԥхьаӡара есышықәса ишагхогьы, аԥсуа-абаза милаҭтә хдырра Аԥсны аҩнуҵҟеиԥш уи анҭыҵгьы еиқәханы иҟоуп, ҳәа иԥхьаӡоит Жәлар Реизара адепутат, АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба. Иара игәаанагарала, амилаҭтә хдырроуп адунеи иалаԥсоу аԥсуааи ашәуааи аӡәыкны еидызкыло ихадараӡоу факторс иҟоу. Хаҭалагьы Гыцба иааигеит 10 шықәса инареиҳаны аԥсуа-абаза диаспора ахаҭарнакцәа рҟны аус иуанаҵы иоуз аԥышәа аҟынтә ҿырԥштәқәак. 

 «Ҳмилаҭтә хдырра бзиаӡаны ишеиқәхаз узырбо акоуп, иаҳҳәап, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭа Каиалар ԥҟараны ишьҭыхны ирымоу:уаҟа еиланхо рахьтә аӡәы иҩны иҭиуазар, уи аазхәар зылшо аԥсуаа мацара роуп. Сара сызлахәаԥшуа ала, амилаҭтә хдырра еснагь аԥыжәара амазароуп», – иҳәеит Гыцба.

Аԥсуа-абаза милаҭ реиқәырхара афактор хадақәа ируакны Инар Гыцба иаликааит аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа иааиԥмырҟьаӡакәа рымадазаара, уи ҳаамҭазтәи атехнологиақәа иалдыршартә иҟоуп. Иахьатәи аглобализациа иаҳнаҭо алшарақәа иахьынӡауа ахархәара рыҭатәуп ҳәа иԥхьаӡоит излаҳахәаша аганахьала.

«Иааҳгап адунеи зегь еимаздо аҳа Аинтернет, уигьы аӡәырҩы иҽеим цәырҵраны иахәаԥшуеит, хәарҭарак злам, ахәыҷқәа ԥхасҭазтәуа акакәны. Аха аинтернет, раԥхьаӡа иргыланы, аимадаратә хархәагак аҳасабалоуп ишазнеитәу, ухы еиҭоуҳәар, ужәлар рыӡбахә адунеи иалаурҵәар ахьулшо платформоуп, урҭ рҭоурых, ркультура, рыбзырӡы ахьеиҭоуҳәаша . Убас иазнеиуа ҳрацәаҩхар ари азҵаараҿгьы зҽызыԥсахуа ҟалоит ҳәа сгәы иаанагоит», - иҳәеит иара. 

Ари аицәажәара лхы алалырхәит аетнолог Марина Барцыц, лара лгәанала, абызшәатә хдырреи амилаҭтә хдырреи акакәӡам, урҭ еилыхны ирыхәаԥштәуп:

«Абызшәатә хдырра  – ауаҩы абызшәа ахьынӡаидыруа аҩаӡара аанагоит. Амилаҭтә хдырра акәзар, уи раԥхьаӡа иргыланы,  – иалкаау амилаҭ ршәарҭадара иадҳәалоуп.   Ухатәы бызшәа шаҟа ихьысҳаны иудыруа аҟара ухәыцшьагьы хьысҳауп, умилаҭ ршәарҭадарагьы уашәшәыроуп, удунеихәаԥшышьагьы убас. Ҳара ҳмилаҭтә хаҿра злашьақәгылаз арҭ еиқәысыԥхьаӡаз ахдыррақәа  мацара рыла акәӡамызт, уа иҟан аетикатә кодексгьы, ауаҩышәара, ааӡара уҳәа убас акыр. Абарҭ ахдырра злашьақәгыло ахәҭақәа зегьы иҳалдыршеит иахьанӡа ахеиқәырхара, тәылас ҳахьынхозаалакгьы. Сара сақәшаҳаҭуп, ҳдиаспорақәа аԥсуа милаҭтә хаҿра хадаратәла аиқәрхара рылшеит ҳәа ара ирҳәаз. Исымҳәаргьы ҟалом, аԥсуаа рыԥсадгьыл аҿы рмилаҭтә хдырра рцәыӡыр уи иацны ишцо абызшәагьы, акультурагьы, аҵасгьы, ақьабзқәагьы», – лҳәеит Марина Барцыц.

Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы Аџьынџьуаа рымадаразы аҟәша аиҳабы Инал Хәытаба игәаанагарала, амилаҭтә хаҿра аиқәырхараҿы ихадароу – Аԥсны жәлар ракзаареи, аҳәынҭқарра ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ирзықәԥоз рҿаԥхьа аҭакԥхықәра аҟазаароуп.

«Иахьанӡа ҳаиқәханы ҳахьыҟоу иахҭнаҳҵаз ҳхаҳмыршҭыр, уи зегьы еилыркааҵәҟьар, усҟан ҳмилаҭтә хаҿра ҳцәыӡӡом. Аха агәра ганы сыҟоуп ахатәы бызшәа аҵара инаваргыланы ҿыц еиҵагыло абиԥарақәа аҭакԥхықәрагьы шрылааӡатәу иахьатәи ҳҳәынҭқарра ашьаҭаркыҩцәа рҿаԥхьа», – ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аклуб еснагьтәи алахәыла, ауаажәларратә еиҿкаара «АМЧ» анапхгаҩы Алиса Ԥачалиа аиԥылара иалахәыз рахь илырхаз ариторикатә зҵаара – амилаҭтә хдырра еиқәзырхар зыхәҭада, иагьышԥанагӡатәу уи аус – ҭакда иаанхеит.

 «Сара сгәанала, ахеиқәырхаразы абригьы-абригьы ҟаҵатәуп ҳәа аҳәара мацара иашаӡам. Ҳмилаҭтә хаҿра аиқәырхара шԥаҳалҳаршо, зышьҭа ҳхылода уи аус аҿы? – абарҭ азҵаарақәа макьана ишаарту иаанхоит», – ҳәа лыԥхьаӡоит Ԥачалиаԥҳа.

Астол гьежь алахәцәа еиқәшаҳаҭхеит аглобализациа аамҭазы амилаҭ хаҿра аиқәырхареи амырӡреи амилаҭтә идеологиа шьақәыргыланы ақәныҟәарала иалшоит ҳәа.  

Аиԥылара ахыркәшамҭаз Адискуссиатә клуб анапхгаҩы Русҭам Занҭариа иазгәеиҭеит анаҩстәи аусуратә еилатәара шымҩаԥысуа уажәтәи аекспертцәа руаӡәк далархәны.  

Адискуссиатә клуб аусура ахырхарҭа хадақәас иҟоуп аԥсуа бызшәа аиқәырхареи аҿиареи, хатәы бызшәала иҩу алитература аларҵәара, аԥсуа-абаза жәлар рҭоурыхтә-культуратә ҭынха аиқәырхара, амилаҭтә ҭҵаарадырра арҿиара, ауаҩышәаратә-етикатә кодекс Аԥсуара аиқәырхара.