19141

Амилаҭтә идеиа ашьақәгылареи, ахатәы бызшәа аиқәырхареи, аԥсуааи ашәуааи ракзаареи, арепатриациеи, аҳәынҭқарра арҿиараҿы адиаспора иааннакыло аҭыԥи дырзааҭгылеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба, АААК аинформациатә портал иаиҭаз аинтервиу аҟны.

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аинформациатә портал иаиҭаз аинтервиу аҟны иазгәеиҭеит иарбанзаалак ажәлар – хыԥхьаӡарала ихәыҷума, идуума – милаҭтә идеиас иамазароуп ҳәа ахеиқәырхареи, изқәынхо рыԥсадгьыл аиқәырхареи.

Ҳаџьымба иажәақәа рыла, ари имариам усуп.

Ҳара рацәак идуум жәларуп, ҳтәылагьы зегьы иреиҳау акы акәым. Аха, ҳара ашәышықәсақәа ҳаргәылсны, иахьатәи амшқәа рҟынӡа ҳааит, уи ашьҭахь абжьаӡра – ухаҿы иузаамго акоуп. Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп, ажәлари амилаҭи раҳасабала ҳаиқәхаразы, иҳамоу алшарақәа зегьы еизырҳаны атәыла қәҿиарала ишьақәгыларц азы», – иҳәеит ахада.

Иара иазгәеиҭеит, Аԥсны уамак идуум ҳәынҭқарраны ишыҟоугьы, иаҭаху аԥыжәарақәа зегь шҳамоу, иара убас агеографиатә ҭыԥ бзиеи, ҳтәыла инагӡаны ишьақәгыларц азы аусура азхиареи.