Амениу
2 Ԥхынҷкәын 2024
17:58
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Арепатриациа

02.07.2019 18:50 Аԥсны 45618
Ҭырқәтәылеи Иорданиеи инхо аԥсуа ҭаацәарақәа рҟынтә 70-ҩык ахәыҷқәа ԥсшьара ҳәа Аԥсныҟа иааит 

Ҭырқәтәылеи Иорданиеи инхо аԥсуа хәыҷқәа ԥсшьара ҳәа Аҟәаҟа иааит. Дара рныҟәара еиҿнакааит Аԥсны арепатриациазы аминистрра. 

10.04.2019 14:30 Ахаҭарақәа 21689
Ҳаири Қәҭарба: ҳабацәа аԥсыуала рхы мҩаԥыргон, убри ауп ҳара ҳзааӡазгьы

Зшьам дгьыл иацәыхараны ииз, аха аԥсуара атрадициақәа рыла иааӡоу, 14 шықәса раԥхьа зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара ҳәа иааз ҳџьынџьуаҩ хазына – ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ Ҳаири Қәҭарба 60 шықәса ихыҵра аҽны АААК аинфопортал ишәыднагалоит иара изку аочерк.

10.09.2018 14:35 Авидеонҵамҭақәа 19237
Ҳаџьымба: милаҭк аҳасабала ҳаиқәхаразы иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп

Амилаҭтә идеиа ашьақәгылареи, ахатәы бызшәа аиқәырхареи, аԥсуааи ашәуааи ракзаареи, арепатриациеи, аҳәынҭқарра арҿиараҿы адиаспора иааннакыло аҭыԥи дырзааҭгылеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба, АААК аинформациатә портал иаиҭаз аинтервиу аҟны.

10.09.2018 13:25 Аҿцәажәара 20154
Ҳаџьымба: ҳашьцәа ҳаламырхәӡакәа аҳәынҭқарра аргылара ҳцәыуадаҩхоит

Амилаҭтә идеиа ашьақәгылареи, аԥсуа, абаза бызшәақәа реиқәырхареи рыҿиареи, иара убас адиаспора аҽамадара арӷәӷәареи ртәы еиҭеиҳәеит Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба, АААК апортал иаиҭаз аинтервиу аҟны.  

Акәашара, ацәыргақәҵа, ачча-хәмарра: АААК аделегациа Ҭырқәтәыла раҭаара шымҩаԥысыз

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахада Мусса Егзакьи, Аконгресс анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцбеи Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа-абаза диаспора ирҭааит

09.05.2018 14:25 Ажәабжьқәа 19630
АААК аделегациа Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза диаспора ирҭааит

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресс (АААК) ахада ҿыц Мусса Егзакьи, ахеилак анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцбеи раԥхьатәи рҳәаанырцәтәи аныҟәара мҩаԥысит Ҭырқәтәыла лаҵара 5 инаркны 8 рҟынӡа. Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа (Аԥсуафед) аиҳабацәа официалла рԥыларақәа рыдагьы, аныҟәара апрограммаҿы иарбан атәылаҿы аус зуа аԥсуа культуратә центрқәа инарыгӡоз аусмҩаԥгатәқәа рҭаарагьы.

23.03.2018 20:00 Аԥсны 20923
Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы 25-шықәса ахыҵра азгәарҭеит Аҟәа

Ахәаша, хәажәкыра 23 рзы Аԥсны иазгәарҭеит Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аԥҵоижьҭеи 25-шықәса аҵра иазку аиубилеи. Арҭ ашықәсқәа ирылгӡаны ԥшь-нызқьи бжаки инареиҳаны ҳџьынџьуаа рыԥсадгьыл ахь нхара ҳәа ихынҳәит. 11 нызқь раҟара ироуит Аԥсны атәылауаҩра.