Аӡҩыбжьа ақыҭа активистцәа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ацхыраарала аҭыԥантәи абаҳча арԥшӡара иацырҵоит.

Саид Барганџьиа

Аӡҩыбжьа анхацәеи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси еицхырааны еиҭашьақәдыргылоит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху ақыҭаҿтәи апарк. Ари апарк еиҿкаан 1974 шықәсазы, Гәлиа ишәышықәсахыҵра инадҳәаланы. Аха уажә ааигәанӡа акыраамҭа нап адкыламкәа иҟан.

Ақыҭа актив ирхаҭарнаку, Аӡҩыбжьа иҟоу АААК аҭыԥантәи аҟәша ахантәаҩы Алхас Кациа еиҭеиҳәеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы апарк аиҭашьақәыргыларақәа шцо 2014 шықәсазы иаԥҵаз афонд «Аӡҩыбжьа» амчала. Афонд алахәцәас иҟалеит ақыҭа активистцәа, арҵаҩцәа, иара убас ақыҭа иалҵыз анаплакцәа. Афонд «Аӡҩыбжьа» аусура хырхарҭа хадас иамоуп асоциалтә инфраструктура арҿиара, аспорт аларҵәара, аҿарацәа аспорт радыԥхьалара, иааидкыланы ақыҭан аспорттә мчхара аизырҳара. Кациа иазгәеиҭеит, афонд аԥсы шҭоу уи алахәцәа есышықәса иҟарҵо аԥаратә лагалақәа рыла.

«Афонд иабзоураны, нас ақыҭа аҿарацәа рыцхыраарала апарк аҿы алашара неиуа иҟаҳҵеит, анапылампыл асырҭа дәы еиҿкаан. 2017 шықәсазы ҳхықәкы хада анагӡарахь ҳаиасит – ашьапылампыл маҷ асырҭа дәы аргылара. 2019 шықәса ахыркәшамҭаз адәы маҷ архиара ҳаалгеит. Уи зыхьӡ ахугьы Асовет Еидгыла зҽаԥсазтәыз аспорт азҟаза, ҳқыҭа иалҵыз Владимир Маан иоуп», – ҳәа еиҭеиҳәеит активист.

Иара иҳәеит убасгьы, 2019 шықәсазы ақыҭан ишеиҿкааз Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Аҭыԥантәи аҟәша. Афонд «Аӡҩыбжьа» анаҩсгьы апарк аус адулара иацнаҵарц агәы ишҭоу анеилыркаа, Аконгресс ахаҭарнакцәа ақыҭауаа ҳшәыцхраауеит ҳәа рарҳәеит.

«Аконгресс апроект ҳаднагалеит – апарк аҵакыра зегьы арԥшӡашьа аконцепциа ахьарбаз. Ҳақәгәыӷуеит ԥхьаҟагьы ҳагәҭакқәа рынагӡараан Аконгресс ацхыраара ҳаулап ҳәа. 2020 шықәсазы ҳгәы иҭоуп ҳаамҭа иақәшәо ахәыҷтәы хәмарырҭа дәы еиҿаҳкаарц. Ҳара иаҳҭахуп аԥсшьара аамҭа гәахәарыла иахьухугаша аҭыԥ аԥҵара, зхаҭабзиара ҳараку аспорттә инфраструктуреи ҳамҭазтәи адизаини рыла ирбеианы», – ҳәа иажәа хиркәшеит Алхас Кациа.

Апарк апроект азлырхиеит Москва инхо ҳџьынџьуаҩ Наала Ламиаԥҳа (еицырдыруа аԥсуа поет, ауаажәларра-политикатә усзуҩ, 15 шықәса инареиҳаны Аԥсуа-абаза жәлар рассоциациа (иахьатәи АААК) амаӡаныҟәгаҩ хадас иҟаз Геннадия Аламиа иԥҳа – аред.).

«Аӡҩыбжьа ақыҭауаа рыԥсшьараамҭа ахьырхыргаша баҳча хәыҷык рымазар шырҭаху атәы сара исаҳаит Гета Арӡынԥҳа лҟынтә (АААК Аҳәса рхеилак анапхгаҩы – аред.). Абри азҵаара аганахьала сгәаанагара зеиԥшроу сҳәарц дсыҳәеит. Сара абри апроект хәыда-ԥсада нап аркра сақәшаҳаҭхеит, уи азы схатәы мзызқәагьы сымоуп. Раԥхьаӡа инаргыланы, сыԥсадгьыл ахаҿра арԥшӡараҿы, имаҷзаргьы, сыхәҭалагала аҟаҵара ахьсылшо даара сгәы иахәоит. Иҩбахаз, иаахҵәаны иуҳәозар, аҵакырадгьыл аҿиара аконцепциа – ахарџь маҷымкәа изқәу акоуп, аԥсуаа ҳабжьара ус еиԥш аԥара ашәара иазыхиоу рацәаҩӡам. Убри аҟнытә ари аус аганахьала аԥара агара зынӡа схахьгьы имааит», – ҳәа лҳәеит адизаинер.

Аидеиа ашьақәыргыларан апроект автор, лара лхаҭа ишылҳәо ала, идырны дрыцәцеит зегь зышьцылахьоу астандартқәа.

«Убас еиԥш аидеиа соуит абаҳча акалҭқәа еиҟарамкәа, цәаҳәа хәахәала инсыжьырц, насгьы ахаҳәҟьаԥсқәа рыбжьара ашьац ауаа иҟаларц азы. Ахаҳәҟьаԥсқәа ашьац иаҵәара иалаӡуа иҟалоит. Акрызҵазкуа моментуп убасгьы иԥсабаратәу амаҭәашьарқәеи иԥсабаратәу аԥшшәқәеи рхархәара», – ҳәа азгәалҭеит Ламиаԥҳа.

Апроект ала, ахәыҷқәа рыхәмарырҭагьы иуаркалеиуа аԥшшәқәа рыла ихырҷахом. Автор илҳәеит ус зылыӡбаз.

«Ахәыҷқәа аԥшшәы уаркалеиқәа лымкаала бзиа ирбоит ҳәа ԥхьаӡоуп, аха уи ус акәым. Ахәыҷқәа рзы акраҵанакуеит иԥсабаратәу аматериалқәа рнырра, ахәмаргатә маҭәахәқәа рҟнеиԥш ачаԥараҿгьы. Убри аҟнытә сыпроект аҿы убла хызкуа апластик иалху акгьы азгәасымҭаӡеит», – ҳәа ацылҵеит адизаинер.

Лара илҳәеит убасгьы, апарк аҿы иҟало аҟәардқәеи атәарҭақәеи иахьынӡауа имарианы еибыҭазаауеит ҳәа, «аҭыԥантәи аҟазацәа уадаҩрада иҟарҵартә еиԥш».

Аӡҩыбжьа ақыҭан Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҭыԥантәи аҟәша аартын 2019 шықәса аӡынразы. Убри аахыс ақыҭанхацәеи Аконгресс ахаҭарнакцәеи еилаҵәаны аус еицыруеит.