АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь Урыстәыла ауааԥсыра Жәлар ракзаара амш рыдиныҳәалеит.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь Урыстәыла ауааԥсыра Жәлар ракзаара амш рыдиныҳәалеит. Адныҳәаларатә шәыҟәқәа ишьҭит иара убас Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика ахада Рашьыд Темрезови, Адыгатәыла ахада Мураҭ Кумпилови, Ҟабарда-Балкариа ахада инапынҵақәа назыгӡо Казбеқ Кокови рыхьӡала.

«Ари Урыстәыла иқәынхо амилаҭқәа зегьы еидызкыло ныҳәоуп, иҵаулоу аҭоурыхтә, адоуҳатә дацԥашәқәа амоуп. Иара азгәарҭоит 1612 шықәсазы имҩаԥысыз, Урыстәыла аҭоурых аҿы илахьынҵаӡбагахаз ахҭысқәа раҳаҭыр азы, усҟан Урыстәыла ажәларқәа ракзаареи, рапатриотизмреи ирыбзоураны рзеиԥш ԥсадгьыл ахьыԥшымра рыхьчеит, рҳәынҭқарра ашьаҭақәагьы дырӷәӷәеит», – ҳәа аҳәоит адныҳәаларатә шәҟәы.

Егзакь излаиԥхьаӡо ала, Урыстәыла ауааԥсыра иахьа иаадырԥшуа реидгылареи, рҳәоуеиқәшәареи ирыбзоурахоит ԥхьаҟатәи аҳәынҭқарра аԥеиԥш, атәыла адунеи аҿы аԥхьагыларатә ҭыԥқәа раанкылараҿы еиԥш, ауаажәларра рыԥсҭазаара аиӷьтәраҿгьы.

Иара иациҵеит аидгылара шакәу иарбан жәларызаалак хыхьчагас, ԥхьаҟа цагас ирымоу, акзаараҿоуп милаҭрацәала еибарку Урыстәыла жәлар рымчгьы ахьҭоу.

Урыстәыла Жәлар ракзаара амш азгәарҭоит есышықәса абҵарамза 4 рзы, 2005 шықәса раахыс. Ари аҳәынҭқарратә ныҳәа шьақәыргылоуп Урыстәыла аҭоурых аҿы акрызҵазкуа ахҭыс – польшатәи аинтервентцәа рҟынтә Москва ахақәиҭтәра аҳаҭыразы, иагьадҳәалоуп Анцәа Иан Казантәи лсахьа лаша иазку аныҳәа.