Анхаҩы иҭаацәараҿы ииз, изызҳаз аҷкәын аҵара ду аҵара игәы азыҳәон, уи амҩала ицаз акыр атәылақәа дырҭааит, иилахьынҵахашаз аҭыԥҳа Абжьара Азиа дибан Ефиопиаҟа дигеит. Адипломат Григори Шәлымба имаҵуреи иԥсҭазаареи рылацәажәара иҟазшьамызт, аха ҳара даҳгәалашәоит, иӡбахәгьы еиҭаҳҳәоит.
Асҭанда Арӡынԥҳа
Григори Шәлымба – Аԥсны иалҵыз асовет дипломат, диит 1912 шықәсазы Гәдоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан анхаҩы иҭаацәараҿы. Дшыхәыҷӡаз аҷкәын диеҭымхеит, зны ианду длааӡон, уи лыԥсҭазаара даналҵ – иаҳәшьа ду. Акруцәа ирыгәҭылакыз, ақыҭан изызҳауаз Грышьа илахьынҵа иқәлацәа зегьы ртәы еиԥшхар акәын ҳәа иахәаԥшуан дызлаз ауаа. Иаҳәшьадугьы махәҿыла акрурада даҽа ԥеиԥшк лбо дыҟамызт иара изы. Аха Григори иаԥхьаҟа ахҭыс дуқәа изыԥшын, ихараз Африка Ефиопиа аҳаракырақәа дрықәԥшраны дыҟан, аполитикцәа ахьеизоз аишәачарақәа еиҿикаауан. Ари зегь ԥхыӡ ибаргьы ихаиҵомызт даныхәыҷыз. Нас ишԥаҟалеи иалшартә?
Агәырцҟәыл злаз, имаашьоз аҷкәын
Ҽнак зны Грышьа ианшьа Манча Арӡынба аҷкәын даашьҭыхны рҭынха Даҭа Гагәлиа иахь дигеит Лыхны. Аҩнаҭа аиҳабы ахәыҷқәа аҵара дырҵаразы – ҩыџьа иара иԥҳацәеи, Грышьеи, иашьа иԥаки – аурыс берԥҳәыс дааиԥхьеит, лара урысшәала аҩышьеи аԥхьашьеи, аматематикеи длырҵон.
Грышьа аҵара даара ицааиуан, игьигәаԥхон. Хара имгакәа иара Гәдоуҭатәи аԥсуа школ даанахәеит, 15 шықәса анихыҵуаз аҟыбаҩ змоу аҵаҩы иаҳасабала Аҟәа иҟаз еицырдыруа Ашьхарыуаа рышкол ахь дрышьҭит, уаҟа аҩбатәи акласс аҿы дтәеит. Ари ашкол аҿы а-Шәлымба ҷкәын хәышықса аҵара иҵон, анаҩс Аԥснытәи Наркомпрос (арккара азҵаарақәа знапы ианыз жәлар ркомиссариат – азгә.) Ленинградҟа (иахьатәи Санкт-Петербург) ддәықәнаҵеит. Уа дахьнеиз зны Ленинградтәи аҳәынҭқарратә университет иатәыз (иахьа – Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә университет – азгә.) акруцәа рфакультет дҭалеит (анхацәеи егьыс зхатә џьабаала зхы ныҟәызгози иреиҳаӡоу аҵара рҭаларазы иаарласны иазыҟазҵоз афакультет – азгә.), анаҩс иара уи аҵараиурҭаҿы аҭоурыхтә факультет дҭаланы далгеит.
Ухаҿы иузаамго лабҿаба уанақәшәо
Григори Шәлымба изкны иҩу астатиақәа маҷуп, аинтернет аҟынгьы иӡбахә ахьаҳәо анҵамҭақәа акык-ҩбак ракәымзар иуԥылаӡом. Иара ихаҭа иԥсы ахьынӡаҭаз ажурналистцәа рҟны даараӡа имаҷны иҿахәы иҳәеит. Аха гәаартыла иҳәон данқәыԥшыз дзызгәышьуаз аҵараиура мацара шакәыз, уи еиҳаз акагьы иԥхыӡгьы ишаламыз. Аҵара аниҵа ашьҭахь иԥсҭазаара шааҳәыз ахаангьы ихаҿы изаагомызт.
Иҟалаз уи ауп, 1940 шықәсазы иҵара аныхиркәша, Ленинградтәи аҳәынҭқарратә университет абжьгарала Москва иҟаз Иреиҳаӡоу Адипломатиатә Школ даанахәеит, Асовет Еидгыла Адәныҟатәи аусқәа рзы жәлар ркомиссариат иатәыз. Абасала аҳҭнықалақь ахь диасуеит. Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аналага афронт ахь дцеит, аха ддыргьежьит: Адипломатиатә школ астудентцәа аброн рыман. Дара зегь ааидкыланы Узбекистан ақалақь Фергана иргеит. Иара уброуп Григори иаԥхьаҟа ԥҳәысс иигараны иҟаз, 19 шықәса зхыҵуаз аҭыԥҳа Анна дахьибаз. Иԥсы ахьынӡаҭаз лара арӷьажәҩас дивагылан, зегь реиҳа изааигәаз хатә ҩызас диман, ԥшьыҩк ахшара рааӡеит.
Амаҵурахьы инеира
Григори Шәлымба Адипшкола даналга, Асовет Еидгыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Мрагылара Ааигәа аҟәша ареферентс дҟалеит. Ари амаҵураҿы аус иуан 1945 шықәсанӡа, усҟан иара Ефиопиа иҟоу Асовет Еидгыла Амиссиа (ацҳаражәҳәарҭа) актәи амаӡаныҟәгаҩс дҟаҵан. Ари атәылаҿы даара акыр ауадаҩрақәа ихигеит, изыдҳәалазгьы аусура ахаҭа ахьыцәгьаз акәӡамызт.
Григори Шәлымба ЦК КПСС апартиатә хылаԥшра акомитет ахантәаҩы Борис Пуго иахь инаишьҭыз арзаҳал аҿы иҩуан: «Усҟантәи Қырҭтәыла аҵара аминистр (анарком) Кикнаӡе адәныҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵан. Ҽнак зны Кикнаӡе икабинет ахь снеиԥхьеит (Мрагылара Ааигәа аҟәшаҿы). Аԥсшәа аасеиҳәан дсазҵааит, Асовет Еидгыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь сышԥананагеи ҳәа. Анаҩс сицны Қырҭтәылаҟа сцарц сыдигалеит. Сара сазыразымхеит. Дук мырҵыкәа акадрқәа рхылаԥшҩыс иҳамаз Силин М. А. иахь исыԥхьеит, уи зназы сыгәшәымшә иҳәарц аԥшьигеит, аха нас иаахжәаны дсацәажәан иажәа далгеит».
Кикнаӡе акыраамҭа иҽазишәон Григори Шәлымба Қырҭтәылаҟа иахгара, дагьиқәмақаруан – уақәшаҳаҭымхар уара иузеицәахоит ҳәа. Уи аҿгьы даанымгылеит. Григори игәы иҽанӡамкәа Азербаиџьантәи ССР Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь дрышьҭит. Адипломат қәыԥш убранӡа днаргеит, хатәгәаԥхарала смаҵура шаансыжьуа ҳәа арзаҳал иҩит Асовет Еидгыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Деканозов ихьӡала. Уи изакәызеи ҳәа Григори даниазҵаа, иҟаз анеиликаа, ажәа ииҭеит Азербаиџьанҟа ишьҭразы ақәҵара шаԥыххо, иҭыԥаҿы аусура шациҵо азы.
Аддис-Абеба асовет миссиа
Григори Шәлымба Ефиопиа ишьапы ықәиргылеит 1945 шықәса цәыббрамзазы, дагьынхеит ари африкатәи атәылаҿы 1949 шықәса лаҵарамзанӡа. Аԥхьа Аддис-Абеба иҟаз Асовет Еидгыла Амиссиа (Ацҳаражәҳәарҭа) актәи амаӡаныҟәгаҩс, анаҩс аамҭалатәи агәрага иаҳасабала (зегьы иреиҳау амаҵура, иахьатәи Ацҳаражәҳәаҩ диваҟәылон). Усҟантәи аамҭазы Асовет Еидгыла егьырҭ атәылақәа рҿы асоциализм аларҵәара акурс иқәныҟәон, агуманитартә, зны-зынла арратә цхыраарагьы рынаҭон.
Ефиопиа – ауааԥсыра рхыԥхьаӡарала Африка аҩбатәи аҭыԥ аҿы игылан, аха аԥсҭазаара даара ицәгьан. 1936 шықәсазы атәыла италиатәи афашистцәа ирымпыҵархалеит, ԥшьышықәса рышьҭахь ауп урҭ рахцара аналыршаха. Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра ахыркәшамҭаз Ефиопиа атәылауаа зегьы даара иӷарны инхон, аҵарагьы рымамызт, ахәыҷқәеи асабицәеи рацәаҩны иԥсуан. Аҳәынҭқарра дахагылан аимператор Хаиле Селассие I: аҵыхәтәантәи Ефиопиа аимператор, еицырдыруа аҳ Соломон иабиԥара ирхылҵшьҭраз. Григори Шәлымба уи иԥеиҳаб – апринц Амха диҩызахеит. Аимператор иҭаацәа лассы-лассы адипломати уи иԥҳәыси ааԥхьара рырҭон асас дахьцәа ахьеизоз рыхәылԥазқәа рахь, дара рхаҭақәагьы изныкымкәа асовет дипмиссиа исасцәаны иаҭаауан.
Григори Шәлымба инапхгарала асоветуаа Аддис-Абеба усҟантәи аамҭа иақәшәоз ахәышәтәырҭа дыргылеит. Иара уи ахәышәтәырҭаҿы иит Григори Сергеи-иԥа иԥеи иԥҳаи аиҳабацәа. Асовет миссиа аусқәа ныҟәигонаҵы адипломат дырҭааит Мысра (Египет), Иран, Италиа, Ватикан.
1991 шықәсазы агазеҭ «Республика Абхазия» ианылаз Григори Шәлымба изку астатиаҿы ҳаԥхьоит: «Ацҳаражәҳәарҭаҿы аҭыԥантәи ауааԥсыра рҟынтә аӡәырҩы маҵуҩцәас аус руан. Аҷкәынцәа руаӡәы Григори Сергеи-иԥа афранцыз бызшәа иирҵеит, аҩышьагьы аԥхьашьагьы. Акыршықәса рашьҭахь уи Москва данаҭаа, ирҵаҩы диԥшаарц иақәикит, аха иара уи аамҭазы ахара идны дыԥхьаӡан. Иаҳагьы иусқәа ирцәагьар ҳәа дшәаны Ефиопантә иааз ахаҵа иԥшаарақәа дырҟәаҵит. Абри атәы еилкаахеит акыраамҭа ҵхьаны, Григори Шәлымба дандыриаша ашьҭахь».
Харада ахара здыз
1949 шықәсазы Григори Шәлымба Москваҟа даарыԥхьан, дызлаҟамыз ала ахьӡ ихырҵеит.
«Асовет Еидгылахь саныхынҳә ахара сыдырҵо иалагеит, сызлаҟамыз ала исыхцәажәон, уи сара сзақәшаҳаҭхомызт, избан акәзар исхараз ҳәа акагь ыҟаӡамызт», – ҳәа игәалаиршәон Шәлымба.
Григори Сергеи-иԥа ахара идырҵеит англыз агент Аветис Терзиани иареи аусқәа еицрыман ҳәа, иара уи Ефиопиа иҟаз Ермантәыла акомитет аофициалтә хаҭарнакс дыҟан, егьырҭ акомитет алахәцәа дрыгәҭылакны Асовет дипмиссиа ахәылԥазқәа рахь ааԥхьара ирҭон. Дара Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду аан афронт ахь ацхыраара ашьҭра еиҿызкаауаз ируаӡәкны ирыхәаԥшуан. Иара убас Шәлымба ихарартәит «ауаҩԥсы аӡәы ҳәа ицәыӡра», иҟалаз уи ауп – Аддис-Абеба аус зуаз асовет хәышәтәырҭа амедеиҳәшьа аҭыԥантәи аиталиан диццан, ефиопиатәи аиҳабыра шьҭахьҟа лыԥсадгьыл ахь доурмыжьҭӡеит.
Григори Шәлымба иус иахәаԥшуан Асовет Еидгыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлегиаҿы, аминистр Андреи Вышински инапхгарала, уи ауаҩ иҵыхәала иахьазы мҩашьарада еилкаауп Асовет Еидгыла имҩаԥнагоз арепрессиақәеи арӡрақәеи ирылаҟьашьыз ауаа раԥхьагылаҩцәа дшыруаӡәкыз. Анаҩс акомпартиа аколлегиаҿгьы Шәлымба иус рыӡбон. Аӡбақәҵа иаҳәоз акакәын – имаҵура иамхра, апартиа иалцара.
«Ақырҭшәа зыумҵеи?»
1949 шықәса аԥхынразы Григори Шәлымба иҭаацәа иманы Аԥсныҟа дааит. Гагра инхеит, уаҟа ашкол аҿы аҭоурых арҵаҩыс аусура далагарц игәы иҭеикит.
«Гагра араион Аҵара аҟәшаҿы схы дсырбеит. Аҵара аҟәша аинспектор дсазҵааит қырҭшәала сцәажәома ҳәа. Мап анысҳәа, иџьашьаны избан ҳәа деиҭасазҵааит. Ус иасҳәеит, Аԥсны сахьынӡаҟаз аԥсшәа акәын исҵоз, егьырҭ амаҭәарқәа урысшәала ҳархысуан ҳәа. Хә-класск санрылга Ленинград сҵара иацысҵон, иреиҳаӡоу аҵараиурҭагьы иара уа салгеит», – ҳәа уи ахҭыс дахцәажәон Григори Сергеи-иԥа.
Уи аиҿцәажәара алҵшәагьы иара изы иманшәаламхеит: «Уахьааз уцароуп, Урыстәылаҟа – аҵара ахьуҵоз» ҳәа изынарыцҳаит.
Шәлымаа шынҭаацәаз ҩаԥхьа Москваҟа игьежьит, уаҟа азныказы Григори азауад аҿы аусура далагеит, аамҭак ашьҭахь иԥҳәыс лџьынџь Абжьаратә Азиахь нхара ииасит. Уаҟа Ферганатәи аобласт ақалақь Иаипана уаанӡа идипломатыз ахаҵа ашкол арҵаҩыс дҟалеит, иара уи ала ичахә ирҳауан. Сталин даныԥсы ашьҭахь, ихаҭаратә культ анаҿаԥырҽ, 1955 шықәсазы Григори Шәлымба Аԥсныҟа аара азин ирҭеит, даҽа шықәсык ашьҭахь дагьдыриашеит. Адипломат идыргалеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ҩаԥхьа иҭыԥ аҿы дшьақәдыргыларц, аха иҟақәаз зегь рышьҭахь уаҳа иҭахымхеит, мап икит.
Аԥсны анхара
Григори Сергеи-иԥа тәанчара дцаанӡа Гәдоуҭа араион ашколқәа рҿы аус иуан. Гәдоуҭатәи аа-классктәи ашкол адиректорс дыҟан, анаҩс Актәи аԥсуа школ дахагылан, уи ашьҭахь Џьырхәатәи ашкол адиректорс аус иуит 1986 шықәсанӡа.
1960 шықәсазы Григори Шәлымба апартиаҿы дшьақәдыргылеит. Ари ахҭыс даара акраҵанакуан иара изы. «Знызаҵәыкгьы ажәахәахәак сганахьала аӡәы имҳәацызт, ныӡбарак сымамызт апартиеи акомсомоли сахьынӡарылаз, 1927 шықәса инаркны 1931 шықәсанӡа», – ҳәа иҩуан Григори инысымҩа иазкны.
Григори Шәлымба имоҭа Зураб Бжьаниа иабду даара иаамысҭашәаз, аҽырбабара зламыз уаҩын ҳәа дихцәажәоит, ахаангьы зҵареи зкариереи ирмылаҽхәоз. Ауаа рҿы ҳаҭыр ду иқәын, ус еилыргатәыс измаз иара изцон, иажәа ҟәыш иадҵаалон. Григори Сергеи-иԥа иԥсы ахьынӡаҭаз имаҵура рацәак далацәажәомызт адипломат иаша ишиаҭәоу еиԥш.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.