Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа антропологиеи аетнографиеи рмузеи (Кунсткамера) аҟны имҩаҧысит аҧсуа репатриантцәа Шьамтәылантәи рырхынҳәра иазкыз асеминар. 

Аусмҩаҧгатә аҿы дықәгылеит Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс аинформациатә политикеи акоммуникациақәеи рхырхарҭа анапхгаҩы, Афонд «Ишьхатәылоу Аҧсны» аиҳабы Ҭенгиз Ҭарба. 2012-2017 шықәсқәа рзы Ҭенгиз Ҭарба Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациатә ҟәша напхгара азиуан, хаҭала далахәын еибашьуаз Шьамтәылантәи ҳџьынџьуаа рырхынҳәра. Анапынҵа ҷыдақәа рзы Ацҳаражәҳәаҩ, 1 акласс змоу Абжьгаҩ Ҭенгиз Ҭарба 5 шықәса рыҩныҵҟа Аахыҵ-Кавказ аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи ирызку Женеватәи аиҿцәажәарақәа дрылахәын (15 раунд), далахәын ахҭысқәа рҧырҟәҟәаареи рақәҿыҭреи рзы жәларбжьаратәи амеханизм, 2016 шықәсазы ацифратә дипломатиа ареитинг (Digital Diplomacy Rating) аҿы Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра 210 ҳәынҭқарра ахьыҟаз, 91-тәи аҭыҧ аҿы ианиҵеит, убри аан ираҧыргеит Португалиа, Китаи, Иҿыцу Зеландиа, уҳәа егьырҭ аҳәынҭқаррақәа.

«Раҧхьаӡа иргыланы иҭабуп ҳәа ласҳәарц сҭахуп Урыстәыла аҭҵаарадыррақәа ракадемиа антропологиеи аетнографиеи рмузеи Кавказ аетнографиа аҟәша аҵарауаҩ хада Макка Албогачиева. Уи лаҧшьгара иабзоураны, 11 шықәса раҧхьа иҟалаз ахҭысқәа сгәалашәан, абри аматериал азсырхиеит.

Инаҳагӡаз аус ду иадҳәалоу акьыҧхьымҭақәа аинтернет аҿы рыҧшаара саналага, аламаламзар акгьы шанымыз еилыскааит. Убри аан, Аҧсны имҩаҧнагеит адунеитә ҩаӡара змаз агуманитартә операциа ҷыда: 2013 шықәсазы 540-ҩык инарзынаҧшуа аҧсуаа атәылауаҩратә еибашьра зхаҧаз Шьамтәыла иалҵны, рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь ихынҳәит. Ари аус амҩаҧгаразы аҧшьгамҭа ҟарҵеит Аҧсны ауаажәларра. Атәыла Ахада адәныҟатәи аусқәа рминистрра иадиҵеит агуманитартә акциа амҩаҧгара. Уи нагӡашьа амамызт Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Шьамтәыла иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭеи рыцхыраарада. 2013 шықәсазы агазеҭ «New York Times» иаҩуеит «...иазхьаҧшыз маҷҩуп, аха мҽхакыла идуум Аҧсны аибашьра иамҽханакыз Шьамтәылантәи  аџьынџьуаа ралгаразы ауникалтә ҟазшьа змоу агуманитартә операциа мҩаҧнагеит...». Урыстәыла анапхгара изларылшоз ала иҳацхрааит. Усҟан, еибашьуаз Шьамтәылантәи аолимпиатә Шәачаҟа уамак рыбжьамҵакәа иҧырны иааит аҳәсеи ахәыҷқәеи рыла иҭәыз аҳаирапланқәа ҩба. Ауаажәларреи аҳәынҭқарреи ракзаара иалнаршеит Шьамтәыла инхоз ҳашьцәа реиқәырхара».

Архынҳәра аус ҩ-етапкны аҽашеит. 

Ҳара иаҳбон Шьамтәыла маҷ-маҷ аибашьра амцабзқәа ишрыхәлабгоз, иаҳдыруан уаҟа ҳџьынџьуаа шыҟаз. Адәныҟатәи амчқәа злахәу аҩныҵҟатәи аполитикатә кризис Шьамтәыла зегьы шамҽханакуеи, уи акризис ҭынч мҩала аӡбара шалымҵуеи анеилкааха, Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аилак ахыбра аҽаҧхьа Аҧсны ауажәларра имҩаҧыргеит аҭынч митинг. Зегь раҧхьа иргыланы иаҳгәалаҳаршәароуп ари апроцесс активла зхы алазырхәыз Ҭенгиз Агрба. Ауаа ирыларҳәеит аҳаирапланқәа рышьҭразы аҧара шеизгахо, атәыла анапхгара ауаажәларра ирыдгылеит. Ари аус даара иуадаҩын, еилкаахеит аҳәынҭқаррабжьаратәи аҩаӡараҿы ишыӡбатәу. Ауаажәларра еизыргаз аҧара рыхҭнырҵеит ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рыҧсадгьыл аҿы аҧсҭазаара рашьырцылареи егьырҭ абзазаратә ҭахрақәеи.

Аҧсны аиҳабыра ирыӡбеит атәылеи аҧсуа культуратә центрқәа Рфедерациеи рхаҭарнакцәа рыла ишьақәгылаз агәыҧ Шьамтәылаҟа ирышьҭырц. Аханатә уахь ицеит: Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Зураб Адлеиба, Ҭырқәтәылеи Иааигәоу Мрагылареи рыҟәша аиҳабы Инар Гыцба, Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩы Феридун Аҟәысба. Агәыҧ ахаҭарнакцәа хықәкыс ирыман аҭагылазаашьа ахәшьара аҭаны, зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахь ахынҳәра зҭаху рсиа аиқәыршәара. Урҭ адыррақәа хымҧадатәиын, избанзар иалдыршон ҳџьынџьуаа Шьамтәыла ралгара аплан ашьақәыргылара.

Ҳмиссиа анагӡаразы ҳрыҿцәажәон Ливантәи авиакоманиа Middle East Airlines, ҩ-ҳаирапланк рымҩаҧсазы ҳаилаӡеит. Уи адагьы иӡбатәын азҵаарақәа жәпакы: фрахтла иаҳгаз аҳаирапланқәа Урыстәыла ажәҩан алаларазы азин рыҭара, ажәҩан иахьалалои иахьалҵуеи аҭыҧқәа рзы аилаӡара, аҳаираплан амҩа ахсааларбара, артәареи амаҵ ауреи, Шәачатәи аҳаиртә баӷәазаҿы иҧырны иаауаз аҳаирапланқәа адкыларатә еихшанҵа ашьақәырӷәӷәара. Иара убасгьы ҳџьынџьуаа ирыҭатәын Урыстәыла иалсны ацара азин рызҭоз авизақәа. Арҭ аҳасабтәқәа рынагӡаразы аҽадцалара аарҧштәын, иаҭахын Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра аус ацура. Ҳџьынџьуаа реиқәырхара аплан иацклаҧшуан атәыла Ахадеи Аҧыза-министри. Уи аамҭазы Аҧсны Ахадас дыҟан Алеқсандр Анқәаб, Аҧыза-министрс – Леонид Лакрба. Аҧсны аганахь ала адҵа анагӡашьа дацклаҧшуан адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Иракли Хьынҭба, азеиҧш напхгара аиҭон адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба.

Ҩынтә Ливанҟа ҳцеит, ҳанаауаз аҳаираплан Шәача иҳартәон. Иҳәатәуп агуманитартә программа аҭыҧ аҿы хаҭала инапы шалакыз Инар Гыцба. Ливанҟа ацара налаҵаны, аинформациатә ган ала аусура напхгара аиҭон аинформациатә ҟәша анапхгаҩы Ҭенгиз Ҭарба.

Уи аамҭазы Аҧсны иаздырхион ҳџьынџьуаа ахьрыдыркылашаз аҭыҧқәа. Раҧхьатәи ачартертә ҳаираплан иаанагаз ауаа рыдыркылеит асасааирҭа «Аиҭар», аҩбатәи агәыҧ – Гәдоуҭа, асасааирҭа «Черноморец» аҟны. Афинанстә қәыӷәӷәара аиҳара ахахьы иагеит Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы Афонд, ацхыраара ҟарҵеит ауаажәларра. 

Ари аусмҩаҧгатә аиҧш зеиҧшу уаанӡа иҟамлацызт. Усҟан, амца зкыз Шьамтәыла иалганы, рыҧсадгьыл ахь идырхынҳәит 500-ҩык инареиҳаны ауааҧсыра. Дара зегьы қәҿиарала адаптациатә процесс иахысны, аҧсуа уаажәларраҿы рхатә ҭыҧ ааныркылеит. Урҭ рыҟнытә аурыс бызшәа здыруаз маҷҩымызт. Ирацәан Аҧсны ихәарҭоу атехникатә специалистцәа: абжьы арежиссерцәа, арежиссерцәа, амонтажникцәа, ателе-радиоеимадара аспециалистцәа, аҳақьымцәа. Аҧсныҟа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа маҷ-маҷ ирырҭеит анхарҭақәа, еиҳараӡакгьы Драндеи Гәылрыҧшьи. Шьамтәыла иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа ҳџьынџьуаа ирырҭоз атранзиттә визақәа рыбзоурала Аҧсныҟа аара рылшеит егьырҭ агәыҧқәагьы.

«Исгәалашәоит, раҧхьатәи аҳаираплан Шәача иантәа Инар Гыцба иареи сареи аҳаираплан ахаларҭа ҳадгылан, уи илыбаауаз ҳџьынџьуаа зегьы иҭабуп ҳәа ҳаҳәо рнапы ҳгәы иадырҵон».

Адунеи зегьы еилыркааит Аҧсны Аҳәынҭқарра еиуеиҧшым аҧсҭазааратә ҭагылазаашьа цәгьақәа раан зџьынџьуаа казмыжьуа ҳәынҭқарраны ишыҟоу. 

Аџьынџьуаа ҳанрыцхраауаз аимадарақәа шьақәҳаргылеит Шьамтәылатәи Арабтә Республика аиҳабыреи, ахадареи, ҳтәылеи рыбжьара. Зегьы шалаго амаҷ ала ауп. Зназы ҳџьынџьуаа ирыҭатәын аконсултә цхыраара. Иаҳҳәап, Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ацҳаражәҳәарҭеи Ахаҭарнакреи рҿы аҧсҭазааратә цикл азы зда ҧсыхәа ыҟам адокументқәа рырҿыцреи риуреи. Атәылауаа аконсултә цхыраара рыҭара маҷ-маҷ аполитика-дипломатиатә зҵаарақәа рахь ҳаианагеит. Имҩаҧгаз агуманитартә акциа иҳалнаршеит ҩ-тәылак рыбжьара аофициалтә ҟазшьа змоу адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргыларазы иақәнагоу аемоциатә фон аҧҵара. 

2018 шықәса, лаҵарамзазы Шьамтәыла аиҳабыра Аҧсны ахьыҧшымра азхарҵеит.