Абаза жәлар рҭоурыхи ретнографиеи иазку аекспозициа цәыргоуп Санкт-Петербург иҟоу Урыстәылатәи аетнографиатә музеи аҟны
Саид Барганџьиа
Ашәуаа рыбзазара амаҭәарқәеи, абаза жәлар ирызку аҭоурыхтә шаҳаҭрақәеи рыла ишьақәгылоу хәы змоу аекспонатқәа шәкы инареиҳаны ицәыргақәҵоуп VII-тәи Санкт-Петербургтәи жәларбжьаратәи акультуратә форум аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аекспозициа аиҿкаара аԥшьыргеит Аԥсуа-абаза жәлар рыҿиара ацхырааразы Ассоциациа «Алашара» ахадеи, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ахантәаҩы Мусса Егзакьи. Аекспонатқәа аагоуп Ҟарачы-Черқьессктәи Ареспублика ақыҭа Ельбырӷан иҟоу аетнографиатә музеи аҟынтә.
Ацәыргақәҵаҿы иаарԥшуп ашәуаа рыбзазара атәы еиҭазҳәо ажәлар рхаҿра зныԥшуа амаҭәарқәа.
«Иаҳҳәап, араҟа ицәыргоуп ашәуа ҭыԥҳацәа аласеи ацәеи аус зларыдырулоз амаҭәарқәеи ахацәа адгьыл излақәаарыхуаз амыругақәеи», – ҳәа ҳаилиркааит Ельбырӷантәи аетнографиатә музеи аиҳабы Муҳамед Тыкәа.
Иара иазгәеиҭеит ари аекспозициа абзоурала Санкт-Петербург ақалақьуааи асасцәеи алшара шроуа абаза жәлар ркультуреи рҭоурыхи адырра.
«Ҳара ҳмузеи – хыԥхьаӡарала имаҷу абаза жәлар иртәуп, убри аҟнытә уи аӡбахә заҳахьоу маҷуп. Убри азоуп ҳара ҳзы акырӡа заҵанакуа иахьа абраҟа ҳекспонатқәа рцәыргара», – иҳәеит Тыкәа.
Иара излаиԥхьаӡо ала, зегь реиҳа аинтерес цәырызгаз ашәуа ҭыԥҳацәа анкьа рхы иадырхәоз абзазара маҭәарқәа роуп.
Ацәыргақәҵа даҭааит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Аҳмеҭ Ҳапат, цәаныррақәас иоуз атәгьы ҳзеиҭеиҳәеит.
«Ҳара ҳкультураҿы иуникалтәу рацәоуп, егьырҭ ажәларқәа идҳарбаша, аинтерес дзыркыша ҳамоуп. Макьанагьы ицәыргам, иҭҵаам ыҟоуп. Абас еиԥш иҟоу аусқәа ҳаԥхьаҟагьы ирацәаны имҩаԥгалатәуп ҳәа сгәы иаанагоит», – иҳәеит иара.
Ҟарачы-Черқьессиа иҟоу ассоциациа «Алашара» зхы ҳәаақәызҵо аҟәша анапхгаҩы Мураҭ Мыкәагьы ари ацәыргақәҵа даҭааны ибеит, иагьиԥхьаӡоит ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа аҿар хымԥада ирҭаалароуп ҳәа.
«Санкт-Петербург инхо ауааԥсыра реиҳараҩӡак зынӡагьы ирыздырӡом ХVIII-ХIХ-тәи ашәышықәсқәа рзы ҳажәлар ирыԥстазаашьас, абарҭ амаҭәарқәагьы ахаан рыблала ирымбацызт. Араҟа ицәыргоу аекспонатқәа ихарҭәаау аинформациа урҭартә иҟоуп», –ҳәа игәы иаанагоит Мыкәа.
Ацәыргақәҵа иаҭаахьеит аҿар рхаҭарнакцәагьы: араҟа аҵара зҵо аԥсуаи ашәуа студентцәа, иара убас Санкт-Петербург инхо, аус зуа аҿар.
Ашәуа қыҭа Ҟазма иалҵыз абаза ҭыԥҳа Џьанета Киабишева Санкт-Петербургтәи амедицинатә коллеџь далганы, ари ақалақь аҟны уажәшьҭа ԥшьышықәса раахыс дынхоит.
«Ҳара зхыԥхьаӡара маҷу жәларуп, аха ҳаӡбахә ирацәаҩны ирдыруазар ҳҭахын. Сара даара сеигәырӷьоит Санкт-Петербург абри аҩыза ацәыргақәҵа ахьымҩаԥысуа. Агәыӷра сымоуп, уи абзоурала абаза жәлар ркультуреи рҭоурыхи ртәы заҳауа ауаа рхыԥхьаӡара иацлоит ҳәа», – азгәалҭеит Киабишева.
Абаза жәлар рҭоурыхи рыбзазареи иазку аетнографиатә цәыргақәҵа Санкт-Петербург иаартызаауеит ԥхынҷкәынмза актәи азбжанӡа.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.