20876

Аспектакль «Ромеои Џьульеттеи» апремиера мҩаԥысит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны, нанҳәа 21 рзы.

Уилиам Шекспир ԥсра зқәым итрагедиа «Ромеои Џьульеттеи» апремиера мҩаԥысит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр асценаҟны, нанҳәамза 21 рзы. Аспектакль аҟны актиорцәа ԥсышәала ицәажәоит. Аспектакль режиссиор-ақәыргылаҩыс дамоуп Адгәыр Ақаҩба.

Иара еиҭеиҳәеит, ари еиԥш еицырдыруа аклассикатә аԥҵамҭа ақәыргылара ахатә кәама-ҵамақәа шамоу. Иаҳҳәап, егьырҭ аспектакльқәа рықәыргылараан ирцәыбжьахақәаз асиужеттә хәҭақәа алԥшааны ахәаԥшҩы ирбара.  

«Ҳара ҳҽазаҳшәеит, зегьы еицырдыруа асиужет анахысгьы, иахьа уажәраанӡа егьырҭ ақәыргылаҩцәа ирызгәамҭкәа инханы иҟаз еиуеиԥшым адетальқәа асиужет ралаҵара», – иҳәеит арежиссиор.  

Ақәыргыламҭа ихадоу ҿыцрас иалоу, раԥхьаӡа иргыланы – абызшәоуп, иҳәоит Ақаҩба. 

«Ари, адунеи аҿы зегь реиҳа ирепертуратәу апиесақәа ируакуп, иҟалап, зегь реиҳа ирепертуартәзаргьы. Иара ықәдыргылоит зегьы, зехьынџьара, есымша. Даҽа ганкахьала, Аԥсны иара раԥхьаӡа акәны иқәдыргылоит, иара убасгьы раԥхьаӡа акәны аԥсуа бызшәала», – иазгәеиҭеит иара. 

АБРИ АТӘЫ ЕИҲА ИНАРҬБААНЫ >>

Аспектакль иалагалоу аҿыцрақәа ртәы ҳҳәозар – иҷыдоу арежиссиортә гәҭакқәа рахь иаҵанакуеит, иаҳҳәап, ҳаамҭазтәи амузыка ахархәара. 

Апроект адгалыҩцәас иқәгылеит – Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси, уи Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакьи, Москватәи аԥсуа диаспора аиҳабы, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Беслан Агрбеи.