300 кьыла инареиҳаны агәамсам ықәган Гәымсҭа аӡиас аԥшаҳәаҿы апроект «Ахәмарра цқьақәа» аԥхьатәи аверсиа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит аекологиатә акциа «Ахәмарра цқьақәа». Иара еиҿыркааит: Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс алахәылацәа Хьерсон Симониеи Шьазина Бганԥҳаи, иара убасгьы  аԥшьгаратә гәыԥ «Еиҟароу алшарақәа рдунеи» ашьаҭаркҩы Алиас Акабеи. Аԥсны ахәмаррақәа рымҩаԥгара аидеиа ахы ыҵнахит ааԥынраз Санкт-Петербург имҩаԥысыз X Неватәи Жәларбжьаратәи аекологиатә конгресс аҟны.

«Неватәи аконгресс аҿы ирылацәажәон аҳауа аҽыԥсахра, адгьыл аҟьышьра,  аӡтәи абнатәи ресурсқәа рыԥсадахара реиԥш иҟоу аекологиа еиуеиԥшым апроблемақәа. Ауснагӡатә ашьҭахь иӡбан афорум иалахәыз атәылақәа зегьы рҟны ахәмаррақәа мҩаԥгахарц. Ари макьаназ апроект аԥхьатә версиоуп, игәаҭаратәуп. Жьҭаарамзазы иазҳархиоит  инарҭбаау аиндаҭларақәа рымҩаԥгара» ҳәа еиҭеиҳәоит АААК аҭыԥантәи аҟәшақәа аус рыцуразы аҟазауаҩ Хьерсон Симониа.

Раԥхьаӡа  «Ицқьоу ахәмарарқәа» мҩаԥыргеит Санкт-Петербург, жә-шықәса раԥхьа. Ахәмарра аԥҟаррақәа аспорттә ԥҟаррақәа иреиԥшуп:  алахәылацәа команда-командала рыҽшаны  иахьыҟоу аҵакыра агәамсам ықәыргоит, иара убри аан квест-ҳасабла адҵақәа нарыгӡоит. Симониа иажәақәа рыла еко-квест иахықәкы хадоу – ахәмарра ахархәарала аҿар  иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара ахьчара радыԥхьалароуп,  аекологиатә культуреи активлатәи аԥсҭазааратә позициеи реиҿкаароуп.

Аекологиатә акциа  еиҿкаан Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра адгыларала. Ауснагӡатә аиҿкаараҿы ацхыраара ҟанаҵеит  Аҟәа ақалақь ахадара (агәамсамеизакыга машьына рырҭеит). Ахәмаррақәа мҩаԥган Гәымсҭа аӡиас аԥшаҳәатә ҵакыраҿы.

Аԥҟаррақәа инарықәыршәаны ахәмаррақәа сааҭк еиҳамкәаноуп ишымҩаԥысуа. Абри аамҭа иалагӡаны алахәылацәа команда-командала рҽеихшаны агәамсам еизганы еихыршоит. Иаиааиуеит еиҳа еиҳаны абаллқәа занашьахаз акоманда.

Ахәмаррақәа ирылахәын Ӡиӡариа ихьӡ зху  Аҟәатәи алицеи-интернат аҵаҩцәа. Урҭ руаӡәк - Амра Ҭарԥҳа – акциа илызцәырнагаз ацәаныррақәа дрылацәажәеит.

«Аԥхьа сгәы иаанагон ҳҿаԥхьа иқәгылаз адҵақәа рынагӡара уадаҩхоит ҳәа, аамҭагьы, 30 минуҭ, азхарым ҳәа. Командала ҳаихыршеит. Сгәанала  ицәгьамкәа ҳус наҳагӡеит. 43 сакь агәамсам еицеизаагеит», - лҳәоит Ҭарԥҳа. Лара лажәақәа рыла ашколхәыҷқәа  аиндаҭлара агәалаҟазара рнырит. «Аԥыжәара аагарц ҳҽазаҳшәон, ҳзындаҭлоз ҳариааирц ҳҭахын. Ажәак ала  аамҭа бзианы, храгьы аманы иаҳхаагеит. Аҽазныкгьы асеиԥш иҟоу ахәмаррақәа рылахәхара шьахәхоит» ҳәа лҳәеит лара.

Акциа алҵшәақәа дрылацәажәеит  аԥшьгаратә гәыԥ «Еиҟароу алшарақәа рдунеи» ашьаҭаркҩы Алиас Акаба. «30 минуҭ рыҩныҵҟа  ахәыҷқәа  агәамсам еизганы еихыршеит: асаркьалых, апластик, егьырҭ ацрыҵқәа. Зынӡа еизган ԥшь-сакьк апластик, жә-сакьк асаркьалых, 30 сакь еиуеиԥшым агәамсам» ҳәа азгәеиҭеит Акаба.

Иаиааиз акоманда ҳамҭас ирырҭеит аблокнотқәа, аҩыгақәа, АААК алогатип зну амаикақәа.

«Ицқьоу ахәмаррақәа» — ари аҳамҭақәа зцу субботникуп, алахәылацәа  агәамсам еизакны еихыршоит, уи азы ироуеит абаллқәа. Еизгоу ацрыҵқәа зегьы аҩынтәтә усдуларахь инарышьҭуеит. Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла инарҭбаау аиндаҭларақәа мҩаԥгахоит жьҭаарамзазы.