Ауаажәларра-политикатә усзуҩы, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Тарас Шамба игәалашәара иазкыз II-тәи Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа мҩаҧысит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы.

Есма Гәаланӡиа

Аконференциа аадыртит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәҩы, асоциологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Урыстәылатәи амуниципалтә академиа академик Беслан Кәабахьиеи, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, ИГСУ РАНХиГС аҳәынҭқарраҭҵаара акафедра апрофессор Наталиа Мамитовеи.

Аиҿкааҩцәа иазгәарҭеит аусмҩаҧгатә ҳасабтә хадас ишамоу Тарас Шамба игәалашәара ҳаҭырла еизҳауа абиҧарақәа рымдареи, аҧсуа зиндырратә ҭҵаарадырра арҿиаразы алшара аҧҵареи. Ауаажәларра-политикатә усура адагьы, Тарас Шамба деицырдыруеит аҟыбаҩ злаз зиндырҩык иаҳасаб ала, уи иҭҵаарадырратә усумҭақәа иахьагьы актуалра рымоуп.

Аусмҩаҧгатә иалахәыз еиҭарҳәеит аҵарауаҩи дареи аиҩызара шныҟәыргози аус шеицыруази, иазгәарҭеит иахьатәи ихьыҧшым аҧсуа ҳәынҭқарра аргылараҿы Тарас Шамба илагала шдуу.

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, АНА, АМАН, РАЕН ракадемик Алеко Гәарамиа иқәгылараҿы Шамба изанааҭтә дунеихәаҧшышьа дазааҭгыланы, уи инысмҩа аҟнытә Тарас Мирон-иҧа иуаҩра ҳзырбо хҭысқәак дрылацәажәеит.

Аиустициақәа рминистр, азиндырратә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Анри Барцыц даҧхьеит аҳәынҭқарра-зинтә институтқәа реиқәыршәараҿы аҧсуара иааннакыло аҭыҧ атәы зҳәоз ажәахә.

«Амилаҭ-зинтә хдырра ахәҭак аҳасаб ала Аҧсуара иахьагьы анырра ҟанаҵоит, еиҳараӡакгьы иформалтәым аметодқәа рыла аимакқәа реилыргараан. Аҧсуара иҟанаҵо анырра - инарҵауланы хазы иҭҵаатәу обиектуп. Ари аҟәша иҭкааны аҭҵаара аҭахуп», - ҳәа азгәеиҭеит Барцыц.

Ирацәаны иалацәажәеит аҳәаанырцә инхо аҧсуаа реидкылараҿы Тарас Шамба илагалагьы. Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы Тарас Шамба далырхит Жәларбжьаратәи аҧсуа-абаза (абаза) жәлар рассоциациа (иахьатәи АААК - аред. изгә.) ахадас. Уи амаҵураҿы Тарас Мирон-иҧа аус иуан 25 шықәса.

«Аҟәа, Черкесск, Маиҟәаҧ, Нальчик, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Германтәыла, Иорданиа, Мысра, Голландиа, Испаниа Африка уҳәа егьырҭ аҭыҧқәа рҿы Тарас Шамба ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа изныкымкәа дырҧылеит. Аҧсны аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра ажурналист лаҳасаб ала, Тарас Мирон-иҧа иныҟәарақәа раан сиццалон, уи насыҧны исыҧхьаӡоит. Нхыҵ Кавказтәи ҳашьцәеи, Урыстәылеи, аҧсуааи рыбжьара аимадарақәа рырӷәӷәара ауси ҳаамҭазтәи Аҧсны аҭоурыхи рҿы Тарас Мирон-иҧа иҟаиҵаз даара ирацәоуп, уи иџьабаа ахә ашьара гәаӷьыуацәоуп», - ҳәа азгәалҭеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет ажурналистика акафедра апрофессор Екатерина Бебиаҧҳа.

Иара убасгьы, Бебиаҧҳа далацәажәеит Тарас Шамба иус иацызҵаз Мусса Егзакь напхгара зиҭо аиҿкаара ҳаамҭазтәи аусура.

Тарас Шамбеи иареи реиҩызара игәаларшәо дықәгылеит азиндырратә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, амилаҭқәа ирызку Аҳәынҭқарратә Дума Аилак аппарат анапхгаҩы Баҭал Бигәаа.

«2013 шықәсазы Аҳәынҭдума аделегациа аиҳабырабжьаратә комиссиа аҽалархәразы Германтәылаҟа ицеит. Аконференциа ашьҭахь ҳара ҳахь рҿаархеит гәыҧҩык анемец ҵарауаа, иумбар залшомызт рхы азкны сара сахь ишааиуаз. «Шәаҧсуоума?» - ҳәа исазҵааит. «Ааи», - сҳәеит сара. «Тарас Мирон-иҧа дыжәдыруама?» - «Ҳәарада дыздыруеит!». Усҟан уамашәа избеит Германтәыла, Берлингьы Тарас Мирон-иҧа дахьырдыруа.

Аконференциаҿы иара убасгьы иқәгылеит ашәҟәы «Абхазия. Правовые основы государственности и суверенитета» авторцәа руаӡәк Александр Непрошини ҳџьынџьуаҩ ду  Мехти Киут-Логунови. 

Аусмҩаҧгатә хыркәшо ажәахәқәа ирыҧхьеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа Леон Џьениеи Мадина Амиҷҧҳаи.

«Шамба иаҧхьарақәа» – есышықәса Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаҧырго Жәларбжьаратәи ҭҵаарадырра-практикатә конференциоуп. Аиҿкааҩцәа - Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа, Москватәи аҧсуа диаспора.