6798

Анаҟәаԥиа абаа гылоуп Афон Ҿыц ақалақь иахьаҵанакуа Аԥсаратәи ашьха ахықәан 344 метра аҳаракыраҿы. Анаҟәаԥиатәи абаа ҭоурыхла иахнагахьеит ҵҩа змам ажәыларақәа: аурымцәа, византиаа, аџьамцәеи, арабцәеи, аҭырқәцәеи уҳәа убас аӡәырҩы ақәлахьан, аха уаҩы изымгеит. Ари ашьхарантә иблахкыгоу аланарԥшыра аатуеит.