Есышықәстәи амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит…» XVII-тәи асезон, Зураб Соҭкьилава игәалашәара иазку, аартын Москватәи аконсерваториа азал хада аҟны.

Саид Барганџьиа

Аԥшьаша, хәыжәкыра 14 рзы ихамышҭыхәу аконцерт ала Москва иаатит XVII-тәи афестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит…». Раԥхьатәи аконцерт азкын иналукааша аоператә шәаҳәаҩы, Асовет Еидгыла Жәлар рартист, Большои театр асолист, Хьыбла Гьерзмаа лҩыза бзиас иҟаз, 2017 шықәсазы зыԥсҭазаара иалҵыз Зураб Соҭкьилава игәалашәара.

«Иара (Зураб Соҭкьилава – аред.) иҭаацәареи сареи аиҩызара ҳабжьоуп, даара исҭахыз аӡә иакәын, сеизҳара акыр дацхраахьан уаанӡа. Насгьы, ҳара дгьылк ҳаицалҵит, убри аҟнытә гәахәарала сынтәатәи афестиваль актәи аконцерт иара игәалашәара иазыскуеит. Иахьа дҳалагылазҭгьы, ари аконцерт гәыкала далахәзаауан. Аҵыхәтәантәи имшқәа рҟынӡа ашәа иҳәон иара. Анцәа ду сикәыхшоуп, абас еиԥш иҟоу ауаа хазынақәа сыԥсҭазаараҿы иахьысԥылоз, иахьагьы иахьсывагылоу», – лҳәеит аконцерт аламҭалаз ателеканал «Россиа-Культура» иалҭаз аинтервиу аҟны Хьыбла Гьерзмаа.

Аоператә шәаҳәаҩы еиҭалҳәеит афестиваль амҩаԥгара илызцәырнаго ацәаныррақәеи уи иамоу аҵаки ртәы.

«Сара сзы ари амш акраҵанакуеит, избанзар, раԥхьаӡа иргыланы, Аконсерваториа азал хадаҟны иахьымҩаԥысуа азы, насгьы ари уажәшьҭа XVII-тәи фестивальуп, акыршықәса раԥхьа Аԥсны ихацыркыз, аха уиижьҭеи згеографиатә ҳәаақәа ҭбаахаз: сара сеигәырӷьоит, салаҽхәоит афестиваль ахьӡ уажәшьҭа адунеиаҿы иахьырдыруа», – ҳәа азгәалҭеит лара.

Иблахкыгаз аконцерт ала Москва иаартын XVII-тәи афестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит…»
© mkra.org

Москватәи аконсерваториа азал хада аҟноуп 1994 шықәсазы аоператә шәаҳәаҩ қәыԥш Хьыбла Гьерзмаа раԥхьатәи атриумф ахьылзыԥшыз. Москва имҩаԥысуаз Пиотр Чаиковски ихьӡ зху жәларбжьаратәи аконкурс аҟны, 24 шықәса зхыҵуаз Гьерзмаа иналыгӡеит Розина лариа, Россини иопера «Сивильски цириульник» аҟнытә, иара убасгьы Асҭыԥҳа лариа, Николаи Римски-Корсаков иопера «Снегурочка» аҟнытә.

Гьерзмаа ари аконкурс аҿы лықәгылара зегьы аршанхеит. Ажиури ирыдыркылеит ипрецедентдаз аӡбара – аконкурс аҭоурых аҟны раԥхьаӡакәны уи алахәҩы Агран-при лырҭеит: Хьыбла лаԥхьагьы, уи лаамышьҭахьгы Агран-при уаҳа аӡәгьы ианашьамызт. Ҳәарада, ари аҳамҭа артистка лашәаҳәаратә кариера аҟны акрызҵазкуаз хҭысны иҟалеит.

Сынтәа Хьбыла Гьерзмаа длыцны асценахь дцәырҵит еицырдыруа аргентинатәи аоператә шәаҳәаҩы, атенор Хосе Кура, Евгени Светланов ихьӡ зху Урыстәылатәи Аҳәынҭқарратә оркестр напхгара азиуан иналукааша италиатәи амаестро Даниеле Каллегари.

Зыхьӡ нагоу арҭ амузыкантцәа афестиваль иалахәхаразы рааԥхьара аидеиа Хьыбла Гьерзмаа илызцәырҵит ҵыԥх, жәабран мзазы, Земпер ихьӡ зхәу Дрездентәи аоператә театр аҟны иқәыргылаз аспектакль «Отелло» аҟны данықәгылоз. Уи аспектакль аҟны Хосе Кура ашәа лыциҳәон, адирижиорс дыҟан – Даниеле Каллегари. Убасҟан оуп лара ианылыӡбаз Џьузеппе Верди иопера «Отелло» аҟнытә ариақәа лконцерт аҟны рынагӡара.

Афестиваль раԥхьатәи аконцерт аҽны азал хада аҿаԥхьа абилеҭ аахәара иахьымӡаз ауаа еизаны ашә аԥхьа игылан. «Абилеҭқәа иаразнак иаархәеит. Ҳара ҳахьымӡаӡеит. Сыԥшәмеи сареи араҟа абилеҭқәа раахәара ҳалшап ҳәа ҳгәыӷны ҳааит, аха иамуит. Ишыжәбо еиԥш, ҳара ҳҩызцәа даараӡа ирацәаҩуп», – ҳәа ҳалҳәеит Москва инхо Татиана.

Афестиваль иаҭааит убасгьы Хьыбла Гьерзмаа лҟазара бзиа избо Москватәи аԥсуа диаспора рхаҭарнакцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Москватәи аԥсуа диаспора ахада Беслан Агрба, Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба, иара убас Аԥсны акультуреи, аҭоурыхтә-культуратә ҭынхеи рыхьчара аминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кәабахьиа, ҷыдала афестиваль азы мацара Москва иаҭааз.

«Абар 17 шықәса ҵуеит Хьыбла Гьерзмаа лытриумф шаҳаҭцәаны ҳаҟоуижьҭеи. Хьыбла Аԥсныҟа иаалгахьеит еицырдыруа амузыкантцәеи, ашәаҳәаҩцәа дуқәеи. Уажәшьҭа, XVII-тәи афестиваль аҩбатәи ахәҭа Аԥсны ҳазыԥшуп. Хьыбла Гьерзмаа даҳзаауеит жьҭаарамзазы, агәҭакқәа зегьы уажәазы ишәзаасыртуам, аха аконцерт иухамшҭуа акы акәны ишыҟало агәра шәсыргоит», – иҳәеит Кәабахьиа.

Аконцерт убасгьы даҭааит Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Гьаргь Берзениа, Хьыбла Гьерзмаа лҟазара абзиабаҩцәа рахь зхы адызкыло.

«Москва саҭааны сыҟоуп аусура аганахьала, аха Хьыбла Гьерзмаа лконцерт, ҳәарада, ибжьасыжьуамызт, уи еснагь гәадурала ҳалзыҟоуп. Афестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит…» – Аԥсны еиԥш уажәшьҭа уи анҭыҵгьы ихадардоу амузыкатә хҭысқәа иреиуоуп. Ҳашәаҳәаҩ хьӡырҳәага лыбзоурала арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны адунеиаҿы еицырдыруа амузыкантцәа аӡәырҩы ҳтәыла иаҭаахьеит. Есышықәса Аԥсны ргәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшуп ари афестиваль амҩаԥысра, сынтәагьы ус ауп ишыҟоу», – иҳәеит Берзениа.

Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит…» аоператә шәаҳәаҩы Аԥсны ихацлыркит 2001 шықәсазы. 2014 шықәса инаркны афестиваль амҽхак аҽарҭбааит, уи мҩаԥысуа иалагеит Аԥсны анҭыҵгьы: Москва, Аконсерваториа Азал хада аҟны, К.С. Станиславски, Вл. И. Немирович-Данченко рыхьӡ зху Амузыкатә театр асценаҟны, Вена, Миузикфераин Ахьтәы зал аҟны, Карнеги-холл аҟны, швеицариатәи ақалақь Санкт-Мориц аҟны.

Афестиваль аԥҵоуижьҭеи уи иалахәхахьеит адунеитә музыкатә ҟазара абас еиԥш иҟоу ахаҭарнакцәа: Владимир Спиваков, Елена Образцова, Денис Мацуев, Ильдар Абдразаков, Дебора Браун уҳәа убас егьырҭгьы. Акыршықәса инеиԥынкыланы афестиваль амҩаԥгаҩыс дыҟан аҟазараҭҵааҩы Свиатослав Белза. Аԥсны амузыка абзиабаҩцәа рзы ари афестиваль аҵак ҷыда амоуп, избан акәзар Хьыбла Гьерзмаа есышықәса лыԥсадгьыл ахь иаалгоит иреиӷьӡоу амузыкантцәа, иагьықәлыргылоит иреиӷьӡоу амузыкатә программақәа.