15648

2019 шықәса жәабран мзазы иҭыҵит аԥсуа шәаҳәаҩ қәыԥш Валериа Адлеиԥҳа лашәа "Сгәаҵа иҭоу" аклип. Ашәа аҭаҩреи аклип аҭыхреи алыршахеит Агәыҳалалратә еилазаара "Аԥсны агәыразра ацҳаражәҳәаҩцәа" рыдгыларала. 2017 шықәсазы Валериа Адлеиԥҳа аиааира лгеит урыстәылатәи аканал НТВ ала ицоз ахәыҷтәы вокалтә конкурс "Ты супер" аҟны.