Ахаԥшьгаратә гәыԥ «Ҳара ҳақалақь» алахәцәа еиҭарҳәеит рҿаԥхьа хықәкыс, хыдҵақәас иқәгылоу, Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа арԥшӡаразы проектқәас имҩаԥыргарц ргәы иҭоу.
Саид Барганџьиа
Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа – 2500 шықәса инареиҳаны изхыҵуа, аҭоурых дуӡӡа змоу жәытә қалақьуп. Аха ақлақь ауааԥсыреи асасцәеи асҟак бзиа ирбо ақалақь иахьатәи архитектуратә хаҿра шьақәгылеижьҭеи рацәак ҵуам –XIX-и XX-тәи ашәышықәсақәа реилыҵымҭазоуп ианыҟала.
Аамҭеи ауааи рааха знырҵаз
Ақалақь есааира иҿион, еизҳауан, аха аимҵәарақәеи арҳәрақәеи изныкымкәа иахҭысхьан.
Аҟәа акыр аԥхасҭа аиуит аҵыхәтәантәи аурыс-аҭырқәа еибашьраан, 1877-1878 шықәсқәа рзы. Усҟан аҭырқәа ар ақалақь иалҵны ианцоз шьаҭанкыла ирблит. Ари аибашьраҿы аԥсуаа аҭырқәа ган иахьадгылаз азы, амшын агаҿы анхара азин рымырхит, Аҟәа ақалақьгьы уахь иналаҵаны. Усҟантәи Аҟәа ахаҿра зеиԥшраз азхәыцра гәыҿкаагоуп.
Ақалақь ааха ӷәӷәа аиуит ХХ-тәи ашәышықәса анҵәамҭазгьы, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан. Аибашьра еилгеижьҭеи уажәшьҭа 27 шықәса шыҵхьоугьы, хыбрақәак иахьа уажәраанӡагьы ахҭыԥ шырныц иаанхоит.
Ақалақь уахьналсуа ана-ара улаԥш иҵашәоит иқьаԥҭахаз аҭыԥқәа, аҩнеихаглақәа ахьеилаҳаз ыҟоуп. Уи адагьы, иахьатәи Аҟәа – «аконтрастқәа рықалақь» ҳәа азуҳәартә иҟоуп, ажәытәтәи архитектуратә ргыларақәеи зҵаки зформеи еилкаам аҿыц ргыларақәеи еицааиуеит.
Абасала, аамҭеи ауааи Аҟәа ианырҵаз ахәрақәа макьанагьы инагӡаны имӷьацт. Аԥсны аҳҭнықалақь иаҭахуп иҟазҵо здыруа, аҟаҵашьагьы иақәшәо ауаа, уаанӡа ишыҟаз еиԥш – Амшын еиқәа аҿықәан реиҳа иԥшӡоу қалақьны ахыԥша царц азы.
Абри аус рхахьы иргеит ахаԥшьгаратә гәыԥ «Ҳара ҳақалақь» алахәцәа.
Агәыԥ иалалеит Аԥсны зыхьӡ рдыруа адизаинерцәа, архитекторцәа, асахьаҭыхцәа, аурбанистцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа: Розита Герман, Георги Агрба, Кама Кациа, Наала Мирзоиан, Елеонора Гилоиан, Мадина Бигәаа, Асҭамыр Маан, Инна Барчан, Мадина Ҷкотуа, Екатерина Еныкь, Бислан Багаҭелиа, Наста Агрԥҳа, Дана Кәыџԥҳа.
Аԥсадгьыл ахь абзиабара еиднакылаз
«Ҳара ҳақалақь» – ари згәы былуа архитекторцәеи, адизаинерцәеи, асахьаҭыхцәеи, анџьнырцәеи, аурбанистцәеи, аиуристцәеи, ажурналистцәеи реилазаароуп, дара зегь еидызкылаз Аҟәа абзиабароуп, рықалақь гәакьа иаҳа еиӷьхарц азы ирылшо зегь аҟаҵара иазыхиоуп, иагьыҟарҵоит.
«Ҳара ҳҽеидаҳкылеит, ҳаӡәыкны ақалақь ҳарҿиарц азы. Ари аҩыза аԥшьгара цәырызгазгьы ҳаамҭа иацу ашәарҭарақәа роуп. Ҳара иаҳусны иаҳбоит – апрофессионалтә абжьгарақәа рыҟаҵарала ақалақь ахаҿреи аԥсҭазаашьеи реиӷьтәра, иуадаҩым, ахарџь рацәаны изҭахым аусмҩаԥгатәқәа рыбзоурала Аҟәа ашәарҭадареи, аԥшӡареи, аинформациатә лакҭеи реиӷьтәра шалшо, уи аҭоурыхтә ргыларақәеи аԥсабаратә уасхыри еиқәырханы», – ҳәа еиҭалҳәоит ахаԥшьгаратә гәыԥ «Ҳара ҳақалақь» аҟны ауаажәларра рымадара акоординаторс иҟоу Наста Агрԥҳа.
Агармониа зныԥшуа аҳҭнықалақь иаку ахаҿра аҭара – агәыԥ ирхықәкы хадоуп. Абри уазааирц азы акыр адокументқәа еилыхтәуп. Убас, иахьазы аус адулара иалагахьеит ахыбрақәа рҿаԥшыларатә елементқәа рзы иаку аԥҟарақәа реизак. Ахаԥшьгаратә гәыԥ аус адырулоит иара убас ақалақь агенералтә план ашьақәыргыларагьы, азеиԥш «дизаин-код» аԥҵареи, ақалақьргыларатә кодекси, егьырҭ архитектуратә усхк иадҳәалоу ашәҟәқәеи реиқәыршәара уҳәа.
Аԥшьгаҩцәа ақәшаҳаҭуп Аҟәа ақалақьтә архитектураҿы иалкаау стильк амаӡам ҳәа иҟоу агәаанагара, аеклектикатә ҟазшьоуп иамоу, уи зегь шьаҿа-шьаҿа инҭырҳәцааны иҭҵаатәуп. «Ҳара ҳақалақь» алахәцәа изларԥхьаӡо ала, ақалақь ахатәы мҽхакы амоуп, ахатә цәаҩа аҟәнуп – аладатәи архитектуратә гәалаҟара, Аҟәа мацара иаҷыдаҟазшьоу аколорит – убарҭқәа иаҳа ублаҿы иааиратәы иаарԥштәуп.
Иахьа ақалақь аҿаԥхьа иқәгылоу ихадароу ауадаҩрақәа ируакуп анџьныртә инфраструктура ахьысҳара, уи аҭагылазаашьоуп зегь раԥхьаӡагьы ақалақь аԥсҭазаареи, анхамҩатә еиқәыршәареи анырра азҭо. Аӡымҩангагақәеи, аӡыршьҭрақәеи, ақәаршҩы ацарҭақәеи, афымцеиқәыршәареи – абри асистема зегьы аиҭарҿыцра аҭахуп, уи аԥарагьы маҷымкәа иақәхарџьтәуп. Ари аус аҿы зеиԥшла акәымкәа, хаҭа-хаҭалатәи азнеишьа иалшо маҷуп, аха иконкреттәу шьаҿақәак иахьанатәгьы иалдыршоит аинфраструктура аиҭашьақәыргыларазы акомплекстә план аԥҵара. Иалкааны иуҳәозар, афымцеиқәыршәарақәа зонала ргәаҭара, урҭ рҭагылазаашьа ахәшьара аҭара, анаҩс убри аҩыза зоналатәи аус азнешьа шьаҭас иҟаҵаны, етап-етапла аиҭашьақәыргыларатә усқәа рымҩаԥгара.
Иара убасгьы, аинициативтә гәыԥ азы ихадоу аусқәа ируакуп – иманшәалоу, ԥынгыла ҟазымҵо, шәарҭа зцым ақалақьтә ҵакырадгьыл аԥҵара. Ари ахырхараҭала раԥхьатәи аиааирақәа ҟалахьеит. Ассоциациа «Инва-Содеиствие» аус ацурала зылшарақәа ԥку ауаа рзы иҟаҵан иҷыдоу агыларҭақәа, иара убасгьы Ажәабатәи абжьаратә школ аҿаԥхьа ишәарҭадароу аиасырҭа аҟаҵаразы ақәшаҳаҭра роухьеит.
Ихадоу ахәҭаҷқәа
«Ҳара ҳақалақь» апроект дуқәа мацара ракәӡам аус здыруало, еиуеиԥшым адетальқәагьы ҷыдала ирызнеиуеит.
Ари агәыԥ алахәцәа еснагь ирышьҭоуп иахьатәи аамҭа иақәшәо, ухы-угәаҿы инхо ақалақьтә естетика иашьашәалоу, еиуеиԥшым авизуалтә, аконцептуалтә знеишьақәа. Дара русура хацдыркит, аҩнқәа рҿаԥшылара аган ахьтә агәам-сам арыцқьаразы иуадаҩым аконцепциақәа раларҵәарала, иара убри алагьы лабҿаба иаадырԥшыр рҭахуп архитектура маҷ шьаҭас измоу аелементқәа: аԥенџьырқәа, амаакырақәа, аҿахыбрақәа – акыр зҵазкуа лабҿабатә цхыраагӡақәас ишыҟоу.
Иахьазы ирацәаҩуп «ирылшо ала» ацхыраара аҟаҵара иазыхиоу, зегьы ззеиԥшым ақалақьуааи амеценатцәеи. Ахатә ҩнқәа ртәы ҳҳәозар, ҳәарада, урҭ зтәу ауаа рхаҭақәагьы аестетика аиӷьтәра мап ацәыркуам, аха ишахәҭаҵәҟьоу – ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа аҳәынҭқарра адгылара рынаҭозароуп. Аха иахьазы аҳәынҭқарра аганахьала адгылара ахьыҟам иахҟьаны, агәыԥ алахәцәа аԥара аазгаша акакәны иахәаԥшуеит акраудфандинг (еиуеԥшым ахықәкқәа рынагӡаразы хатәгәаԥхарала ауаа аԥара анеизырго, мамзаргьы ирымоу даҽа ресурсқәак еилаҵаны русеицура аформа – аред.).
Акаҳуажәырҭа «Брехаловка» аиқәырхара
Ахаԥшьгаратә гәыԥ «Ҳара ҳақалақь» аҽеиднакылеижьҭеи шықәсык аҟара ҵуеит, уи аҟаларагьы машәырӡам. Аӡәырҩы иргәалашәоит, шықәсык уажәаԥхьа аԥшаҳәаҿы игылоу, еицырдыруа акаҳуажәырҭа «Брехаловка» авараҿы изакәантәымкәа ргыларак ашьапы шаркыз. Ақалақь ауааԥсыра иазгәарҭон ари аҩыза аргыламҭа Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәа азеиԥш концепциа ишанымаало. Ас аҿагылара ахьыҟалаз иагьџьашьатәым, избанзар ари аҭыԥ ауп Аҟәа гәеисырҭас иамоу.
Издыруада, уи аӡбахә змаҳац ӡәыр шәыҟазар, ишәзеиҭаҳҳәоит: Аҟәа аԥшаҳәаҿы игылоу акаҳуажәырҭа «Брехаловка» ақалақь ауааԥсыра аҭаауеит каҳауак инаҿыхәарц, инарымҩатәны аҵыхәтәантәи ажәабжьқәагьы иаарылацәажәарц, амшын агәы ихыԥшыло аамҭа гәмырҿыӷьрала ирхыргарц азы.
1960-тәи ашықәсқәа реиҩшамҭанӡа «Брехаловка» хьӡыс иаман «Акоп иҟны» ҳәа, аха зегь акоуп ажәлар усҟангьы «Брехаловка» ҳәа акәын ишашьҭаз. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь «Акоп иҟны» аусура ианаҟәыҵ, ари аҭыԥан акаҳуажәырҭа ҿыц аатит, иагьахьыӡхеит ажәлар рҿы еснагь иахыз ахьӡ «Брехаловка».
«Брехаловка» иаҭааны каҳуак иаҿыхәо, араҟа лассы-лассы итәало ақалақьуаа рацәажәара еснагь бзиа ирбон Аԥсны ахадацәа. Иахьатәи Аԥсны ахада Аслан Бжьаниагьы ари аҭыԥ даҭаахьеит, «брехаловкауаа» ҳамҭасгьы ириҭеит инапылаҟаҵароу анардқәа. Ари аҭыԥ аӡбахә Аԥсны анҭыҵгьы ирдыруеит. Уи иавсны имцацт Аԥсны иаҭаахьоу асасцәа дуқәа рахьтә аӡәгьы. Иаҳҳәап, ара дааихьеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
«Брехаловка» авараҿ амшын асқьала ахгылоуп, аха уи акырӡа иахьажәу азы ақәныҟәара шәарҭоуп, иаркуижьҭеи кыр ҵуеит, ус шакәугьы иҭацәуп узҳәом: ара иааины иқәтәоит аҷнышқәа шәкы-шәкыла, иблахкыгоу аҭыԥ ԥшӡа иҵегь идырџьашьахәуеит. Ажәакала, «Брехаловка» даҽакы иузадымкыло ахатә атмосфера амоуп.
Агәыԥ «Ҳара ҳақалақь» ҳазыгьежьып: убасҟан «Брехаловка» азааигәара зшьапы ркыз, ақалақь иацәтәымыз аргылара иаҿагылақәаз роуп анаҩс абри ахаԥшьгаратә гәыԥ аҟны зҽеидызкылазгьы. Аҿарацәа ирылшеит Аҟәа ақалақь ахадареи аргылара аԥшьгаҩцәеи ари аҩыза аҭыԥ алакьысра шаҭахым деилыркаара. Абас еиқәырхан «Брехаловка», иара убасҟан иагьазааит ԥхьаҟагьы абри аҩыза агхақәа алзмыршаша, ииашоу архитектуратә, адизаинертә формақәа рабжьагара зылшо апрофессионалцәа ргәыԥ шаԥҵатәу. Абасоуп агәыԥ аишьа шыҟалаз.
Иҿыцу аҵакы аҭара
«Брехаловка» аиқәырхараҿы иаанымгылеит агәыԥ, ари аҭыԥ иҵегь арԥшӡара аус адыруларц рыӡбеит, иуникалтәу иара аҟазшьа аарԥшра хықәкыс иҟаҵаны.
«Абри аҭыԥ аестетикатә потенциал дуӡӡа шамоу ааԥшит, Аҟәа ақалақь ихадароу амҩадуқәа руак адоминанта аҳасабала иахьыҟоу азы. Абраҟа азнеишьа ҷыдаӡа аҭахуп, избанзар уи ахатә цәаҩа аҟәнуп, ахатә атмосфера амоуп, урҭқәа реицакра ауӡом», – лҳәеит агәыԥ алахәҩы, архитектор Кама Кациа.
«Ҳара ҳақалақь» алахәцәа изларыԥхьаӡо ала, уаанӡа ари аҭыԥ иамаз афункциақәеи аҵакқәеи акыр еиҳа иҭбаан, аха аамҭа цацыԥхьаӡа «Брехаловка» аидеиа аҽаԥсахит.
«Уаанӡа ара аконцерттә плошьадка гылан, уажәы – акаҳуажәырҭа мацароуп, уи иаҭаауа реиҳараҩыкгьы анард, ма ашахмат асра бзиа избо ахацәа роуп. Рацәак идуум ареконструкциа аҟаҵарала ҳара иаҳҭахуп абри аҭыԥ еиуеиԥшым абиԥарақәа рзы, аҿыц аҭааҩцәа рзгьы еиҳа актуалра аҵаны иҟаларц», – ҳәа еиҭалҳәоит Кама Кациа.
Архитектор иазгәалҭоит, «Брехаловка» – Аҟәатәи аԥшаҳәаҿы иҟоу «ихадароу архитектуратә ансамбльуп ҳәа», убри аҟнытә иарбанзаалак арҿыцрақәа, ма аиҭашьақәыргыларақәа аколлонадеи амшынтә пеизажи ирымаркуа иҟамзароуп.
«Асахьаркреи ҳаамҭазтәи ахаҿреи ааурԥшыр ауеит аинтерес зҵоу адашьматә хҟьақәа рыла, зформа ыруадаҩым аобиектқәа, амшын аидеиа иақәҿызҭуа аԥратә тент ласқәа уҳәа рыла. Асқьалагьы ареконструкциа азура алшоит, аха амшынтә пеизаж зынӡагьы ихнамҩартә еиԥш. Убас, рацәак убла ихымсыло аиҭакра хәыҷқәа рыбзоурала ҳара абри аҭыԥ аԥсы ахаҳҵарц ҳалшоит, аҵак ҿыцқәа аҭаны, ақалақьуааи асасцәеи еиҳагьы ргәы иақәшәо иҟаларц азы», – лҳәоит архитектор.
Ашҭа – ишәҭыкакаҷуа оазиск аҳасабала
Абри инаваргыланы «Ҳара ҳақалақь» аус адырулоит Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа арԥшӡарагьы. Уаанӡа ари аҭыԥ Асовет Еидгыла Аконституциа ашҭа ҳәа ахьӡын. Аҟәа ақалақь агәҭа ихадароу ашҭақәа ируаку ари ашҭа, 1930 шықәса ԥхынҷкәынмзазы ахархәарахь иаҭаз Аҟәатәи амшынбаӷәаза иахәҭакуп. Усҟан абаӷәаза аартра иазкыз агәырӷьаратә ныҳәа далахәын еицырдыруа аԥсуа политик Нестор Лакоба. Уиижьҭеи 90 шықәса ааҵуаны араҟа иргылан аихеи ахаҳәи ирылхыз, зоура 300 метра инаӡоз асқьала дуӡӡа, адгыларҭақәа ҩба аманы. Абри асқьалоуп иахьатәи ҳаамҭазы Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа иаҿԥынгыло, аҩбагьы иаку ансамбль шьақәдыргылоит.
Ахаԥшьгаратә гәыԥ азхәыцхьеит Багаԥшь иашҭа арԥшӡашьа шымҩаԥгатәу, аԥшаҳәа иахәҭаку аԥшахьырсырҭак аҳасабала.
Ари аҭыԥ афункциа рацәа змоу ҵакырахоит, еиуеиԥшым агәмырҿыӷьратә вариантқәа аманы. Зыҩаӡара еиҟарам аҟәардәқәа урықәтәаны аицәажәара угәанарԥхо иҟалоит. Ацәхыԥқәа змам адәаҟны уҩлар, унеиааилар алшоит шьапыла, иара убас маланыҟәала. Даҽакала иаҳҳәозар, ари аҭыԥ, ақәратә категориала еилых ҟамҵакәа, ауааԥсыра зегьы рзы иманшәалахоит – абыргцәа, зылшарақәа ԥку ауаа, ахәыҷқәа зманы инҭыҵуа анацәеи абацәеи, амаланыҟәа иақәтәоу уҳәа зегьы рзы еиԥшны. Ашҭа агәҭаны аӡыршә ҟалараны иҟоуп. Ари азонагьы афункциа рацәа нанагӡартә иазхәыцуп, аӡыршә аанкыланы, уи аҭыԥан акультуратә усмҩаԥгатәқәеи аконцертқәеи рымҩаԥгара алшоит.
«Апроект аҟны иаҳарбеит азона «иаҵәақәа». Урҭ рыбзоурала ҳаклимат иадыруа ашоурақәа раан ашҭа уи аҟара ишуам, уаҩы дзеилаҳаша ашәшьыра аԥырҵоит, уахь анеира уҭаххо иҟалоит», – ҳәа азгәалҭоит агәыԥ иалахәу аурбанист Инна Барчан.
Ауаа адзыԥхьалаша аҭыԥқәа еиҳа аԥҵатәуп
Агәыԥ аус здыруло аинтерес зҵоу апроектқәа ируакуп убасгьы Аҟәатәи ашьха, даҽакала Самаҭаа рхәы ҳәа изышьҭоу ҩ-қәцәык змоу ари аҳаракыра 201 метра рҟынӡа иҩаӡоит.
Аамҭақәак рзы араҟа игылан ԥсшьара ҳәа Москвеи Петербурги рҟынтә иаауаз амалуаа рыҩндуқәа. Ашьхараҿ иҟоуп ашәҟәыҩҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи рпантеон. 1949-1951 шықәсқәа рзы ашьхаҿы апарк еиҭарҳаит, шә-нызқь инарзынаԥшуа аҵиаақәа арахь иааган.
Иџьоушьап, аха шәышықәса раԥхьаҟа, XIX-тәи ашәышықәса аиҩшамҭазы ари ашьха ҵла ҳәа акагь ықәиаауамызт: усҟан аҵлақәа зегьы ԥырҟон, ақалақь аргыларазы рхы иадырхәон. 1872 шықәсазы аҭыԥантәи атәылаҿацәҭҵааҩы Владимир Черниавски абраҟа адача иргылеит – уи иахьанӡагьы еиқәханы иҟоуп – уи аахыс ажәлар абри аҭыԥ Черниавски ишьха ҳәа иашьҭоуп. 1914 шықәсазы ашьха анаараҿы иргылан ахатә санатори «Азра», иахьа уа иҟоуп Аҳмаҭ Кәыџба ихьӡ зху акурортологиеи итрадициатәым амедицинеи рыҭҵаарадырратә центр. Аҟәатәи ашьха ақәцәаҟынтә ақалақьи амшын агәи унархыԥшылар иблахкыгоу апанорама узаатуеит.
Агәыԥ «Ҳара ҳақалақь» уажәтәи аамҭазы иашьҭоуп абри аҭыԥ аԥсы ахазҵаша аидеиақәа, убри аан иара иамоу аҭоурыхтә ҵакы еицамккәа.
Агәыԥ иалахәу адизаинер Мадина Ҷкотуа гәалсрала иазгәалҭоит Аҟәа иахьазы ишмаҷу ауаажәларратә ҭыԥқәа, ахәыҷқәеи адуцәеи рыԥсы ахьыршьаша аҵакырақәа. Аиҳарак ауаа рыԥсшьара аамҭа ахьырхырго Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿоуп. Ҷкотуаԥҳа лгәаанагарала, ауаа адзыԥхьалаша аԥшахьырсырҭа ҭыԥқәа ақалақь зегьы иалаԥсазароуп, уи ганкахьала ақалақь агәҭа маҷк аҟара «иҭанарцәуеит», даҽа ганкахьалагьы ауааԥсыра џьарак мацара ргәы ҿыӷьуам.
«Убас еиԥш уадзыԥхьалаша ҭыԥны ҩаԥхьа иҟалароуп Аҟәатәи ашьха. Ара акыраамҭа уаҩ дахьахымыз аҟнытә аԥшӡара еицакит, абардрақәа ҟалеит, аԥшырҭақәеи аӡыршәқәеи аус руам, напы рыдкылатәуп. Ҳара ҳгәыԥ уажәазы аус адаҳулоит Самаҭаа рхәы арҿиара апроект, зегьы бзиа еицырбо ари аҭыԥ ҳарԥшӡар ҳҭахуп, ажәытә архитектуреи ҳаамҭазтәи атенденциақәеи еиҿыбааны. Ари аҭыԥ апотенциал ду амоуп, аха акыраамҭа игәыгәҭажьны иахьыҟаз азы иҵоурам ахыԥша цеит, убри аанаҳкылар ҳҭахуп. Самаҭаа рхәы аԥсшьареи, аспорти, акультуратә усмҩаԥгатә шьахәқәеи ахьымҩаԥысша ҭыԥ ҿыхар алшоит», – лҳәеит адизаинер.
Еснагь ииаҵәоу, ԥсабарала иԥшӡоу
Аҟәа згәы иҭымҵәо зегьы рзы ари ашәҭқәеи аиаҵәареи зҭалаҳау қалақьуп. Ақалақь ариаҵәареи, абаҳчақәеи апаркқәеи реиҭакшьеи аганахьала ҳаамҭазтәи азнеишьақәа рхархәарагьы «Ҳара ҳақалақь» аусура ахырхарҭақәа ируакуп.
Агәыԥ «Ҳара ҳақалақь» иалахәу аландшафттә дизаинер Наала Мирзоиан еиҭалҳәоит, ақалақь ариаҵәара аконцепциа шьақәгылазароуп ҳәа, раԥхьаӡа иргыланы, иахьа иҟоу аиаҵәара аиқәырхареи, нас уи арбеиареи рыла – иԥшӡаны ишәҭуа, ҳаклимат ианаало аҵиаақәа ааганы.
«Абри зегь залшом анхамҩа иаҵәа амаҵ азызуа аусзуҩцәа рыштат аизырҳарада, абаҳча-парктә ргылара анџьнырцәа, агрономцәа, абаҳчааӡаҩцәа реиԥш иҟоу аспециалистцәа адгалатәуп. Абри аганахьала анхамҩатә усбарҭақәеи аҭҵааратә институтқәеи русеицура еиԥҟьамзароуп, уи даараӡа акраҵанакуеит. Ақалақь аҿы изызҳауа аҵиаақәа зегьы ашәҟәы иҭагалазароуп, зеиуахкы уҭаху аиаҵәара ашықәс аамҭақәа зегьы рзы убла хнакуа иҟаларц азы, насгьы ақалақь аҭыԥқәа ауаа рзы иахьынӡауа иманшәалахарц азы анџьныртә знеишьа иашақәа аԥсҭазаара иаларҵәатәуп», – ҳәа азгәалҭоит Наала Мирзоиан.
Абри аматериал аус адулараан АААК аинфопортал зыҿцәажәоз зегьы иалкааны иазгәарҭон агәыԥ «Ҳара ҳақалақь» аусураҿы Аҟәа ақалақьуаа рхаҭақәа адгылара ду шрырҭо, уи агәыԥ алахәцәа рзы ишҵыргәа бзиоу, еиҳа-еиҳа акыр ҟаҳҵандаз, ҳақалақь гәакьа арԥшӡара ҳазааԥсандаз ҳәа шыднарҳәо.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.