Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы иаатит зеиԥш ыҟам ацәыргақәҵа «Аҟәатәи амодерн».
Ацәыргақәҵа «Аҟәатәи амодерн» аатит Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны, рашәарамза актәи азбжазы. Раԥхьатәи амшқәа рыла иара иаҭааит жәаҩыла ауааԥсыра, урҭ зегьы ирбаз шыргәаԥхаз азгәарҭон. Ихадароу аекспозициа – АААК абильд-редактор, Аԥсны зыхьӡ рдыруа афотосахьаҭыхҩы Наала Аҩӡԥҳа иҭылхыз Аҟәатәи аҩнқәеи ахыбрақәеи рсахьақәа рыла ишьақәгылоуп.
«Аҟәатәи амодерн» еиҿыркааит архитекторцәа қәыԥшқәа Сабина Агрԥҳаи Лана Чхьынџьериаԥҳаи, дара аус руеит Аԥсны акультура аминистрра иатәу Аҭоурыхтә –культуратә ҭынха ахьчара аҟәшаҿы.
Аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, ацәыргақәҵа амҩаԥгара алыршахеит афонд «АМШРА» иҟанаҵаз ацхыраара иабзоураны, уи напхгара аиҭоит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла, Москватәи аԥсуа диаспора ахантәаҩы, амеценат Беслан Агрба.
Сабина Агрԥҳа гәахәарыла еиҭалҳәеит ацәыргақәҵа аҭааҩцәа шагым, иргәаԥханы ишааиуа. Архитектор ишазгәалҭаз ала, аиҿкааҩцәа ззыԥшыз аасҭа акырӡа еиҳахеит ацәыргақәҵа иарҵысыз азҿлымҳара.
Ацәыргақәҵа ахаҭа «Аҟәа азгәыбылра иахылҿиааит» рҳәоит аиҿкааҩцәа. Сабинеи Ланеи – еиҩызцәоуп, дара лассы-лассы аҳҭнықалақь иалсны инеиааиуеит, архитектура ҭырҵаауеит, ари ақалақь бзиа ирбеижьҭеигьы даара акырҵуеит.
«Ҳара амодерн аепоха иаҵанакуа ахыбрақәа рфотоқәа ҳхы иаҳархәеит. Ҳаҭааҩцәа уи аамҭа иагәылаҳархалар ҳҭахын, убри аҟнытә ажәытә граммофон аҿаҳкит, араҟа арҿиаратә хәылԥазқәа мҩаԥаҳгоит, амодерн иазку афильмқәа дҳарбоит», – лҳәеит Агрԥҳа.
Ацәыргақәҵа аартуп уаанӡатәи Дундер лдачаҟны. Вильгельмина Адольф-иԥҳа Дундер – XIX ашәышықәса анҵәамҭазы Аҟәа, Ҳаҭхәа ишьха ашьапаҿы адгьыл ҿыҭк аалхәан, нас 1989 шықәсазы убра ҩ-еихагылакны иҟоу аҩны лыргылеит. Аҩны аҿаԥхьа иблахкыгахаз абаҳча еиҭалҳаит.
Абри аҩны ахаҭа ацәыргақәҵаҿы ихадароу експонатуп уҳәар ауеит. Иара метрак ишьҭыхуп. Ари ахыбра еиуеиԥшым архитектуратә стильқәа аныԥшуеит, анеоклассицизм инаркны арационалисттә модерн аҟынӡа. Амодерн аҟынтә иаагоуп аплан асимметриа, иара убас абааши, аеркери. Анеоклассицизм иатәуп ахыбра арԥшӡагатә елементқәа, аколоннақәа. Уажәы ари ахыбра аҭагылазаашьа акыр ихьысҳауп, аԥхарақәа аныҟоу ара аус ауеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла.
Ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәа ируаӡәку Лана Чхьынџьериа ишылҳәаз ала, аԥхьа дара ргәы иҭан ацәыргақәҵа Гьаргь Чачба (аҵыхәтәантәи Аԥсны аҳ Аҳмыҭбеи Чачбеи аҳкәажә Александра (Цуцу, Кесариа) Гьаргь-иԥҳа Дадиани рыҷкәын – аред.) иҩнаҟны еиҿыркаарц. Аха уи ахыбра уажәшьҭа иахьуашәшәырахаз иахҟьаны, ауаарацәа аҩнуҵҟа рнеира шәарҭоуп, убри аҟнытә ацәыргақәҵа Дундер лдачаҿы еиҿыркаарц рыӡбеит.
«Ари аҭыԥ уникалтәуп, ахыбрагьы иара убас. Аброуп Аҟәатәи амодерн ахыҵхырҭақәа ахьыҟоу», – ҳәа ацылҵеит Чхьынџьериаԥҳа.
Лколлега леиԥш ларгьы иазгәалҭоит ацәыргақәҵа аинтерес ду шцәырнагаз, Аҟәа ауаапсыра реиԥш асасцәагьы маҷҩымкәа иаҭаауеит.
«Аҟәатәи амодерн» - уԥсы ахьушьаша, арккаратә-акультуратә ҟазшьа змоу аамҭахгагоуп. Ара алекциақәа ирыԥхьоит Аҟәа бзианы издыруа аҭоурыхҭҵааҩцәа, афильмқәа дҳарбоит, алитературатә хәылԥазқәа мҩаԥысуеит», – ҳәа еиҭалҳәеит лара.
Ацәыргақәҵа иалахәу афотосахьақәа равтор Наала Аҩӡыԥҳа иҳалҳәеит абри аҩыза аус аиҿкаара дазхәыциижьҭеи акыр шааҵуаз.
«Сара сзыҳәан ари ацәыргақәҵа, ганкахьала – схәыҷрахьы сзырхынҳәуа акоуп, избанзар Аҟәа абарҭ ажәытәтәи аҭыԥқәа рҟны исызҳаит. Лашәриа имҩаҿы сынхон, убри аҟнытә ари атмосфера схәыҷаахыс сзышьцылаз ауп. Абарҭ аҩнқәа сгәалашәоит, сара схаан уа инхоз ауаа сгәалашәоит. Еилкаау усуп, асовет аамҭазы арҭ ахыбрақәа даара акыр аҽыԥсахрақәа рыхҭысит: шьоукы коммуналтә еиланхарҭақәаны ахархәара рыҭан, уи иаанаго даҽа бзазарак, даҽа ԥсҭазаашьак ыҟан ҳәоуп. Аха ус шакәугьы, иуникалтәу ратмосфера еиқәханы иҟан», – лҳәеит афотосахьаҭыхҩы.
Ацәыргақәҵа аҭааҩцәа руаӡәк сахьаркыла ишиҳәаз еиԥш, ацәыргақәҵа иаразнакала агәалаҟара унаҭоит, ухы-угәы иҭалоит.
Аҭааҩ Анна Шьакаиа лажәақәа рыла, Аҟәа ақалақь ахь илымоу абзиабара арахь даанагеит. Аинтернет аҟны ари ацәыргақәҵа иазку ажәабжь данаԥхьа, насгьы асахьақәа анылба, хымԥада даҭаарц лгәы иҭалкит.
«Ҳақалақь аҭоурых ду амоуп, уи акырӡа иинтересуп, хҭыслагьы, шәыгалагьы ибеиоуп. Ацәыргақәҵа даара исгәаԥхеит. Ҳара ари аҩны ахыб ахь ҳхалеит, уантәи Аҟәа ссиршәа улаԥш аҿы иааиуеит. Ацәыргақәҵа атмосфера даҽакы иеиԥшым, ара акыраамҭа уаанхар уҭаххоит. Зегьы ирабжьызгоит иаҭаарц», – лҳәеит лара.
Ацәыргақәҵа аатит рашәара 10 рзы, аус аулоит амза 23 рҟынӡа. Уаҭаар ҟалоит асааҭ 11:00 инаркны 19:00 сааҭ рҟынӡа. Иара убас ацәыргақәҵа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа арҿиаратә хәылԥазқәагьы ухы рылаурхәыр ҟалоит.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.