18351

Аԥсуа-абаза жәлар ркультура амши, Аԥсны абираҟ амши ирызкын акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» аҩбатәи амш, ԥхынгәы 21-23 рзы Ҟарачы-Черқьесиа имҩаԥысуаз.

Шәҩыла аԥсуа-абаза милаҭ рхаҭарнакцәа злахәыз Ахәбатәи акультуратә-спорттә фестиваль «Абаза» иацҵахеит ажәлар рныҳәа ду ала. Аныҳәатә иармарка аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Аԥсны аҭоурыхтә бираҟқәа рцәыргақәҵа. Ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи идырбан акьанџьатә театр ақәгылара, аԥсуа-абаза культура агәылаԥшра алшон иара убас афотосахьақәа рыла.

Афестиваль алахәцәеи уи асасцәеи аҭыԥантәи аҟазацәа рсахьақәа аархәеит, амилаҭ чысқәа ргьама рбеит, иара убас агәаларшәагатә ҳамҭақәа рыхәҳаит.

Афестиваль аҭааҩцәа зегьы рзы еиҿкаан ателецҳа. Аҟәа, Черқьесск, Есқьышьеҳир, Амман ақалақьқәа рҟынтә зықьҩыла ауаа аныҳәа амҩаԥысшьа рбар рылшон.