21272

Ҩымш рыбжьара, жьҭаара 16-17 рзы Гәдоуҭа имҩаԥысуан зхы иақәиҭу аиқәԥаразы есышықәсатәи жәларбжьаратәи атурнир, АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ихраҿа агаразы.

Жьҭаара 16-17 рзы Гәдоуҭа – ақәԥаҩцәа қәыԥшқәа рацәаҩны иахьеизаз қалақьхеит. Арахь иааит Аԥсны ақалақьқәа зегь рҟынтә аспортсменцәа реиԥш, убасгьы ақалақьқәа Москва, Санкт-Петербург, Ростов, Краснодар, Калининград, Шәача рҟынтә ақәԥаҩцәагьы, иара убас иааит атәылақәа Ҟарачы-Черқьесиа, Ҟабарда-Балкариа, Нхыҵи Аахыҵи Уаԥстәыла, Ингәыштәыла, Даӷьсҭан рҟынтә. Араҟа имҩаԥысуан АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ихраҿа агаразы есышықәсатәи, жәларбжьаратәи зхы иақәиҭу аиқәԥаразы атурнир.

АБРИ АТӘЫ ЕИҲА ИНАРҬБААНЫ >>

Сынтәа аҳамҭа хадеи аԥхьахәқәеи рзы иқәԥон 200-ҩык раҟара аспортсменцәа ҿарацәа, ақәратә категориақәа ҩбеи, акапантә категориақәа жәибжьи рыла еихшаны. Аиааирагаҩцәа зегьы аԥхьахәқәеи амедалқәеи ранашьан. Аиааира згақәаз зегьы иранашьан убасгьы жәаба-жәаба нызқь мааҭ.

Атурнир хыркәшан жьҭаара 17 рзы, аха аинтрига хада – Мусса Егзакь ихраҿа занашьоу дарбан – афестиваль «Абаза» аҵыхәтәантәи амш аҟынӡа иаанхоит. Ахраҿа зго аспортсмен ихьӡ рылаҳәахоит жьҭаара 18 рзы Аҟәа, Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҿы имҩаԥысуа аныҳәатә концерт аҟны.