Аҩбатәи жәларбжьаратәи акинофестиваль SIFF-2019 мҩаԥысуеит Аҟәа, мшаԥымза 4 инаркны 8 рҟынӡа.

Саид Барганџьиа

Аԥсны аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы еиҿнакааз Аҟәатәи жәларбжьаратәи акинофестиваль SIFF-2019 гәырӷьарыла иаартын аԥшьаша, мшаԥымза 4 рзы. Акинофестиваль SIFF-2019 (англ.быз. Sukhum International Film Festival – аред.) мҩаԥысуеит мшаԥымза 8 рҟынӡа.

Сынтәа аконкурс алахәразы адунеи зегьы аҿытә х-нызқь инарзынаԥшуа шәҟәы алаҵан, урҭ рыҟнытә иалхын зметр кьаҿу акиносахьақәа 30. Ихадоу аҳамҭа аиуразы аноминантцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп абарҭ атәылақәа рхаҭарнакцәа: Испаниа, Франциа, Германиа, Аҩадатәи Кореиа, Польша, Косово, Иран, Естониа, Тунис, Италиа, Румыниа, Бырзентәыла, Китаи, Казахстан, Андорра, Ҭырқәтәыла, Урыстәыла, Белоруссиа, Аԥсны. Акинофестиваль агран-при аԥаратә ҳамҭагьы ацуп – 200 нызқь мааҭ.

Акиносахьақәа ахәшьара рырҭоит ипрофессионалтәу жәларбжьаратәи аӡбаҩцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп – урыстәылатәи арежиссиорцәа Алексеи Федорченко, Нигина Сифулаева, SIFF 2018 аҟны аиааира згаз Ирина Волкова, голландиатәи акинокритик Маик Нафс, аԥсуа режиссиор Ада Қәираиа.

Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы иаатит Аҟәатәи жәларбжьаратәи акинофестиваль SIFF-2019
© SIFF

Акинофестиваль аартра ацеремониа аҟны иқәгылаз аӡбаҩцәа рхантәаҩы Алексеи Федорченко иазгәеиҭеит, зметр кьаҿу акиносахьақәа ирымоу асахьаркра ҷыда атәы, насгьы жанрла зметр наӡоу акиносахьақәа раасҭагьы ишауадаҩу урҭ рҭыхра.

«Гәахәарала исыдыскылоит зметр кьаҿу афильмқәа рфестивальқәа рахь ааԥхьара ансоуа, избан акәзар, ииашаҵәҟьаны, араҟоуп иҿыцу акы убар, иуҵар ахьулшо. Зметр кьаҿу акиносахьақәа ррежиссиорцәа атрадициақәеи, ҳзышьцылахьоу асхемақәеи ирҿагылоит. Агәра ганы сыҟоуп, афестиваль аҟны ицәыргоу акиносахьақәа, ҳазегьы ҳзы иҿыцу аартрак иаҩызахоит ҳәа», - иҳәеит арежиссиор.

Афестиваль аартраҿы еизаз ирзаԥхьеит иара убас Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иааԥхьаратә ажәа. Аԥсны ахада иазгәеиҭеит агәра ганы дшыҟоу «акинофестиваль алахәразы иалхыз акиносахьақәа ирыхәҭоу ахәшьарақәа шроуа, ахәаԥшцәеи акинокритикцәеи рҟынтә». Рауль Ҳаџьымба иажәаҿы убасгьы иарбан, акинофестиваль адунеи зегьы аҟны Аԥсны ахыԥша бзиа ашьақәгылара ишацхраауа, насгьы арежиссиорцәа, асценаристцәа, акинооператорцәа қәыԥшқәа ишрынаҭо рхы аарԥшразы алшара ҿыцқәа.

Сынтәа аконкурсантцәа рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп аԥсуа режиссиор Џьанико Ҵурҵумиа, уи акинофестиваль аҟны иқәиргылоит Миха Лакрба иновелла ала иҭыху акиносахьа «Асас».

Афестиваль ааиртит еицырдыруа аԥсуа режиссиор Виачеслав Аблоҭиа. Иара иҳәеит, даара дшырызгәдуу аԥуса режиссиорцәа қәыԥшқәа, амилаҭтә кинематограф аиҭарҿиара аус знапы алаку.

Аконкурс иалоу зметр кьаҿу акиносахьақәа 30 ауааԥсыра дырбара еихшахоит фбаны: есҽны хәба-хәба фильм дырбахоит. Убасгьы, афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны ҷыдала ахәаԥшразы ицәыргахоит Марианна Иаровскаиа лдокументалтә киносахьа «ГУЛАГ аҳәсацәа», сынтәатәи аԥхьахә Оскар аҵыхәтәантәи асиа ианылаз.

Аконкурс иалахәымкәа идырбан арежиссиор Артур Пинхасов зметр наӡоу икиносахьа «Братство Маргариты» (ашәҟәыҩҩы Едуард Тополь иҩымҭала иҭыху).

Акинофестиваль SIFF-2019 мҩаԥысуеит Ф. Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр аҟны, мшаԥымза 4 инаркны 8 рҟнынӡа, афильмқәа дырбара мҩаԥысуеит есыҽны асааҭ 17:00 – 20:00 рыбжьара. Аҩналара хәыда-ԥсадоуп.

Афестиваль SIFF Аҟәа уажәшьҭа аҩынтә раан имҩаԥысуеит. Раԥхьатәи Аҟәатәи жәларбжьаратәи акинофестиваль мҩаԥысит 2018 шықәса мшаԥымза 2-6 рзы. Усҟан аконкурс иалахәын еиуеиԥшым атәылақәа ирхаҭарнакцәоу арежиссиорцәа русумҭақәа 32, уахь иаҵанакуеит: Аԥсны, Мраҭашәаратәи Европа, Урыстәыла, СНГ-атәылақәа, иара убас Марокко, Тунис, Аладатәи Кореиа, Иран, Узбекистан, Венгриа