Акциа «Агәы аԥхарра»
Зқьы инареиҳаны аӡын маҭәа акомплектқәа ацхыраара зҭаху Аԥсны ахәыҷқәеи, ҞЧА инхо ашәуа хәыҷқәеи ирызшан, агәыҳалалратә акциа «Агәы аԥхарра» аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Агәыҳалалратә акциа "Агәы аԥхарра" аҩбатәи аетап аҳәаақәа ирҭагӡаны ацхыраара зҭаху аԥсуа ҭаацәарақәа ирызшан амаҭәа ԥхақәа 383 комплект.
Амаҭәа ԥха акомплектқәеи, ашьаҵақәеи, ахызақәеи рызшахоит социалла иуашәшәыроу аҭаацәарақәа рҟны изызҳауа ахәыҷқәа, АААК агәыҳалалратә акциа "Агәы аԥхарра" аҩбатәи аетап аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Агәыҳалалратә акциа «Агәы аԥхарра» актәи аетап аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа аӡынтәи ашьаҵақәа рзыршеит.
Аконгресси, аиҿкаара «Алашареи», Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациеи еиҿыркааз агәыҳалалратә акциа «Агәы аԥхарра» хацыркхоит ҳазҭало Ашықәс ҿыц азы.
Ҭырқәтәылатәи аԥсуа-абаза диаспора рҟынтә агуманитартә цхыраарак аҳасабала иааз амаҭәа ԥха акомплектқәа рызшан Гагра иҟоу Аҳәынҭқарратә реабилитациатә центр аҟны зҽызхәышәтәуа аибашьра аинвалидцәа.
Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза диаспора рҟынтә Аԥсныҟа иаашьҭыз 1200 комплект амаҭәа ԥхақәа АААК аусзуҩцәа Аԥсны агәыҳалалратә еиҿкаарақәа ирырҭеит заагарҭа маҷу аҭаацәарақәеи, ахшара рацәа змоу аҭаацәарақеи ирзыршарц.