Амениу
26 Мшаԥы 2024
07:08
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Баграт Шьынқәба

12.05.2019 10:10 Ахаҭарақәа 32598
Ажәлар рыбзиабара иалнахыз: Баграт Шьынқәба изкны

Анхацәа рҭааҵәара иалҵыз аҷкәын, зқыҭа гәакьа иазкны ажәеинраалақәа зыҩуаз, аԥҵамҭа дуқәа иравтору иналукааша шәҟәыҩҩхеит. Баграт Шьынқәба ииашаҵәҟьаны ауаа деицырдыруа дҟалеит, еицырдыруаз ауаагьы ҩызцәас иман, аха ус шакәызгьы иажәа зегьы ргәаҵанӡа инеиуан, инеиуеит иахьагьы – жәлар рпоет ишихәҭоу еиԥшҵәҟьа.