Амениу
12 Ԥхынҷкәын 2024
21:20
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Аҭоурых

Иԥҽу агәқәа рбааш: шықәсык имҩаԥысуаз Аԥсуа баарыԥхрақәа рыҭҵаара хыркәшоуп

Археологиатә проект «Аԥсуа ҭӡеибаркыра ду амаӡақәа» хацыркуижьҭеи шықәсык ҵит. Ажрақәа ирылахәыз аволонтиор Васили Никулин иҳацеиҩишеит абри аусура инаҭаз агәалаҟара, иаҳзеиҭеиҳәеит иԥшааз артефактқәа ртәы, иара убас аекспертцәа рҿы еиликааит аԥшаахқәа ҵакыс ирымоу.

05.06.2020 19:15 Аҿцәажәара 53585
Аԥсни италиатәи ақалақь-ҳәынҭқаррақәеи: аԥсуа ҵарауаҩ Чрыгба ишәҟә ҿыц

Еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла, апрофессор Виачеслав Чрыгба АААК аинфопортал иазеиҭеиҳәеит «Аԥсни XIII-XV ашә. рзтәи италиатәи ақалақь-ҳәынҭқаррақәеи. Реизыҟазаашьақәа ирызку анҵамҭақәа» ҳәа хьӡыс измоу ишәҟә ҿыц атәы.

Аԥсуа баарыԥхрақәа: азҵаарақәеи, урҭ рҭакқәа рыԥшаареи

Аԥсны иҟоуп Аԥсуа баарыԥхрақәа ҳәа изышьҭоу аргылара ду – зҭоурых иахьа уажәраанӡагьы инагӡаны иҭҵаам ижәытәӡатәиу хыхьчаратә ҭӡуп. Иҟалап, ҳазҭоу ашықәс, аԥхынразы иаԥшьгаз аҭҵаарадырратә проект абзоурала иқәгылоу азҵаарақәа зегьы рҭак ҳаургьы.

18.04.2019 12:40 Аҿцәажәара 43511
Кәабахьиа: Аԥсны иуԥылоит ауаҩытәыҩсатә цивилизациа апериодқәа зегьы ирхаану абаҟақәа

Абаҟақәеи аҭоурыхтә ҭыԥқәеи Жәларбжьаратәи рымш аламҭалазы АААК аинфопортал иҿцәажәеит Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр лхаҭыԥуаҩ Баҭал Кәабахьиа, иара еиҭеиҳәеит акультуратә ҭынха ахьчараҿы иҟоу ауадаҩрақәеи ақәҿиарақәеи ртәы.

27.09.2018 10:30 Алонгрид 59419
Аԥсҭазааразы аԥсра ҳазцон

1992 шықәса нанҳәа 14 ашьыжьымҭан Қырҭтәыла аҳәынҭсовет аруаа, аихамҩа ахьчара ҿыҵгас иҟаҵаны, Аҧсныи Қырҭтәылеи рҳәаа иахысны, Аҟәаҟа узго амҩаду ала ҳтәыла иалалеит. Абас иалагеит 413 мши-ҵхи ицоз, ишьаарҵәырахаз аибашьра, аҧсуаа рықәхра хықәкыс измаз.

20.08.2018 10:35 Алонгрид 119414
Иаку, иузеиҩымшо. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҭоурых иазкны

«Ашәарҭара аныҟала, ҳхала ҳаанымхеит» Владислав Арӡынба 1992 шықәса жьҭаара 2 рзы Лыхнытәи иқәгылара аҟнытә.