Амениу
22 Ԥхынҷкәын 2024
08:08
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Нестор Лакоба

12.11.2018 09:50 Ахаҭарақәа 41549
Сариа Лакоба: Нестори Аԥсныи зымԥсахыз

Сариа Лакоба – аԥҳәыс лиашареи лхьамҵреи, ачҳареи ахақәҵареи ирҿырԥшыгоу фырԥҳәызбоуп. Фазиль Искандер ишылзиҳәаз еиԥш, Аԥсны зыхьӡ нагоу аҳәса зегьы инарылукааша аӡә лоуп, аҵыхәтәанынӡа лхаҵа игәалашәара аҳаҭыр ахькалмыршәыз азы, уи амшала дгәаҟуа лыԥсы шылхыҵызгьы.

15.09.2018 13:25 Ахаҭарақәа Алонгрид 46131
Нестори Аԥсныи

«Ашколаҿтәи иҩызцәа зегьы даара дырҭахын, рыԥсы иҿҳәаран. Ахәмарреи аччареи, ашәаҳәареи акәашареи ахьыҟаз – еснагь дыҟан иаргьы, зоура уамак идумыз аҷкәын еилҟьа, ихахәы жәпа алаҳәа амҵәыжәҩеиԥш еиқәаҵәаӡа, илақәагьы еиқәаҵәан, ицырцыруа, амца рхын» Михаил Бӷажәба ишәҟәы «Нестор Лакоба» адаҟьақәа рҟантә