Амениу
20 Мшаԥы 2024
15:23
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра

05.09.2020 17:35 Аԥсны 13778
55-ҩык рлахьынҵақәа: Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иазку ахәыҷтәы гәалашәарақәа рышәҟәы ҭнажьит ААУ

Аҭоурыхҭҵааҩ Саида Возԥҳа шәҟәык аҿы еизылгеит зхәыҷра шықәсқәа раан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иахаану 55-ҩык ауаа еиҭарҳәаз ргәалашәарақәа.

Урҭ рыхабар иазԥшуп: нанҳәа 30 рзы Аԥсны иазгәарҭоит хабарда ибжьаӡыз рымш

Хабарда ибжьаӡыз жәларбжьаратәи рымш азгәарҭоит есышықәса, нанҳәамза 30 рзы. Ҳтәылаҿы ибжьаӡыз ирхыԥхьаӡалоу реиҳараҩык — Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан ибжьаӡыз роуп.

Ажәларқәа аӡәыкны ишеидгылаз: Кавказ жәларақәа Рконфедерациа аԥҵара амш иазкны

1989 шықәса, нанҳәамза 25-26 рзы Аҟәа имҩаԥысит Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рассамблеиа (Рконфедерациа) актәи аизара ду.

Аибашьра ахаҿсахьақәа: аԥсуа хатәгәаԥхарауаа рҭоурых

Нанҳәа 15 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Ахатәгәаԥхарауаҩ имш. Ари амш рызкуп – Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаԥхарала ҳажәлар ирывагыланы аӷа иабашьыз афырхацәа. Абри арыцхә инақәыршәаны АААК аинфопортал иазнархиеит аветеранцәа-ахатәгәаԥхарауаа ирызку ҭоурыхқәак.

23.04.2019 12:15 Ахаҭарақәа 32153
Астратег, арыцар, афырхаҵа: Султан Сосналиев изкны

Асовет Еидгыла арбџьармчқәа рполковник, Аԥсны Аҳәынҭқарра аинрал-леитенант Султан Сосналиев имшира аҽны АААК аинфопортал иазнархиеит иԥсҭазаара иазку аочерк.

22.03.2019 10:55 Ахаҭарақәа 27961
Иури Калмыков: Аԥсны аҩыза ду, Кавказ аҵеи лаша

Аиурист, аполитик, Кавказ иқәынхо амилаҭкәа рзинхьчаҩ, иналукааша адыгаа рҵеи Иури Калмыков Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсуаа рыцхыраараҿы хәы змам алагала ду ҟазҵаз уаҩуп.

27.09.2018 10:30 Алонгрид 52822
Аԥсҭазааразы аԥсра ҳазцон

1992 шықәса нанҳәа 14 ашьыжьымҭан Қырҭтәыла аҳәынҭсовет аруаа, аихамҩа ахьчара ҿыҵгас иҟаҵаны, Аҧсныи Қырҭтәылеи рҳәаа иахысны, Аҟәаҟа узго амҩаду ала ҳтәыла иалалеит. Абас иалагеит 413 мши-ҵхи ицоз, ишьаарҵәырахаз аибашьра, аҧсуаа рықәхра хықәкыс измаз.