Амениу
18 Мшаԥы 2024
18:59
Аҽҭаҩра

Адунеизегьтәи
аԥсуа-абаза
конгресс

Ҳара адунеи иқәынхо аԥсуааи абазақәеи реидкылара хықәкыс иҳамоуп

Симон Басариа

08.12.2018 17:25 Ахаҭарақәа 19350
Аԥсны раԥхьатәи Аконституциа аԥҵаҩы, зтәыла ахьыԥшымра агәра згоз Симон Басариа изкны

Зыжәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара ахыҵхырҭаҿы игылаз, Аԥсны аҭоурых аҟны раԥхьаӡатәи Аконституциа зыҩыз, агәра ганы дыҟан ҳтәыла аԥеиԥш лаша аагара зхьыԥшу Нхыҵ Кавказтәи ҳашьцәеи ҳареи ҳаидгылароуп ҳәа. Абас иҟаз хақәиҭралатәи ахәыцрақәеи, аԥшьгарақәеи Симон Басариа ианармыжьит.