АААК акоманда ҿыц аус ауеижьҭеи шықәсыки бжаки ирылагӡаны Аԥсныи Ҭырқәтәылеи иаартуп Аконгресс аҭыԥантәи аҟәшақәа 30, урҭ раартра хықәкыс иамоуп аҭыԥантәи ауааԥсыра рҭахрақәа реилкаарала ажәлар рыԥсҭазаашьа аиӷьтәра.

Саид Барганџьиа

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс иацнаҵоит Аԥсны аҩнуҵҟеи аԥсуа-абаза диаспора жәпаҩны иахьынхо Ҭырқәтәылатәи арегионқәеи рҟны аҭыԥантәи аҟәшақәа реизырҳара аус. Иахьазы иаартуп, аусгьы руеит аҟәшақәа 30.

АААК ИА ахантәаҩы Мусса Егзакь иазгәеиҭеит, 2020-тәи ашықәс азы Аконгресс иамоу агәҭакқәа ишреиуоу «Аԥсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи иахьынӡауа ирацәаны рыхьӡара». Иара игәаанагарала, уи иалнаршоит атәылаҿы аграждантә уаажәларра рыҿиаразы ашьаҭа бзиа аҳара: аҭыԥантәи аҟәшақәа заҭаху уи ауп – ауаа рҭахрақәеи изынио ауадаҩрақәеи зеиԥшроу ишиашоу дара рҟынтә еилкаахарц, дара рхаҭақәа рхы иахәартә иҟаларазы агәацԥыҳәара рыҭазарц.

«Ауаа рыԥсҭазаашьа аиӷьтәразы ҳара иаҳдыруазароуп аԥсуа, ма абаза ҭацәаарацыԥхьаӡа ирыԥсҭазаашьоу. Убри азы иааиԥмырҟьаӡакәа ҳаимадазароуп, аус еицаҳаулароуп. Иарбан усзаалак – иаҳзеиԥшу ак акәзароуп: ана-ара инхо ауааԥсыра иҳадыргалоит дара ирзынагӡаша, рымч зықәшхаша апроектқәа. Нас доусы ихатә џьабаа, имч-илша адиҵоит. Аконгресс акәзаргьы, иаҭаху адглара рынаҭоит, апроектқәа рынагӡара иалахәуп», – иҳәеит Мусса Егзакь.

Иара ҿырԥшыс иааигеит ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа иаарту Аҭыԥантәи аҟәша, аамҭа кьаҿк иалагӡаны уаатәи агәыԥ ргәацԥыҳәареи рҳәоуеиқәшәареи ирыбзоураны х-проектк аԥсҭазаара иаларҵәан: воркаут-адәқәа, аҟьамсареизгарҭа ҿыцқәа рыргылара, аҭыԥантәи абжьаратә школ ӡыла аиқәыршәара.

АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба еиҭеиҳәеит, Аконгресс акоманда Аԥсны ақыҭақәа раҭаара ишацнаҵо, иара убасгьы Ҭырқәтәылатәи аԥсуа қыҭақәа рҿгьы аҟәшақәа раартразы аусурақәа шымҩаԥнаго. Аҟәшақәа зегьы раартра мҩаԥысуеит ишьақәгылахьоу асхемала: аԥхьа аиԥылара еиҿыркаауеит, уаҟа АААК акоманда Аконгресс аӡбахә еиҭарҳәоит, уи аусура хықәкыс иамоу, лҵшәақәас иаиухьоу, убраҟа аҭыԥантәи ауааԥсыра ирабадыруеит, анаҩс еилкаахоит активра аазырԥшуа азусҭцәоу, иара убасгьы аҭыԥан иҟоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу.

«Абас иҟоу аиԥылара ԥхақәа раан гәаартылатәи аицәажәарақәа ҳауеит иҟоу-иану иазкны ҳгәаанагарақәа еибаҳҳәоит, ақыҭан иҟоу ауадаҩрақәеи апроблемақәеи ртәы ҳарҳәоит. Абасала ҳара ҳнапаҿы иҟалоит ақыҭа иадҳәалоу азҵаарақәа системаркны. Ишьақәҳаргылоит амҩатә хсаала ҳәа изышьҭоу қыҭацыԥхьаӡа алакҭа уҭазырԥшуа адырреизак. Зегь реиҳа ихадароу – ауаа рымчи-рылшеи зеиԥшроу убарҭахоит, уи анудыр, ишьақәгылаз асоциалтә-базазаратә поблемақәа рыӡбараҿы ииашаны ахархәашьагьы уақәшәоит. Ҳара ҳхықәкы – абри аконцепциала ҳтәыла араионқәа зегьы рҿы иҟоу анхарҭатә пунктқәа рахыҵәароуп, убри ауп иахьа ҩ-напык рыла ҳазҿугьы», – иҳәеит Гыцба.

АААК аӡбахә аиҭаҳәара ахьымҩаԥысуа аиԥыларақәа реиҿкаара иацу акәама-ҵамақәа ртәы еиҭалҳәеит АААК Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа.

Лара лажәақәа рыла, Аконгресс аусзуҩцәеи Аҿари Аҳәсеи рхеилакқәа рылахәцәеи заанаҵ иалыркаауеит аиԥылара мҩаԥысраны иахьыҟоу аҭыԥан инхо рахьтә реиҳа активра злоу, аинтерес аазырԥшуа ауааԥсыра.

«Аконгресс аусура иадҳәалоу зегьы заанаҵ изҳардыруа абарҭ ауаа ирылшо маҷым. Дара роуп аҭакԥхықәра здыло раԥхьатәи аиԥыларахь згәы былуа, ак аҟаҵара згәы аҳәо реиқыҭантәқәа рааԥхьаразы. Анаҩс дара урҭ Аконгресс аидеиақәа раҳаны, егьырҭ ргәылацәа-рызлацәа иаарыханы акыраамҭа ргәы иҵхо апроблемақәа рыӡбара аус арцыхцыхразы раамҭеи рымчи азыркырц», – лҳәеит Арӡынԥҳа, иагьацылҵеит АААК акоманда иахьнеиуа аҭыԥан ауаа ргәы ашьҭыхра, «рырҿыхара» шаҟа қәҿиарала ирылшо аҟара «Аҭыԥантәи аҟәша аилазаашьагьы ахыԥхьаӡареи ахаҭабзиареи ҳаракхоит» ҳәа.

Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы иазгәалҭеит иара убас, аиԥыларақәа раан Аконгресс аҭыԥантәи активистцәа ишыднарбо қәҿиарала зхы ԥызшәахьоу апроектқәа, урҭ урҿыԥшны аиԥш зеиԥшу апроект аҩра улшоит уара уахьынхо аҭыԥан актуалра зҵоу аҭагылазаашьа иаршәаны.

«Ҳара ҳзы (АААК) даара акраҵанакуеит ақыҭауаа ргәы иҵхо азҵаарақәа зеиԥшраҵәҟьоу ҳзырбо асахьа ҳазҭаша аимадара ашьақәыргылара. Дареи ҳареи ҳаилахәны еиуеиԥшым апроблемақәа рыӡбашьа амҩақәа ҳрылацәажәоит, рҿаԥхьа адҵақәа ықәҳаргылоит, иҟаҵатәу раҳҳәоит, убри аан аҟәша алахәцәа апроект аԥҵара аԥышәа роуеит – аус иаго ахарџь аԥхьаӡара инаркны, уи иахьынӡауа аиҵакра аҿынӡа. Абас иҟоу апроектқәа рылоуп аҭыԥантәи аҟәша аусуратә план шышьақәгылогьы, анаҩс уи Аконгресс Аналитикатә ҟәшахьы иааиуеит, уаҟа аинформациа инҭырҳәцааны аус адулара мҩаԥысуеит, асистематизациа азухоит», – ҳәа еиҭалҳәеит Гета Арӡынԥҳа.

Лара иазгәалҭеит Аконгресс ԥхьаҟатәи гәҭакыс ишамоу Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҿы иҟоу Аҭыԥантәи аҟәшақәа дара-дара реидҳәалара «информациалагьы, аусеиҿкааралагьы», доусы идырҳаз аԥышәа аимдаразы.

Аконгресс Аҿар рхеилакқәа рнапхгаҩы Леван Торчуа еиҭеиҳәеит ақыҭауаа рԥыларақәа раан раԥхьаӡа иргыланы ишцәырҵуа дара ирымоу абзазаратә проблемақәа.

«Ҳара ауаа идеилҳаркаарц ҳҽазаҳшәоит рхала ишыҟам, ҳаидгыланы иҳалшо шырацәоу, ҳазиааиуа маҷымкәа ишыҟоу. Иахьатәи ҳаамҭазы, XXI ашәышықәса ҳашҭагылоугьы, ахәыҷқәа ашкол аҿы зегьы иреиҵаӡоу асанитартә-бзазаратә нхамҩа еиқәыршәаны ишрымам, аӡи аԥхареиҵәҟьа рыла ишеиқәыршәам анубалак угәы каҳауеит ҳәарада, аха ушьапқәа еиқәыршәны утәеит ҳәа, ахала акгьы ҟалаӡом, убри еилкаатәуп. Лассы-лассы изҳаҳәо ашколқәа ирыдҳәалоу апроблемақәа рыӡбаразоуп: автобусқәа ыҟоуп, аха абылтәы рырҭом, ма ашкол амедпунктқәа рҿы иахәҭоу ахәшәқәа рыҟамзаарагьы даара акырџьара изхашшаауа проблемоуп. Убас иҵегь ирацәоуп ауадаҩрақәа», – иҳәеит Леван Торчуа.

Иара иациҵеит АААК аусура ишаҿу аҭыԥантәи аҟәшақәеи Аконгресси еиқәшаҳаҭны иззааихьоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара аганахьала.

Аԥсны аҩнуҵҟа аҭыԥантәи аҟәшақәа иахьазы иаартуп: Ешыра, Лыхны, Ҟәланырхәа, Гәдоуҭа, иара убас Агәыӡера, Дранда, Аӡҩыбжьа, Џьгьарда, Кәтол, Аҭара, Ҭхьына, Очамчыра, Река, Тамшь, Мықә, Тҟәарчал, Чхәарҭал, Бедиа, Гал, Уарча, Лашькьындар, Маркәыла. Ҭырқәтәыла аҭыԥантәи аҟәшақәа аартуп ақалақьқәа Сҭамԥыл, Измиҭ, Сақариа, Бурса, Билеџьиқ, Есқьышьеҳир, Инегиоль. АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь ишьақәирӷәӷәаз аплан инақәыршәаны, ҳазҭоу ашықәс мшаԥымзанӡа Аԥсны аҩнуҵҟа иаартхоит даҽа 20 рҟынӡа Аҭыԥантәи аҟәшақәа, уи ашьҭахьгьы ари аус иацҵахоит: ԥхьаҟатәи гәҭакыс иҟоуп Аԥсны ақалақьқәеи ақыҭақәеи иаанхаз зегьы рҿгьы Аконгресс Аҭыԥантәи аҟәшақәа раартра.