Аԥсуа милаҭтә маҭәа аӡахразы акурсқәа аатит Аҟәа, икоммерциатәым автономтә еиҿкаара «Алашара» ацхыраарала.

Саид Барганџьиа

Аԥсуа-абаза милаҭ рыҿиара ацхырааразы жәларбжьаратәи ассоциациа «Алашара» аԥсуа-абаза милаҭ рытрадициатә напҟазара аиқәырхара аҳәаақәа ирҭагӡаны «Алашара» ахада Мусса Егзакь ишьақәирӷәӷәаз 2019 шықәсазтәи апрограмма инақәыршәаны, иаԥнаҵеит, иагьхацнаркит аԥсуа милаҭтә хаҵа маҭәа аӡахразы апроект Аҟәатәи асареи аӡахреи рышкол «Мода-Текс» адгаланы.

ИАЕ «Алашара» Аԥсны иҟоу ахаҭарнак Алиас Аиба еиҭеиҳәеит акурс инықәырԥшшәа ԥшьымз рҟынӡа инаӡоит ҳәа. Амилаҭтә маҭәа аӡахшьа зҵо уажәазы хәҩык ыҟоуп, ирҵахьоугы рацәоуп. Ԥшьымзтәи ркурс ахыркәшараан агәыԥ иалоу рыцԥхьаӡа амилаҭтә хаҵа маҭәа рӡахуеит, иааидкыланы хә-костиумк хианы иҟарҵоит.

«Абри апроект хықәкы хадс иамоуп аԥсуа милаҭ маҭәа аларҵәара, амилаҭ маҭәа аӡахшьа здыруа аҟазацәа рхыԥхьаӡара аизырҳара, иара убри алагьы аԥсуа милаҭтә костиум атрадициақәа реиқәырхара ацхраара», – иҳәеит Аԥсны иҟоу «Алашара» ахаҭарнак.

Амилаҭтә костиум аӡахшьа адыррақәа реиқәырхара иаҵоу актуалра анахысгьы, акурсқәа раартра ҵаҵӷәыс иамоуп уи иадҵаалоз рырацәарагьы ҳәа азгәеиҭеит Аиба. Аԥсуаа рыбжьара акультуратә ҭынхахьы иҟоу аинтерес азҳара иаҿуп иҳәеит иара, амилаҭтә маҭәа акәзар – уи зшәызҵо рхыԥхьаӡара иацлоит, ишаԥсыуаау аарԥшразы, рмилаҭтә хаҿра амырӡразы.

Акурсқәа рҟны рҵаҩыс иҟоу руаӡәы – амилаҭтә маҭәа амодельер, Аҟәатәи аӡахра аҩны «Мода-Текс» аусзуҩы Диана Арџьениа лоуп. Лара еиҭалҳәеит гәахәарала ари апроект аҽалархәразы ааԥхьара шлыдылкылаз, избанзар уи аинтерес ацуп, амилаҭтә маҭәа ҩаԥхьа имодахоит.

«Лассы-лассы иҳадҵаалоит, амилаҭтә костиумқәа еиҳарак иззырӡахуа ахәыҷқәа роуп. Ҳәарада, адуцәагьы иҿарҵоит, хадаратәла, 40 шықәса ирҭысхьоу ахацәа. Уажәы ачарақәа рҿгьы иаҳԥылоит милаҭ маҭәала еилаҳәоу ауаа», – лҳәеит Арџьениа.

Ателье аҟны акостиум аӡахра бжьаратәла 20-25 нызқь мааҭ артәоит ҳәа ацылҵеит лара.

Апрактикатә усура адагьы, акурс алахәцәа алекциақәагьы ирзыӡырҩуеит, аба архиашьа, ииашаны аус адулашьа иазкны. Алекциақәа мҩаԥылгоит асахьаҭыхҩы-астилист Амина Гамсаниа.

«Аба иазку адыррақәа даара ирацәоуп, ари акыр иҭбаау маҭәаруп, аспектқәа маҷымкәа иамоуп. Ҳара аԥсуа милаҭтә маҭәа аӡахшьа ҳҵоит аҟнытә, хықәкыла иҭаҳҵаауа уи аӡахраан рхы иадырхәо аба ахкқәа роуп. Ишаԥу еиԥш, урҭ ԥсабаратә аалыҵқәазароуп: ақәны, абамба, ачоуҳа, акәымзцәа, акадифа, абырфын, аласа. Ҳаамҭазы ахархәара рацәаны иарҭо иалагеит агабардин», – лҳәеит Гамсаниа.

Апроект аиҿкааҩцәа иазгәарҭеит, акурсқәа қәҿиарала ихыркәшахар ҳаԥхьаҟагьы аиԥш зеиԥшу аартхоит ҳәа – иҟалап, усҟан аҳәса милаҭтә маҭәа аӡахра хырхарҭас иалххар. Акурс ҿыц ахь адкылара аныҟало заа ирылаҳәхоит.