Агәыҳалалратә акциа «Агәы аԥхарра» – заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа ацхыраара рыҭара иазкуп,  ашәҵатәы, ашьаҵатәы уҳәа рыла.

Амра Амҷԥҳа

Агәыҳалалратә акциа «Агәы аԥхарра» аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа амаҭәа-ҩыҭәа рызшан. Акциа еиҿкаауп Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси, Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа диаспореи, Ҭырқәтәыла иҟоу азинмчра змоу Аԥсны ахаҭарнаки рымчала. 

Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа АААК Иреиҳаӡоу ахеилак иалоу Аҳмаҭ Ҳапат иаԥшьгарла агуманитартә еидара еидкыланы Аԥсныҟа иаарышьҭуеит. Аиԥш зеиԥшу раԥхьаӡатәи акциа мҽхакы ҭбаала имҩаԥысит 2019 шықәсазы.

Уажәтәи апартиа АААК Аҳәса рхеилаки Аҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки ирыҭан, анаҩс изҭаху рыбжьара еихыршарц. Амаҭәа ахәҭак Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи рҟынтә иааз арепатриантцәа рыбжьара еихшан.

«Раԥхьаӡа акәны ҭырқәтәылатәи ҳашьцәа агуманитартә цхыраара ҳзаарышьҭит 2019 шықәсазы, уи зыхьӡаз ауаа рхыԥхьаӡара даара ирацәан. Уажәы иаҳзааит аспорт шьаҵатәы, асвитерқәеи, аҳәсеи ахацәеи рзы ажакетқәеи», – лҳәеит АААК Аҳәса рхеилакқәа рнапхгаҩы Гета Арӡынԥҳа.

Лара иазгәалҭеит акциа ҵакыс иамоу иара ахьӡ ишаҳәо.

«Агәыҳалалратә акциа «Агәы аԥхарра» ҳәа баша иахьӡӡам. Хараӡа ишьҭоу аԥсуа қыҭақәа ирыланхо аҭаацәарақәагьы ирныруеит ҭырқәтәылатәи ҳашьцәа ргәыбылра, разҿлымҳара. Убри иҳаилнаркаауеит амшын ҳабжьазаргьы жәларыкны ҳшыҟоу, ҳмилаҭтә акзаара ахаангьы иӡраны ишыҟам», – ҳәа агәра ганы илҳәеит Арӡынԥҳа.

Лара еиҭалҳәеит ацхыраара зҭахны иҟоу рсиақәа шеиқәдыршәоз АААК Аҭыԥантәи аҟәшақәа еидыркылоз адыррақәа рыла. Ажәлеи ахьӡи рынахысгьы уаҟа иарбан амаҭәеи ашьаҵатәи заҟаразар ахәҭоу, доусы ирнаало рықәшәарц азы. 

Агуманитартә цхыраара аилыхраҿы аџьабаа рбеит Аҳәса рхеилак иалоу аҳәсақәа.

«Абри аҟара амаҭәа-ҩыҭәа аилыхра мариаӡам, акакала иҭыго, изызку ихьӡ ақәҵо, хазы ишьҭаҵо. Ҳара иҳацхрааит агәыҳалалратә еиҿкаара «Кьараз» аҟынтә аволонтиорцәагьы. Ҳара хықәкыс ихамаз баша ашара мацара акәӡамызт, доусы инаалаша ашәҵатәи ашьаҵатәи иоурц акәын. Аҳәса рхеилак иалоу зегьы рус иеиҷаҳаны имҩаԥыргеит, зегьы рышәагаа иақәшәо амаҭәа рықәшәартә еиԥш. Уцхыраара зҭаху уихәартә уаныҟоу, уи уанаҿу – агәахәара уоуеит», – лҳәеит Аҳәса рхеилак иалоу Аза Гәымԥҳа.

Зегьы иреиҳау агуманитартә еидара еидкыланы Тҟәарчалҟа ишьҭын. Уа иҟоу АААК Аҭыԥантәи аҟәша анапхгаҩы Белла Аршба заанаҵ араион ақыҭақәа дрылсны ацхыраара зҭаху рсиа еиқәлыршәеит. 

Атәанчаҩы Альберт Снегурович ихала дынхоит, ааигәа лыԥсҭазаара далҵит акыр зықәра зфахьаз иан. Уаҳа изааигәоу ауа-аҭахы ҳәа уаҩ дизнымхеит ахаҵа.

«Сара 44-тәи аимаа ныҟәызгоит. Ара ицәгьоуп уи аҩыза ашәагаа змоу ашьаҵатәы аԥшаара, ацхыраара иаарышьҭыз аҿы иалан. Уажәшьҭа иснаало аимаа сымоуп. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Агәабзиара рымазааит адиаспора ахаҭарнакцәеи Аконгресс аусзуҩцәеи», - ҳәа азеиӷьшьара ҟаиҵеит атәанчаҩы. 

Иара убас ацхыраара зауз Геннади Полиаков, Лилиа Ванхольскаиа, Лиудмила Шьакаиа, Клара Акаба еицҿыкны ирҳәоз акы акәын: «Иҭабуп тҟәарчалаа ҳахьшәгәалашәаз!» ҳәа. 

Анкьа ауаа рацәа зланхоз арацәаҵхратә аиндустриалтә центр Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан аблокада ахнагеит, ақалақь-фырхаҵа ҳәагьы ахьӡ ахылеит. Аха араҟа инхо ауааԥсыра аӡәырҩы рматериалтә ҭагылазаашьа еиӷьындаз уҳәо иҟоуп. Уи дазыразуп Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиагьы.

«Сгәыӷуеит, ҳаԥсҭазаара убас ибзиахап ҳәа агуманитартә цхыраара уаҳа аӡәгьы иҭахымхо. Сгәы азыҳәоит Аԥсны шәҭыкакаҷуа иҟазарц, аҳәынҭқарра амч-алша ауааԥсыра зегьы ирыхьӡалартә. Аха иахьазы макьана иҳагу ыҟоуп. Иҭабуп ҳәа расҳәоит абри аҩыза акциа аԥшьызгаз, имҩаԥызго, тҟәарчалаа мацара рзы акәым, Аԥсны егьырҭ араионқәа руааԥсыра рзгьы. Ари цхыраара дууп, изызку зегьы рҟынӡагьы хымԥада инеиуеит», – иҳәеит араион ахада.  

Ацхыраара ҟазҵогьы ирыцхраатәуп

Аиҳарак амаҭәеи ашьаҵатәи рыла ишьақәгылаз агуманитартә еидара еихшо АААК Аҳәса рхеилак алахәцәа ирыӡбеит еиуеиԥшым аусбарҭақәа рҟны ажәлар ирзааԥсо ауаагьы азҿлымҳара рырҭарц.

Убас, ҳамҭак аҳасабала амаҭәеи ашьаҵатәи ркомплектқәа нашьҭын Гәдоуҭатәи аковид хәышәтәырҭеи Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭеи рҟны аус зуа амедеиҳәшьцәеи асанитарцәеи рзы. 

«Ҳсанитарцәеи ҳдезинфекторцәеи ргәы иахәараны иҟоуп абас ала иахьышәгәалашәаз. Дара аиашазы уамакала иааԥсоит, уахи-ҽни азона ҟаԥшь аҿы тәаха рымамкәа аус руеит, ачымазцәа ирыхӡыӡаауеит, ахәышәтәырҭа иахылаԥшуеит, зегь цқьа-шәқьа иҟазарц иашьҭоуп», – лҳәеит Аинфекциатә хәышәтәырҭа аԥҭека аиҳабы Александра Гулиа.
Аҳамҭақәа рзынашьҭын иара убас Аҟәеи Гәылрыԥшьи ахәыҷбаҳчақәа 13 рҟны аус зуа атехперсонал еиҵби ахәыҷбацәеи. 

Уажәтәи акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны ацхыраара зауша рсиа иадырбеит убасгьы Аҟәеи, Калдахәареи, Очамчыреи аинтернатқәа рҟны аус зуа абжьаратә персонал аусзуҩцәа, нас аҟәатәи Ацхыраагӡатә школ иҭоу ахәыҷқәагьы. 

«Ҭырқәтәыла иҟоу ҳаԥсуа диапора аҟынтә агәыҳалалратә цхыраара згәабзиара ҷыдоу ҳхәыҷқәа акырӡа ирыхәоит, избан акәзар урҭ рахьтә аӡәырҩы заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа иртәуп», – лҳәеит аҟәатәи Ацхыраагӡатә школ ааӡара ус азы адиректор ихаҭыԥуаҩ Асҭанда Анҭиа.

Ашкол аҟны алагарҭатә классқәа рырҵаҩыс аус зуа Ирина Квасиа лакәзаргьы иазгәалҭеит зҭоурыхтә ԥсадгьыл иацхраауа ҳџьынџьуаа лымкаала иҭабуп ҳәа шраҳәатәу.
Амаҭәа-ҩыҭәа еиқәыршәаны изҭаху рҟынӡа инаган ақыҭақәа Ӷәада, Арасаӡыхь, Гәыԥ, Аҭара, Кындыӷ, Камантәи ауахәама аҭааҩцәа, Аԥсны амсылманцәа рдоуҳатә хеилак алахәцәа. Ацхыраара акырӡа ирыхәеит Аҟәа, Ҷанба имҩала ааигәа зыҩны блыз аҭаацәара, егьырҭ зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу аҭаацәарақәагьы.

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси  Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа диаспореи еицымҩаԥырго агәыҳалалратә акциа «Агәы аԥхарра»  уажәшьҭа итрадициатәхеит. Ԥыхьа иара мҽхакы ҭбаала имҩаԥысуан 2019 шықәсазы, етап-етапла еихшаны Аԥсни Ҟарачы-Черқьестәылеи ацхыраара зҭаху аҭаацәарақәа амаҭәа-ҩыҭәа рыҭан.