Абаза милаҭтә телехәаԥшра аҭоурых алагоит 1993 шықәса, рашәарамза 12 рзы Аҳәынҭқарратә телехәаԥшра «Ҟарачы-Черқьессиа» аҟны. Абри арыцхә инадҳәаланы Аконгресс аинфопортал иазнархиеит амилаҭтә телехәаԥшра аҭоурых иазку аочерк.

Билиаль Ҳасароҟәа

1993 шықәса, рашәарамза 12 рзы Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра «Ҟарачы-Черқьессиа» аҟны раԥхьаӡа акәны аефир ахь ишьҭын абаза бызшәала еиқәыршәаз адырраҭара. Аҽны сабшан, насгьы ныҳәамшын – рашәарамза 12 рзы иазгәарҭоит Урыстәыла Амш. Ажурналист Гьаргь Чкала, адырраҭара ааиртит абарҭ ажәақәа рыла: «Иахьа Урыстәала ныҳәамшуп. Иара убасгьы, иахьа иҷыдоу ныҳәоуп абазацәа рзы: раԥхьаӡакәны абаза бызшәала адырраҭара аефир ахь ицәырҵит».

Раԥхьатәи адырраҭара – ахатәы бызшәа иазкны

Ростовтәи (акалақь Ростов-на-Дону – аред.) аҳәынҭқарратә университет ажурналистика аҟәша аушьҭымҭа Гьаргь Чкала, Ҟарачы-Черқьессиа ателехәаԥшра астудиахь аусура ҳәа днеиуеит 1993 шықәса мшаԥымзазы. Уи аамҭазы астудиа аефир ахь ацәырҵра иалагеижьҭеи ҩымзҟа ракәын иҵуаз, адырраҭарақәагьы аурыс бызшәа мацарала акәын ишҭарыҩуаз. Ателехәаԥшраҿы аусура иалагаз Чкала идырҵеит ателециклқәеи («Ақыҭа усурамшқәа», «Иааскьагоу аплан ала», «Акриминалтә хроника») аинформациатә дырраҭарақәеи рымҩаԥгара. Рашәарамзазы ателехәаԥшра аиҳабыра ирыӡбоит амилаҭтә бызшәақәа рыла аефир ахь ацәырҵцра. Араҟа ирыхәеит Гьаргь имаз аԥышәа – хәышықәса аус иухьан абаза бызшәала иҭыҵуаз агазеҭ аҟны. Убарҭ зегьы назгәаҭаны, Гьаргь Чкала идырҵоит абаза бызшәала адырраҭарақәа рымҩаԥгара.

«Раԥхьатәи адырраҭара абаза бызшәа иазыскып ҳәа сыӡбеит, – игәалашәоит Гьаргь Константин-иԥа. – Адырраҭараҿы ишьҭыхын ашколқәа рҿы абаза бызшәа аҵаразы иҟоу ауадаҩрақәа ирыдҳәалоу азҵаара. Урҭ апроблемақәа ҳрылацәажәеит, ҿырԥштәысгьы иааҳгеит ашьхарыуа диалект ала ахәыҷқәа ахьцәажәо Хәыжәдутәи ашколи (алитературатә абаза бызшәа акәзар, уи шьаҭас иамоуп тапанҭатәи адиалект – аред.), абаза бызшәала ицәажәо рхыԥхьаӡара ахьмаҷу Московски ҳәа хьӡыс измоу аҳаблеи. Азҵаара алацәажәаразы дааҳаԥхьеит Ҟарачы-Черқьессиа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа амилаҭтә ҵараҵара апроблемақәа Ринститут афилиал аусзуҩы Луиза Гәанаԥҳа. Ҳаиқәшәара хра злоу акы акәны иҟалеит ҳәа исыԥхьаӡоит».

Раԥхьатәи ашықәс: аҭаҩреи амонтажи рыда

1993 шықәсазы, Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра «Ҟарачы-Черқьессиа» аматериалтә-техникатә база даараӡа ихьысҳан, иахәҭоу ателехәаԥшратә хархәагақәа рыла еиқәыршәамызт. Астудиа иамамызт аҭаҩреи амонтажи рыҟаҵаразы иҷыдоу ахархәагақәа. Адырраҭарақәа зегьы рышьҭуан ишиашоу ицо аефир ала – аполитарккаратә ҩны ахыбраҿы еиҿкааз астудиа апавилион аҟнытә.

«Изаҵәны иҳамаз, сааҭбжак аҭыхра зылшоз авидеокамера Betacam (астудиа анҭыҵтәи ажурналистиказы иҭрыжьуаз раԥхьатәи апрофессионалтә видеокамера – аред.) ахархәарала иҭаҳхуан икьаҿу анҵамҭақәак, урҭгьы амонтаж рзымукәа, астудиа аҟны абжьы рхаҳҵон: асахьа – астудиатә камера ателехәаԥшратә монитор аҟнытә иақәҭнахуан, иара уаҵәҟьа ажурналист дгыланы ибыжьгы ҭаиҩуан. Иара астудиатә камерақәа ракәзаргьы, акыр зхыҵуаз, акыр зхызгахьаз еиҭаҵуа ателехәаԥшратә станциа иахәҭакны иҟан, аарлаҳәа аус руан», – усҟантәи аамҭазтәи ателехәаԥшра амаӡақәа ааиртуа еиҭеиҳәоит Гьаргь Чкала.

Ас еиԥш иҟаз аусуратә режим, ҳәарада, аефир ахь ацәырҵразы ауадаҩрақәа ҳазцәырнагон, избан акәзар, иаҳҳәап, адыраҭарахь иааԥхьааз ауаҩы дмаар ҟалон. Усҟан аефир ахь ацәырҵра залшахомызт. Аха Анцәа иџьшьаны, зныкгьы иҟамлацызт иарбоу аамҭазы аефир ашҟа ҳцәырымҵкәа. Амала, иҟалалон ҳаззыԥшӡамыз ахҭысқәагьы.

«Ҽнак, астудиахь иааҳаԥхьеит арҿиара знапы алаку Гәаџьараа рҭаацәара (Ҟарачы-Черқьессиеи Аԥсныи еицырдыруа акультура аусзуҩцәа Абрагь-Заури Галинеи Гәаџьараа – аред.), – еиҭеиҳәоит Гьаргь Чкала. – Адыраҭара еиҿыртәан еиуеиԥшым ахәҭақәа рыла: ихадоу асасцәа рыҿцәажәара ада, асценари аҟны иарбан урҭ рыԥҳа Мадина амандолина шалырҳәо аҭыхра, иара убасгьы Галина Беслан-иԥҳа лышәақәа руак ашәаҳәаҩ Дмитри Марҭаза инаигӡар акәын. Зегьы асценари инақәыршәаны ицон, аха Дмитри Марҭаза ицәырҵра аамҭа анааи, апавилион аҟны иара дырзымԥшааит. Асасцәеи ҳареи ҳаицәажәара еиҵаҳхыр акәхеит, ҭаҭынк снаҿыхап ҳәа идәылҵыз ашәаҳәаҩ дыԥшааны дааргаанӡа».

Ҳаамҭазтәи аҭоурых анырԥшра

Абаза бызшәала адырраҭарақәа зырхиоз арҿиаратә гәыԥ аусура ианалага инаркны, ибзианы еилыркаауан рҿаԥхьа иқәгылоу ахықәкы – абаза жәлар рҭоурыхи ауааԥсыреи ҳаамҭазтәи аҭоурых аҿы раарԥшра. «Арҿиаратә гәыԥ» ҳәа ҳҳәоит, аха абаза бызшәала адырраҭарақәа реиқәыршәара иаҿыз ҩыџьа заҵәык ракәын – журналистки режиссиорки. Астудиа раԥхьатәи режиссиорс дыҟан Марина Альбот, иаарласны уи лҭыԥ аҟны днеит Марина Малҳаз, лара иахьа уажәраанӡагьы уи аус анагӡара даҿуп. Адыраҭарақәа рылаҳәара ҟалҵон адиктор Фатима Чбыт.

«Ҳара ҳҽазаҳшәон абаза қыҭақәа рыԥсҭазаареи, амилаҭтә культура иамоу аихьӡарақәеи, иналукааша, аинтерес зҵоу ауааи, рылацәажәара. Убасгьы ишьҭаҳхуан ажәытәӡатәи аҭоурыхи, актуалра зҵоу азҵаарақәеи», – игәалаиршәоит Гьаргь Чкала.

Раԥхьатәи аамҭазы, амилаҭтә редакциақәа зегьы – абаза редакциагьы уахь иналаҵаны – ихадоу аефир аҟнытә (мызкахьы знык, асабшала) ирзоужьын 20 минуҭ. Анаҩс уи аамҭа еиҳа-еиҳа иацлон, амилаҭтә дыраҭарақәа есымчыбжьа иҭыҵуа иалагеит, аредакциақәагьы ирзоужьыз аамҭа рхы иархәаны рҽазыршәон зхаҭара бзиоу анҵамҭақәа рырхиара. Есымзатәи ателехәаԥшратәи аихшьалақәа анылон аинформациатә-публицистикатә тележурнал «Амшқәа» рҟны.

Иналукааша ауаа иахьырԥылоз аҭыԥ

Ателехәаԥшцәа рыбжьара даараӡа аинтерес рыман абарҭ адыраҭарақәа рцикл: «Ҳҵасқәа» – имҩаԥылгон аетнограф Лелиа Қәныжә; абаза қыҭақәа ртопонимика иазкыз адыраҭара «Аҭоурых адаҟьақәа» – имҩаԥылгон афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат (иахьазы – рдоктор – аред.) Сара Иуан.

Иара убасгьы иҭыҵуан амузыкатә дыраҭарақәа, урҭ ирылахәын: аиҳабыратә абиԥарахь иаҵанакуа амырзакан арҳәаҩцәа – Лелиа Хацәықәа, Дахаус Қәаԥсыргьан, Зарылиа Цеқәа; акәашаратә ансамбльқәа – «Абазинка», «Шарԥны», «Абазги», «Амра», «Марашҭа»; артистцәа – Дмитри Марҭаза, Сима Чық, Римма Ҳасан уб. егь. Аамҭак ашьҭахь, ашҟәыҩҩы Валентина Қәаԥсыргьан лаԥшьгарала аефир ахь ицәырҵит ателеконкурс, уи иалахәын абаза жәлар рашәақәеи рыкәашарақәеи назыгӡоз аҿар. Иазгәаҭатәуп, иахьазы еицырдыруа абаза естрада ашәаҳәаҩцәа аӡәырҩы ари аконкурс аҟны шакәу раԥхьаӡакәны рхы ахьцәырыргаз.

Иаԥҵан имаҷымкәа ателеочеркқәа, урҭ ахәаԥшцәа ирзеиҭарҳәон амилаҭ иналукааша ахаҭарнакцәа рыԥсҭазаара аҭоурых. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Аџьынџьтәылатә Еибашьра Ду алахәцәа Иусуф Қәаԥсыргьани Таме Аџьбақьи, аҵарауаа Назир Екбеи, Муҳамед Ҭлыси, Иури Агырбеи, Рауф Ҟлычи, аҳақьым Алықьса Хәрани, асахьаҭыхыҩцәа Нурали Марҭази Муҳамед Агачеи, азыҟаҵаҩ Арсен Балеи уҳәа убас егьырҭгьы.

Иҷыдоу ацикл – «Арҿиаразы. Аԥсҭазааразы. Схазы» рызкын ашәҟәыҩҩцәа. Ари адырраҭара раԥхьатәи аамҭақәа рзы еиҿыртәан ашәҟәыҩҩы имонологҵас, иара ахьӡ аҿы иарбоу азҵаарақәа ихаҭа рҭак ҟаиҵон, дрыхцәажәон. Ари аҩыза аформат змаз адырраҭарақәа рхы аладархәит Микаель Чкату, Қьрым Мыхц, Бемурза Ҭҳаиҵыхә, Џьемуладин Лагәыцә. Иҟан алитераторцәа, амонолог аформат згәамԥхакәа аинтервиу аформат алызхуазгьы.

«Ҳәара аҭахума, ҳгәы еихьнашьуеит, раԥхьатәи адырраҭарақәа иахьазы архив аҟны инханы иахьыҟам. Уи зыхҟьазгьы, ишиашоу ицо аефир ахь иахьаҳашьҭуаз ауп, – иҳәоит раԥхьатәи адырраҭарақәа равтор. Ус шакәугьы, иҟоуп дырраҭрақәак амагнитофон ианаҳҵазгьы. Урҭ аефир ахь иушьҭыртә еиԥш рхаҭабзиара ҳаракым, аха еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа рҿы ухы иаурхәар ҟалоит».

Анаҩстәи аамҭақәа рзы иаԥҵаз адырраҭарақәа ҵәахуп ателерадиоеилахәыра авидеотека аҟны, ателехәаԥшратә журналистикеи арежессуреи рҿырԥштәык аҳасабала.

«Аԥшьашала аҩныҟа ҳаццакуеит»

26 шықәса рыла абаза телехәаԥшреи, астудиа алшамҭақәеи акыр рҽырыԥсахит. Рҽырыԥсахит адырраҭарақәа раԥҵаратә технологиақәа, рформатқәа, арҿиаратә гәыԥгьы иазҳауан. Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟала абаза бызшәа аредакциаҟны аӡәырҩы ажурналист ҿарацәа аус рухьан. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп – Алесиа Шогьан (уажәшьҭа – Муҟаи), Белла Ҭҳақәшьын (Мураҭыкәа), Альбина Ҳачԥаҟ (Ҭемыр), Инна Хаконова (Кәыҵниа), Аза Нақәахә (Чеченова), Радмир Џьбаба. Ажурналист ҿарацәа аредакциа аусура иаларгалеит аҿыцрақәа, урҭ рыбзоурала иҟаз адырраҭарақәа рҽырыԥсахуан, ицәырҵуан аҿыцқәа. Лымкаала ажәлар ирылаҵәеит жәларбжьаратәи ахеидкыла «Алашара» алахәрала еиҿкааз ахәыҟаҵаратә дырраҭара «Агьама амаӡақәеи», ахәыҷтәы дыраҭара «Мрашҭеи».

Иахьазы Аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра «Ҟарачы-Черқьессиа» цәажәоит хә-бызшәак рыла: аурысшәа, аҟарач, аҟабарда-черқьес, абаза, аногаи бызшәақәа. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ателехәаԥшра аиҳабыра аԥшьгарала аредакциақәа зегьы ирзеиԥшны иҟоуп адырраҭара «Хәлыбзиа, ареспублика!». Араҟа астудиа асасцәеи ажурналистцәеи реицәажәара аинформациатә ҟазшьа адагьы, иаҵоуп арлахҿыхратә ҟазшьа – еиҭарҳәоит еиуеиԥшым ахҭысқәа, аефир ахь ирышьҭуеит амузыкатә номерқәа.

Аредакциа адырраҭарақәа ирныԥшуеит абаза милаҭ ахаҭарнакцәа рзы ихадоу ажәабжьқәа зегьы, иара убасгьы ҞЧА иҟалаз акрызҵазкуа ахҭысқәагьы. Адырраҭарақәа аус рыдуалараан рхы иадырхәоит иахьатәи аамҭа иақәшәо амонтаж злаҟарҵо атехникатә хархәагақәа, уи, ҳәарада анҵамҭақәа рхаҭабзиара арҳаракуеит.

Амилаҭтә редакциақәа аефир ахь ианҭыҵуа амшқәа доусы рыбжьара ишаны ирымоуп, иаҳҳәап абазақәа рымш – аԥшьашоуп.

«Абаза телехәаԥшра ҳаԥсҭазаара иузаҟәымҭхуа хәҭас иҟалеит, – иҳәоит еицырдыруа аҵарауаҩ, Ҟарачы-Черқьесиатәи аҳәынҭқарратә университет апроректор Сергеи Паз. – Уажәшьҭа ҳашьцылахьеит: ес-ԥшьаша ҳусқәа заа ҳрылганы, иаарласны аҩны ҳнеины ҳтелехәаԥшра аҿаҳкындаз ҳәа ҳаҟоуп. Сара издыруеит, ақыҭақәа рҿгьы, уи аҽны ауаа заа русқәа ирылганы ателербага ишадтәалоу».

Аефир ашьҭахь, ателехәаԥшра адыраҭарақәа зегьы аинтернет аҟны иҭагалахоит, аха ус шакәугьы, ателехәаԥшцәа ашьццылахьеит, иаҳагьы еиӷьыршьоит ес-ԥшьаша аефир ахәаԥшра. Убасгьы, аредакциа иаԥнаҵо анҵамҭақәа рхықәкы хадагьы шыҟац инхеит – абаза ҭоурыхи ажәлар иахьатәи рыԥсҭазаареи раарԥшра.

Ахәаԥшцәеи ателехәаԥшра аусзуҩцәеи ирзеиӷьаҳшьоит дара-дара ргәеизырҳара иацырҵаларц!