15319

Валериа Адлеиԥҳа ателеканал НТВ ала ицо ашоу «Ты супер! Суперснзон» аҟынтә дышцо азы алаҳәара ҟалҵеит, афинал аҟынгьы ақәгылара мап ацәылкит. Лера лажәақәа рыла, лара лгәаҳәара наӡеит ари ашоу раԥхьатәи асезонаҿ данаиааи. Убри аҟынтә иахәҭаны илыԥхьаӡеит аконкурс ҿыц иалахәу амҩа рыҭара. Ҳгәы быладууп, Валериа!