2570

Ажурналист Екатерина Бебиа лтеледырраҭара «Аҧсуара амҩахәасҭақәа» рцикл аҿы длыҿцәажәоит ахшарарацәа ран Татиана Шамба-Адлеиба.

Ажурналист Екатерина Бебиа лавтортә программа «Аҧсуара амҩахәасҭақәа» иалаху Отаҧ ақыҭан инхоз, аҩныҧҳәыс, ахшара рацәа ран Татиана Шамба-Адлеиба аҧсуаразы лцәажәара ахҳәаа азиуразы ари анҵамҭа дадҧхьалан аҵарауаҩ Шьурбеи Царгәыш.

Татиана Шамба-Адлеиба лцәажәараҿы илҳәеит аҽеилаҳәашьа лара сеымшагьы лгәы ишыҵхо. Уи лгәы иаҭахым аҧсуа ӡӷабцәа рчара аныруа акырӡа рҽеилыхны, ржәҩахырқәа, рыбӷа, рнапқәа уҳәа амцхә ианаарту. Аҭацеи анхәеи реицәажәара ахәҭоуп ҳәа илыҧхьаӡоит, абхәа иҟны аҭаца акыр дымцәажәозар еиҳа еиӷьуп ҳәа дахәаҧшуеит.

«Аҧсуара еиқәзырхаша аҵарауаа ыҟоуп, ажәлар ыҟоуп, аха ацашьа зеиҧшро ала уацәшәаратәы аҭагылазаашьа амоуп. Даара аҽырӷәӷәара аҭахуп, амчқәа еилаҵатәуп, аус утәуп…», - лҳәоит Татиана Шамба-Адлеиба.