Владимир Аҩӡба 82 шықәса ихыҵра аламҭалазы АААК аинфопортал иналукааша аполитик, ауаҩ хатәра иҿцәажәара мҩаԥнагеит.
Асовет партиа аусзуҩы, аԥсуа политикатә усзуҩы, адипломат, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Асовет Еидгыла ажурналистцәа Реидгыла алахәыла, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутат Владимир Аҩӡба имшира аламҭалазы АААК аинфопортал иазеиҭеиҳәеит еиуеиԥшым ахҭысқәа рыла иҭәу иԥсҭазааратә мҩа атәы.
– Владимир Џьамал-иԥа, иаҳзеиҭашәҳәарц ҳҭахын шәхыҷра шықәсқәа ртәы.
– Зегь реиԥш исхызгеит схәыҷра: сҩызцәа срыцхәмаруан, урҭ рыҟнытә аӡәырҩи сареи иахьагьы аимадараеи аиҩызареи ҳабжьоуп. Иаҳҳәап, Рауф Абыхәбеи сареи ҳаиҩызара аԥсҭазаара зегьы иалганы иааҳгеит. Схәыҷра аҟнытә еиҳараӡак исгәалашәоит ашкол ахь санца аамҭа – уи 1945 шықәса акәын. Актәи акласс хәба-хәба мацарала иасыркит, акласс аҟны зегьы иреиӷьыз аҵаҩы ҳәа сыҟан. Аҵара сҵон Аҩада-ешыратәи аа-классктәи ашкол аҟны, уажәы уи абжьаратә ашкол ҳәа иҟоуп. Ибзиаӡаны исгәалашәоит мчыла ақырҭшәа шаҳдырҵоз, уи аамҭазы ҳхатәы бызшәала ҳцәажәар руӡомызт. Уи зегь наунагӡа исхамшҭуа акы акәны сгәалашәараҿы инхеит.
– Ашкол ашьҭахь иаразнак Аԥсуа драматә театр аҟны аусура шәалагеит. Шәҵара ацҵара шәгәы иҭазма?
– Ашкол ашьҭахь сҭалоит ҳәа сҽазысшәеит Қырҭҭәылатәи ақыҭанхамҩатә институт. Уахь сара сышьҭын лимитла (Асовет Еидгыла аамҭақәа раан, аҳәынҭқарра иаҭахны иҟаз азанааҭқәа рҿы аҵара зҵоз абитуриентцәа рҵара ахә ашәон – аред). Изыхҟьа сыздыруам, аха алимитқәа рыла инашьҭыз аӡәгьы ҳрыдрымкылеит. Иҟасҵози, аҩныҟа схынҳәит. Сан даараӡа илҭахымызт аклонхараҿы саанхар, убри азы, лашьа Азиз Агрба – Аԥсуа драматә театр режиссиор хадас иҟаз диҳәеит усурак сзиԥшаарц азы. Саншьа иусураҟны сизнеит, дансацәажәа ашьҭахь, уи аҽныцәҟьа, актиорс аусура сигеит, уи 1956 шықәса акәын. Сусура ҿыц даараӡа исгәаԥхеит, атеатр гәыкала бзиа избеит. Ҳакәша-мыкәша актиор дуқәа ыҟан – Лео Касланӡиа, Шәарах Ԥачалиа, Минадора Зыхәба, Разынбеи Агрба. Гәахәара дула инасыгӡон Гьаргь Гәлиа испектакль «Асас еиқәацәа» аҟны акаԥдан Милецки ироль. Убри зегьы шысгәаԥхозгьы, аполитикахь сагон.
–Шәышԥанеи аполитикахь?
– Атеатр аҟны аус зуанаҵы, сҭалеит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт афилологиатә факультет. Акомсомолтә усура активла салахәын, саарыԥхьон акомсомол аобкоми, Қырҭтәылатәи акомсомол Ихадоу Акомитети реилатәарақәа рахь. Ажәакала, атеатр аҵкыс, акомсомолтә усура еиҳа саднаԥхьало иалагеит. Аинститут саналга ашьҭахь, аусура ҳәа саарыԥхьеит акомсомол араионтә Комитет ашҟа, ҩымчыбжь рышьҭахь Аҟәатәи араион акомсомолтә Комитет маӡаныҟәгаҩс салырхуеит. Анаҩс, Аҟәатәи араионтә Комитет анԥдырга, ҳадырҵоит Очамчыра, уаҟа Очамчыратәи ааглыхратә Комитет маӡаныҟәгаҩыс аусура салагоит.
Аха уаҟа сусура зышьақәымгылеит. Убасҟанҵәҟьа Гьаргь Ӡиӡариа (еицырдыруа аԥсуа аполитикатә, ауаажәларратә усзуҩ – аред.), исыдигалеит аспирантура сҭаларц. Сидыруан, иара иахь сааԥхьаны дсацәажәеит. Уи ашьҭахь аконкурс схы аласырхәит, уи аихшьаалақәа рыла аспирантурагьы сҭалеит. Аспирантура саналга ашьҭахь, шықәсыбжак ааҵуаны, аусура срышьҭуеит агазеҭ «Аԥсны-Ҟаԥшь» апропаганда аҟәша аиҳабыс. Аредакциа аҟны жәашықәса аус зуит. Урҭ рыҟнытә быжьшықәса – аҟәша аиҳабыс, хышықәса – аредактор ихаҭыԥуаҩс. Смаҵуарақәа рҟынтә зегь реиҳа исгәаԥхон ажурналисттә усура.
– Усҟан ақырҭқәа рганахьала акыдцаларақәа аныҟаз, иуадаҩыз аамҭан. Ицәгьызма аԥсуа газеҭ аҟны аусура?
– Имариамызт. Аха агазеҭ аҟны иаҳкьыԥхьуан аԥсуа аинтеллигенциа иналукааша ахаҭарнакцәа рықәгыларақәа. Агазеҭ ауаа азыԥшын, иаԥхьозгьы рацәаӡан. Иҟаз ауадаҩрақәа ҳрызхьамԥшкәа, аусура ҳаҿын.
– Иаҳзеиҭашәҳәа Апартиа Ҭҟәарчалтәи ақалақьтә Комитет актәи амаӡаныҟәгаҩс шәусура шымҩаԥысуаз атәы.
– Уаҟа сара аус зуан хәышықәсеи мызки. Ҳусура аенергетика иадҳәалан, арацәа ыҵаҳхуан, иҳаргылон еиуеиԥшым ахыбрақәеи азауадқәеи. Актәи амаӡаныҟәгаҩ иуалԥшьақәа ртәы ҳҳәозар – уахь зегьы аҵанакуан. Зегьы рзы аҭакԥхықәра сара сакәын изқәыз. Хәышықәса ирылагӡаны иҳаргылеит ҩ-зауадк. Аусура даараӡа ихьанҭан, аха усҟан Ҭҟәарчал аԥсы ҭан, уаҟа инхон 25 нызқьҩык ауааԥсыра. Иахьала ишыҟоу ҳҳәозар, ақалақь хәыҷы-ҳәыҷла амчқәа ацара иаҿуп, 5-6 нызқьҩык ауааԥсыра роуп инхо.
– Шәыԥсҭазаара хәҭа дук – 1994 шықәса инаркны 2014 шықәсанӡа Ҭырқәтәыла аусура иазышәкит. Уаҟа Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра змоу ахаҭарнакс шәыҟан. Ишԥаҟалеи Ҭырқәтәылаҟа шәцара?
– Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба акырынтә иара иахь сааиԥхьахьан. Уи зегь Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьоуп ианыҟала. Иара дсазҵаауан аус зур абасҭаху ҳәа, даараӡа ибзианы дысзыҟан. Насгьы иареи сареи қыҭак ҳаицалҵит. Ҳаиқәшәарақәа руак аан иасҳәеит, иауны иҟалозар, Ҭырқәтәыла Аԥсны ахаҭарнакс сыҟазар шысҭаху атәы.
– Уи аҩыза агәаҳәара шәызцәырызгеи?
– Аспирантура санҭаз, аԥсшьарамшқәа Ешыра акәын иахьысхызгоз. Сан слыцхраауан, иара ианакәызаалакгьы сан даараӡа сылзааигәан. Сан длыцынхон саб иаҳәшьагьы. Ҽнаказы уи исылҭоит Ешыра инхоз, 1936 шықәсазы (сталинтәи арепрессиақәа раамҭа – аред.) Ҭырқәтәылаҟа иахыгаз, аԥсуа ҭыԥҳа ԥҳәысс дызмаз аҭырқәак иҟнытә саб иахь иаашьҭыз асаламшәҟәы. 1961 шықәсазы иаашьҭыз асалмшәҟәы аҟны иара дазҵаауан иҩызцәа рыԥсҭазаашьа, ишынхо-ишынҵуа атәы. Уи асаламшәҟәы анырра ду сынаҭеит, сазхәыцуан, ҭынч сызтәомызт, саргәаҭеиуан. Санаԥхьа аҽныцәҟьа изысышьҭит аҭак, уаҟа уажәшьҭа сара сиҳәон, Ҭырқәтәыла инхо сыжәла зыжәлоу рконтактқәа сзааишьҭырц. Убас иагьышьақәгылеит адиаспореи сареи ҳаимадара. Арӡынбеи сареи ҳанеицәажәоз аамҭазы 300-ҩык раҟара Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуааи сареи аимадара ҳабжьалахьан.
– Аҭырқәа бызшәа шәдыруазма?
– Схәыҷра аахыс издыруан. Ақыҭараҿы аҭырқәцәа гәылацәас иаҳаман, урҭ дара рбызшәала акәын ишҳацәажәоз. Насгьы иҟан сара исықәлаз ахәыҷқәа, иара убасгьы ашколгьы исыцҭан, урҭгьы аҭырқәшәала акәын ишсацәажәоз. Убас хәыҷы-хәыҷла абызшәагьы сҵеит. Ԥсышәала ҳцәажәар руӡомызт азы, амаӡақәа аҭырқәшәала еибаҳҳәон. Иара убасгьы аспирантура санҭалагьы, аҭырқәшәа ахьыздыруаз даараӡа исыхәеит.
– Ҭырқәтәылаҟа шәанцоз аҭаацәара аԥышәҵахьазма?
– Ааи, аҭаацәара аԥысҵахьан, ҩыџьа ахәыҷқәа сыман, аха Ҭырқәтәылаҟа сымацара соуп ицаз. Ганкахьала, зегь раԥхьаӡакәны Ҭырқәтәыла аԥсуа дипломатиа аԥшьгара сара иахьсыдаз, ҳәарада, гәахәара дуун. Даҽа ганкахьала – уи аҩыза аҭакԥхықәра исыднаҵоз рацәан.
– Шәҭаацәа гәхьаажәгозар ҟаларын?
– Ианрылшоз исзаалон. Убас ҩажәа шықәсагьы ҵит. Аха Ҭырқәтәыла сыҟанаҵ, секундкгьы стәымуаҩны схы сымбеит. Даараӡа ибзианы срыдыркылеит, сашьцәа срылаҵәеит. Ҭырқәтәыла сыҟанаҵ еиҳарак игәхьаазгон бзиа избоз ауаа, аԥсуа интеллигенциа, атеатр, ашәҟәқәа.
– Владимир Џьамал-иԥа, издыруеит, Ҭырқәтәыла шәыҟазаара ашықәсқәа раан амшынҵа шныҟәыжәгоз, насгьы уи ҭшәыжьырц шәгәы ишҭоу. Уи ҳаԥхьаратә алшара анбаҳауа?
– Ҳазҭоу ашықәс анҵәамҭазы, мамзаргьы ҳаԥхьаҟа иааиуа ашықәс алагамҭазы. Уажәазы амшынҵа саԥхьоит, ариашарақәа алазгалоит.
– Еиҳарак иара зызки?
– Сгәы иҵхоз, насгьы хаҭала избаз ахҭысқәа исызцәырыргаз ацәаныррақәа ирызкуп. Еиҳаракгьы уаҟа иаарԥшуп Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ирхыргоз ауадаҩрақәа.
– Шәара шәхаҭа шәусура хәшьарас иашәҭои?
– Ҽнак акбинет аҿы стәан, акы сгәы иалан, сгәалаҟазаарагьы ҽеимызт. Дааҩналеит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуа ҭыԥҳа, адиаспора аҟны активла аус зуаз. Игәалҭеит сылахь шеиқәыз, иҟалазеи ҳәагьы дсазҵааит. Сусура алҵшәақәа уамак исгәаԥхом, сгәы иҭазгьы жәпакы сзынамыгӡеит ҳәа ласҳәеит. Лара ус салҳәеит: «Еиҿырԥшы – уара арахь уаанӡа
Аԥсназы иаҳамаз адыррақәеи, иахьа ҳаԥсадгьыл ииашаны ишаҳныруеи» ҳәа. Сгәанала, убри оуп ихадоу салагала.
– Владимир Џьамал-иԥа, иахьазы шәнапы злакузеи?
– Сара – Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны ахыҵхырҭаҭҵаара аҟәша аҵарауаҩ хадас сыҟоуп. Сықәра акыр инеихьеит, уажәшьҭа сыԥсы сшьалароуп. Еиҳаракгьы сымшынҵа аус адызулоит. Изыҩуа зегьы – Ҭырқәтәыла сусуроуп изызку. Сара хаҭала избаз-исаҳаз сара сыда аӡәгьы ишизеиҭамҳәо еилкааны аҩра саҿуп.
– Иаҳзеиҭашәҳәа шәҭаацәара ртәы.
– Сыԥшәмаԥҳәыс – ажурналист Елена Иаковлева лоуп. Сыԥҳа – Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭаҟны аус луеит, сыҷкәын – Аԥсны аҳазалхратә еилак аҟны. Сыҷкәын аҭаацәара аԥиҵахьеит, Анцәа изиҳәара инхоит. Амала, макьаназы амоҭацәа сымаӡам, аха сгәыӷәуеит хара имгакәа урҭгьы ҟалап ҳәа.
– Ауаҩы имшира аҽны иԥсҭазаараҿы дзыхьӡахьоу гәаҭаны, еихшьаалақәак ҟаиҵоит. Шәыԥсҭазааратә мҩа иахьазы хәшьарас иашәҭои?
– Даҽазныкгьы сыԥсҭазааратә мҩа ахысра сықәшәаргьы, исыԥсахуаз ҳәа акгьы ҟаломызт. 82 шықәса схыҵуеит, снысымҩа сазыразуп.
– Шәымшира аҽны шәхы иазеиӷьашәшьои?
– Амоҭацәа – уаҳа акымзарак. Егьыс зегь сымоуп.
Duygulandım ve gözlerim yaşardı, değerli büyüğümüze, sevenleri ve sevdikleriyle birlikte sağlık ve mutluluklar diliyorum.
Duygulandım ve gözlerim yaşardı, değerli büyüğümüze, sevenleri ve sevdikleriyle birlikte sağlık ve mutluluklar diliyorum.
шәҭалароуп, ма шәыҽҭажәыҩроуп.