Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аҟәшақәа рнапхгаҩцәа ҳазҭоу ашықәс фымзтәи аусура алҵшәақәа ртәы еиҭарҳәеит.

Амра Амҷԥҳа

Апандемиа ашьҭахь зусура амҽхак ҩаԥхьа иҭбаахаз АААК 2022 шықәса актәи азбжа аихшьаалақәа ҟанаҵеит. 

Аиҿкаараҿы ишазгәарҭо ала, COVID-19 иадҳәалаз аԥкрақәа анаԥыхха ашьҭахь ауаа рԥылареи еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа рынагӡареи, уаанӡа иазԥхьагәаҭаз апланқәеи апроектқәеи аԥсҭазаара раларҵәареи азы алшарақәа ҟалеит. 

Аҭыԥантәи аҟәшақәа аус рыцура

Аизҳазыӷьара хықәкыс измоу аусеицура апринцип Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс азы ихадарақәоу иреиуоуп. Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо анхарҭа ҭыԥқәа 43 рҟны иаартуп АААК Аҭыԥантәи аҟәшақәа, урҭ ирылахәу активра аазырԥшуа аҭыԥантәи ауааԥсыра роуп. Аҟәшақәа хықәкы хадас ирымоу ҳтәыла ауааԥсыра зегьы рыԥсҭазаара аиӷьтәразы рхаҭақәа ирылшо ҟарҵаларц ргәы аззҭаҵароуп. Абасала, АААК Аԥсны активра злоу ауаажәларра рышьақәыргылара иацхраауеит. 

Шықәсыбжак ала Аҭыԥантәи аҟәша ҿыцқәа аатит Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақытан, Гәдоуҭа араион Бармышь ақыҭан. Ари аамҭа иалагӡаны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит Аԥсны иаарту аҭыԥантәи аҟәшақәа зегьы рнапхгаҩцәа реизара. Аҭыԥантәи аҟәшақәеи аҿар рактивреи ҳәаақәҵара рзызуа Дмитри Жьиба иажәақәа рыла, Аҟәатәи аофис аҟны имҩаԥысыз уи аиԥылараҿы ишьақәырӷәӷәан АААК апроект ҿыцқәа ҩба, урҭ аус рыдуларагьы хара имгакәа ихацыркхоит.

Аҳәаақәҵаҩ еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи аиԥыларақәа рынахысгьы АААК аофис еснагь аҭыԥантәи аҟәшақәа рнапхгаҩцәа ирымадоуп, урҭ аидеиақәа анрымоу адагьы џьара цхыраарак анырҭахугьы ианаҳәо ыҟоуп ҳәа. 

«Аҭыԥантәи аҟәшақәа аус рыцураҿы ихадароу концепциас иҟоу – ахаԥшьгара аазырԥшуа еснагь ауааԥсыра роуп, активра злоу аҿарацәа. Ҳәара аҭахума, ажәалагалақәа иҳауа зегьы иаразнакала адгылара ҳазрыҭаӡом, аха аиҳарак ала ауаа рҭахрақәа наӡартә еиԥш аусура ҳҽазаҳшәоит», – иҳәеит Дмитри Жьиба.

2022 шықәса актәи азбжазы Аконгресс ацхыраара ҟанаҵеит Гәдоуҭа араион Блабырхәа ақыҭан Акультура ахан ахыбра аԥсхараҿы, Мгәыӡырхәа ақыҭан акәашаратә зал азы аргыларатә материалқәа раахәараҿы, Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан аиқәԥара асекциа аиҿкаараҿы. Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан АААК Аҭыԥантәи аҟәша аԥшьгарала идыргылеит аҽазыҟаҵарҭа адәы – воркаут. Аконгресс ихацнаркыз аус адгылара арҭеит аҭыԥантәи ауааԥсыра: амыругақәа злаархәоз ахарџь азбжак Аконгресс иазоунажьит, егьы азбжа хатәгәаԥхарала лхаа еизыргеит.

Арккаратә проектқәа 

АААК ацхыраара ҟанаҵоит еиуеиԥшым акультуратә, аҵарадырратә, агәыҳалалратә, аспорттә проектқәа рымҩаԥгараҿгьы. Убас, Аконгресс алахәын Кәтол ақыҭан аҽырыҩра амҩаԥгараҿы, Баслахә ақыҭа ауааԥсыра ирзеиҿкаан акомпозитор, ашәаҳәаҩ Ерик Миқаа ирҿиаратә хәылԥазы.

Аԥсуааи ашәуааи рдоуҳатә культура иазку апроект «Амазара» аҳәаақәа ирҭагӡаны ааигәа иҭыхын аԥсуашәа иазку афильм ҿыц. Ари адыррагьы узҭо, уамашәа иԥшӡангьы иҟаҵоу сахьахеит. Уи арежиссиор, асценарист – Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, Самсон ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр арежиссиор Мадина Аргәын лоуп. 
Афильм апрезентациа ашьҭахь мызкы ааҵуаны Очамчыреи Пицундеи имҩаԥысит «Аԥсуа ашәақәа рфырхацәа» ҳәа хьӡыс измаз ахәыҷтәы сахьақәа рцәыргақәҵа. Афильм здырбаз асахьаҭыхцәа қәыԥшқәа рцәаныррақәа рнапы злаку арҿиарала иаадырԥшит. Анаҩс азеиԥш цәыргақәҵа еиҿкаан Аҟәагьы, зынӡа ицәырган аусумҭақәа 60. Ари ахҭыс Ахәыҷқәа рыхьчара амш, рашәара 1 инамаданы имҩаԥысит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. 

Шықәсыктәи аиԥҟьара ашьҭахь АААК еиҭахацнаркит ахәыҷқәа рыԥсшьара аиҿкаара иазку апроект «Ашьҭра», уи иалахәу ахәыҷқәа аҭоурыхтә ҵакы змоу Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа ддырбоит. 

 «Аԥсны ҵакырадгьылла итәыла дуӡам, аха агәыларатә раионқәа зныкгьы ирҭааны изымбац рацәаҩуп. Иаҳҳәап, Гәдоуҭа араион ахәыҷқәа Очамчыра араион рымбаӡац, абжьыуаа рхәыҷқәагьы убас – Бзыԥ аганахь имцац ыҟоуп. Ҳара иаҳҭахуп ахәыҷқәа ирбахьоу-ираҳахьоу рацәазарц, рыԥсадгьыл аԥшӡарақәа иамоу зегь рдыруазарц, ҳаԥсабара шаҟа ибеиоу рыблала игәарҭарц, егьырҭ Аԥсны араионқәеи ақыҭақәеи рҟны инхо рҩызцәеи рықәлацәеи ирабадырырц», – ҳәа апроект аидеиа еиҭаҳгәалаиршәеит Аҭыԥантәи аҟәшақәеи аҿар рактивреи ҳәаақәызҵо Валери Берзениа.

Иара еиҭеиҳәеит ахәыҷқәа реибабара акыраамҭа ишаԥырхагаз апандемиа, аха уажәшьҭа апроект «Ашьҭра» ҩаԥхьа аус ауеит. Аконгресси ауаажәларратә еиҿкаара «Амчи» ҳазҭоу ашықәс азы ҷлоутәи ашколхәыҷқәа Афонҿыцтәи аҳаԥахьы иганы иддырбахьеит, иара убас иаҭааит алымқәа рпарк «Праид», аетнопарк «Аԥсны».

Аинфопортал аусура ахырхарҭа ҿыцқәа

Арккаратә ҵакы змоу АААК аусура иацнаҵеит аинформациатә порталгьы. Аконгресс асаити аофициалтә даҟьақәеи рҿы аԥсшәеи абаза бызшәақәеи рзы аудиоурокқәа ҭыҵуеит.
«Аконгресс апортал аҟны иацаҳҵоит абызшәатә проект «Хаицәажәоит аԥсышәала/Ҳаицәажәоит абазаала». Ари аонлаин проект аҳәаақәа ирҭагӡаны абаза жәлар тәылас иахьынхозаалакгьы рхатәы бызшәа рҵалар рылшоит. Ҳазҭоу ашықәс актәи азбжа иалагӡаны 80 урок ҭыҵит», – ҳәа еиҭалҳәеит аинфопортал аредактор хада Амина Лазԥҳа.

АААК аинформациа аҟәша аусура амҽхакгьы арҭбааит. Аконгресс аусура иадҳәалоу ажәбжьқәа реиҭаҳәара анахысгьы апроект ҷыдақәа нагӡан. Апортал аф-бызшәак рыла еиҭаган афильмқәа «Аԥсуашәеи» «Асыси», атитрқәагьы рыцҵан. Аҩ-фильм апортал аҟны икьыԥхьуп. Раԥхьаӡа акәны англыз бызшәахьы еиҭаган аԥсуа мультфильм «Абрыскьыл ифырхаҵара». Уи еиҭалгеит аинфопортал аредактор хада Амина Лазԥҳа, адублиаж аҭаҩрагьы лара лнапхгарала имҩаԥысит. Ишылҳәо ала, адублиаж ахыркәшаратә стадиахь инеихьеит, абжьы амонтаж иаҿуп, хара имгакәа иӡыргахоит.

«Еицырдыруа англыз бызшәала ииз аперсонажцәа ыҟоуп Бетмен, Ауаҩы-Бызкаҭаҳа уҳәа егьырҭгьы. Уажәшьҭа аԥсуа фырхаҵа  Абрыскьылгьы англыз бызшәала дцәажәоит. Ари ашьаҿа ҳаԥсуа милаҭтә культура адунеи иаларҵәараҿы ицхыраагӡоуп. Аҳәаанырцәтәи ҳдиаспора аӡәырҩы англыз бызшәа рдыруеит, раԥхьаӡа иргыланы дара рзы аинтерес ацзаауеит ари амультфильм ахәаԥшра – ҳәа агәра ганы илҳәеит Лазԥҳа.

 «Агәы аԥхарра»

Иҳаҩсыз ашықәсабжа иалагӡаны акциа «Агәы аԥхарра» амҩаԥысрагьы иахьӡеит –заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа амаҭәа-ҩыҭәала рыцхыраара иазку. Ари акциа еиҿыркааит Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс,и, ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа-абаза диаспореи, Ҭырқәтәыла иҟоу азинмчра нагӡа змоу Аԥсны ахаҭарнакреи роуп. Ҭырқәтәылатәи ҳашьцәа АААК Иреиҳаӡоу ахеилак алахәыла Аҳмаҭ Ҳапат иаԥшьгарала агуманитартә цхыраара еидкыланы аамҭа-аамҭала Аԥсныҟа иаарышьҭуеит. Аҵыхәтәантәи акциа иамҽханакыз ақыҭақәеи аусбарҭақәеи рацәоуп: Гәдоуҭатәи аковид хәышәтәырҭа, Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭа, ашкол-интернатқәа, ахәыҷбаҳчақәа. Амаҭәа апартиақәа изызкыз рзы инашьҭын Ӷәада, Арасаӡыхь, Гәыԥ, Аҭара,Кындыӷ, Тҟәарчал араион, иара убас Аԥсны амсылманцәа рхеилак ахь.

Еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа активла аҽрылархәра

АААК азеиԥшмилаҭтә ҵакы змоу амшқәа раан аусмҩаԥгатәқәа еиҿнакаауеит, мамзаргьы активла ирылахәуп. АААК Аҟәатәи аофис анапхгаҩы Ҭемыр Рекәаа еиҭеиҳәеит егьырҭ ашықәсқәа раан сынтәагьы Аконгресс агәалашәаратә акциа «Ашьамаҟа» шымҩаԥнагаз – Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш – лаҵара 21 аҽны.

«Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс ҩышықәса раахыс асахьаҭыхҩы, ажьи Ҭемыр Ӡиӡариа ицхыраарала ашьамаҟа ду рԥоит, ари аус иадрыԥхьалоит аҿар, ашьамаҟа аҟаҵашьа рҵарц, ари адырра мыӡырц азы», – ҳәа азгәеиҭеит Рекәаа. 

Иҳаҩсыз ашықәсабжа иалагӡаны имҩаԥысыз акрызҵазкуа ахҭысқәа Ҭемыр Рекәаа ирхиԥхьаӡалеит АААК Аҟәатәи аофис аҟны имҩаԥысыз аетнографиатә лекциақәагьы, урҭ дрыԥхьон аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Џьамбул Инџьгьиа. Алекциақәа ртемақәа абас иҟан: «Аԥсуа бызшәа – ажәлар рҭоурых ижәытәӡатәиу ашаҳаҭ», «Алабашьа аԥсуаа рытрадициатә культураҿы», «Аԥсуаа рметрологиа азҵааразы». Арҭ алекциақәа аинтерес ду цәырыргеит азыӡырҩцәа рыбжьара. 

АААК Аҟәатәи аофис анапхгаҩы далацәажәеит убасгьы Санкт-Петербургтәи Аконгресс аофис аҟынтә иколлегацәа русурагьы. Дара рыбзоурала аусмҩаԥгатәқәа жәпакы мҩаԥган: аиԥыларақәа, ашәҟәқәа рҭыжьра, нас урҭ рӡыргарақәа, абарҭ зегьы инарҭбааны иазааҭгылоуп аинфопортал анҵамҭақәа рҟны.

«Санкт-Петербург аҿиара атерриториа «Гранд-Каньон» иахьаҵанакуа имҩаԥысит ацәыргақәҵа «Аҳаракыра аԥсыԥ». Уаҟа ицәырган афонд «Ишьхатәылоу Аԥсны» аԥҵаҩы Ҭенгиз Ҭарба ифотоҭыхымҭақәа. Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс акәашаратә ансамбль «Абаза» аҽаланархәит есышықәса Санкт-Петербург Исааки иашҭаҿы имҩаԥысуа Амилаҭқәа рбал. Пиотр ду ихьӡ зху ихьӡ зху Антропологиеи аетнографиеи рмузеи (Кунсткамера) аҟны имҩаԥысит иналукааша алингвист, аетнограф, афольклорҭҵааҩ, аҭоурыхҭҵааҩ, Кавказ ажәларқәа рбызшәақәеи ркультуреи азы аспециалист дуқәа ируаӡәку Анатоли Генко 125 шықәса ихыҵра иазкыз агәалашәаратә хәылԥазы», – ҳәа еиқәиԥхьаӡеит Рекәаа. 

Иара иазгәеиҭеит Кунсткамера имҩаԥысыз ахҭыс аҳәаақәа ирҭагӡаны ааигәа иҭыжьыз Анатоли генко ишәҟәқәа рӡыргарагьы шымҩаԥысыз «Абаза материалқәа», «Кавказ аетнографиа алагалара». Арҭ аҭыжьымҭақәа алашара рбеит Мусса Егзакьи, нас уи ишьақәирӷәӷәаз апрограмма «Абазақәеи аԥсуааи: абызшәақәеи аҭоурыхтә-культуратә ҭынхеи реиқәырхареи рырҿиареи» иабзоураны. Ари апрограмма ашьақәыргылара рнапы иҵырхит Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Жәларбжьаратәи аилазаара 2Алашареи» еилахәны.

АААК Аҟәатәи аофис анапхгаҩы иациҵеит убасгьы, 2022 шықәса Аконгресс азы иҷыдоу аҵак амоуп ҳәа. Адунеи иалаԥсоу аԥсуааи ашәуааи реидкылара хықәкы хадас измоу ари аиҿкаара сынтәа 30 шықәса ахыҵуеит. 

«Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аизара ду амҩаԥгара ҳгәы иҭоуп, уи иаҭаауеит адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтә аделегатцәа – Урыстәылантә, Ҭырқәтәылантә, Иорданиантә, Европантә уҳәа убас ҳажәлар рхаҭарнакцәа ахьықәынхо егьырҭ адгьылқәа рҟынтә. Аконгресс 30 шықәса ахыҵра даара акрызҵазкуа хҭысуп, ихатәроуп. Аизара ду ибзианы имҩаԥысырц иҳаду аҭакԥхықәра еилаҳкаауеит, уаҟа хәышықәсатәи АААК аусура аихшьаалақәагьы ҟаҵахоит, Мусса Егзакь инапхгарала имҩаԥысуаз, иара убас иааиуа ахәышықәса рзы гәҭакқәас иҳамоу цәыраҳгоит», – ҳәа адырра ҟаиҵеит Ҭемыр Рекәаа.

АААК жәларбжьаратәи аусура

Адунеи иалаԥсоу аԥсуа-абаза диаспореи рҭоурыхтә ԥсадгьыл реимадарақәа рырӷәӷәара аганахьала Аконгресс имҩаԥнаго аусурагьы иацҵан ари ашықәсабжазы. АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ Инар Гыцба иажәақәа рыла, Аконгресс абаза жәлар зегьы еидызкыло хәышҭаароуп, аҳәаанырцәтәи адиаспора ракзаара иацхраауа еиҿкаароуп.

«Ари ахырхарҭала ҳхандеира лагала бзиаӡоуп ҳмилаҭтә-культуратә ҭынха, ҳабызшәа, ҳҵас-қьабзқәа, аҭоурыхтә ҵабырги реиқәырхара аус аҿы. Иҟалап иахьа акәзар даҽа аамҭанык еиԥшымкәа адиаспора рхеидкылақәа еилаҵәаны хҭак ианеицҭадыршәша», – ҳәа иԥхьаӡоит Гыцба.

Иара агәра ганы иҳәеит жәларбжьаратәи ахырхарҭала Аконгресс аусура ԥхьаҟагьы ҳџьынџьуааи урҭ рҭоурыхтә ԥсадгьыли агәыбылра рцәымӡырц азы ишыцхыраагӡахо. 

«Ҳара зегьы ҳзыхӡыӡаауа акоуп – ҳажәлар аԥеиԥш лаша рымазарц. Убри аҟнытә аԥсуа-абаза дунеи ӷәӷәаны, хьӡи-ԥшеи аманы иҟаларц ҳҭахуп ҳажәлар рхаҭарнакцәа ахьынхо атәылақәа зегьы рҟны», – ҳәа иажәа хиркәшеит Инар Гыцба.

АААК ауснагӡаратә маӡаныҟәгаҩ иҳәеит апандемиа ҟалаанӡа Аконгресс Аҭыԥантәи аҟәшақәа шаартыз ҭырқәтәыла – Сҭамԥыл, Измиҭ, Сакариа, Бурса, Есқьишьаҳир, Инегиоль, Билеџьиқ. Иҳаҩсыз амзазы ҭырқәтыәла иҟоу Аҭыԥантәи аҟәшақәа рхыԥхьаӡара иацлеит. Аконгресс аҿга аартын Иозгат апровинциа иатәу Османие ақыҭан, хара имгакәа апровинциа Токат иаартхоит даҽа ҟәшакгьы, азыҟаҵаратә усқәа ахыркәшарахь инеихьеит. Абасала, зынӡа ҭырқәтәыла иҟоу Аконгресс Аҭыԥантәи аҟәшақәа рхыԥхьаӡара 10 рҟынӡа инаӡеит.