Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, ашәҟәыҩҩы, аорден «Ахьӡ-Аԥша» II аҩаӡара занашьоу Адиле Аббас-оглы 99 шықәса лхыҵра лыдырныҳәалеит Аконгресс аделегатцәа.

Саид Барганџьиа

Ҳтәыла аҭоурых аҿы иналукааша ахаҭара Адиле Аббас-оглы 99 шықәса лхыҵра аҽны, мшаԥы 23 рзы, илзымҩахыҵны лымшира лыдырныҳәалеит АААК ахаҭарнакцәа.

Аббас-оглы лыҩнаҭахьы имҩахыҵыз асасцәа ирзыԥшын – ԥсыуала агәыбылра зҵоу, иҭаацәаратәу адкылара, ашампан-ҩы, иара убасгьы Адиле лыԥсҭазаара иадҳәалоу ахҭысқәа. Иазгәаҭатәуп, уи аҽны, асасцәа зегьы шрыдыркылоз иҭоурыхтәу ауадаҟны. Аҭаацәара уи ауада дырҿыцӡом, ажәытәын зегь шыҟаз еиԥш еиқәырхоуп. Уи аҭӡамцқәа «иргәалашәоит» хыԥхьаӡара рацәала аҭаацәаратә еиқәшәарақәеи, аныҳәақәеи, хаҭала Нестор Лакобагьы дызлахәқәаз.

Лықәра акыр ишнеихьоугьы, Адиле Аббас-оглы есқьынагьы асасцәа дреигәырӷьоит, гәаартыла дырԥылоит. АААК аделегациа, Адиле Аббас-оглы убасҵәҟьагьы дырԥылеит: «Бзиа шәызбоит, иҭабуп шәахьысзааз. Иҭабуп иахьашәгәалашәо. Сгәы шәзыбылуеит», – ҳәа раҳәо.

Ари аҽны, иналукааша аԥҳәыс лымшира лыдырныҳәаларц азы еизеит лыуацәеи, лҭынхацәеи. Урҭ «р-Адиле ду» дгәыдыркылон, дхыдыркылон. Хара иҟоу аҭел илзасуан, ашәҭшьыҵәра ԥшӡақәа лзаарышьҭуан.

«Сан лымшира аҽны есымша ирацәаӡоуп адныҳәаларақәеи, ашәҭшьыҵәрақәеи. Уи, ҳәарада, гәахәара дууп. Ихадоу акы акәны иҟоуп, ауаа аҭоурых ахьыргәалашәо, насгьы аҿар сан лыԥсҭазааратә мҩаҿы илхылгаз иахьазҿлымҳау угәы азнарҳауеит», – лҳәеит Адиле лыԥҳа Лилиа.

Аконгресс Аҳәсацәа Рхеилак ахантәаҩы Гета Арӡынԥҳа иазгәалҭеит, акырӡа шаҵанакуа «аепоха иналукааша ауааԥсыра» ргәалашәареи, иахьынӡауа рааигәара аҟазаареи атәы.

«Адиле Аббас-оглы – аԥҳәыс илылоу ачҳареи, агәамчи ҿырԥштәыс дырзыҟоуп. Лыԥсҭазаараҿы ухаҿы иузаамго ауадаҩрақәеи, арыцҳарақәеи лхыганы, иахьа 99 шықәса лхыҵра азгәалҭоит. Иахьатәи амш ҳазегьы еицаҳзеиԥшу ныҳәак еиԥш иазгәаҳҭоит, уи азоуп арахь ҳагьзымҩахыҵ. Ауаа лышәҟәқәа ирыԥхьалароуп, иргәалашәалароуп 1930-тәи шықәсқәа рзы ҳауаажәлар ирхыргаз зегьы. Даараӡа иаҳҭахуп, ҳаԥхьаҟа, иаҳазгәакьоу Адиле 100 шықәса лхыҵрагьы лыдаҳныҳәаларц», – лҳәеит Арӡынԥҳа.

Адиле Аббас-оглы – Аԥсны илегендартәу асовет аамҭазтәи апҳьагыла Нестор Лакоба иҭаацәара датәуп, уи иԥшәмаԥҳәыс Сариа Лакоба (Џьых-оглы) дылҭацан. Адиле заҵәык лоуп уи аҭаацәара аҟнытә, арепрессиақәа зыхганы, зыԥсы ҭаны инхаз. 1938 шықәсазы, «ажәлар раӷа» ҳәа ахьӡ лыҭан, Нестор Лакоба иҭаацәара дахьатәыз азы, анаҩс – дахган. 1953 шықәсазы, 16 шықәсатәи лыхгара ашьҭахь, Адиле Аҟәаҟа дхынҳәуеит.

Адиле Аббас-оглы ԥыҭрак ашәҟәқәа дравторуп, урҭ рахь иаҵанакуеит лмемурақәагьы «Хашҭшьа сымам» ҳәа хьӡыс измоу. Иахьазы Адиле дынхоит Аҟәа, лабду иҩны аҟны. Аҵыхәтәантәи амзақәа рзы лыблабара кәадахеит, зынӡа илцәыӡит уҳәаргьы ҟалоит, аха ачҳареи, аӷәӷәареи илылоу ирыбзоураны есшьыжьы амш ҿыц даԥылоит.