Заагарҭа маҷу, ахшара рацәа зааӡо Гагра араион аҭаацәарақәа Аконгресс аҟынтә аныҳәазы фатәы-жәтәыла ацхыраара роуит.

Камила Кирвал

Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусзуҩцәа афатәқәеи ашықәсҿыцазтәи ахаа-мыхаақәеи рзыршеит Аԥсны асоциалтә маҵзура хылаԥшра знаҭо заагарҭа маҷу, ахшара рацәа зааӡо аҭаацәарақәа. Ацхыраара роуит Гагра араион иаланхо аҭаацәарақәа: Гагра ақалақь ахаҭеи, Цандрыԥшь, Гьачрыԥшь, иара убас ақыҭақәа Маҳадыр, Лаԥсҭарха, Алаҳаӡыхь, Бзыԥҭа инхо.

Ари агәыҳалалратә акциа напхгара азҭоз АААК ауаажәларра аус рыцуразы аспециалист Изольда Ҳагԥҳа еиҭалҳәеит ацхыраара зҭаху аҭаацәарақәа ралԥшааразы ишрыдҵаалаз Асоциалтә маҵзура гагратәи аҟәша аусзуҩцәа.

«Ҳара асоцмаҵзура ҳадҵаалеит ацхыраара зҭахны иҟоу аҭацәарақәа рсиа ҳарҭарц азы. Абри акциа амҩаԥгарала ҳара иаҳҭахыз Ашықәс ҿыц зегьы игәырӷьо иҭаларц аҭагылазаашьа аԥҵара акәын – заагарҭа маҷу аҭаацәарақәагьы рхәыҷқәа Ашықәс ҿыц ныҳәак еиԥш иаԥылартә. Уи ус ишыҟало агәра ҳгарц азы, асоцмаҵзура аусзуҩцәа иҳарҭаз асиақәа рыла аҭаацәарақәа ҳрызцеит, ҳрацәажәеит, ирҭахыз еилаҳкааит. Аныҳәа еишәа иқәырҵо афатәқәа злырхуа амарҭхәқәа рыдагьы ахәыҷқәа ргәы иахәаша ахаа-мыхаақәа ҳамҭас иҟаҳҵеит», – лҳәеит Изольда Ҳагԥҳа.

Абасала асиа еиднакылеит аҭаацәарақәа 39, иааидкыланы урҭ рҟны ирааӡоит 110-ҩык ахәыҷқәа. Аконгресси Асоциалтә маҵзуреи русеицура иалҵшәаны афатәқәа ҽнак ахы-аҵыхәала зегьы рыҩны инаганы ирыҭан.

Гагра араион асоцмаҵзура аспециалист еиҳабы Хамида Лакәиаԥҳа иазгәалҭеит, раԥхьатәи Аконгресс аус ацура алҵшәа бзиақәа аанашьҭит ҳәа.

«Ахәыҷқәа ргәы аныҟауҵо уаҟара уцлоит, еиҳаракгьы Ашықәс ҿыц аламҭалаз. Иҟоуп ҭаацәарақәак лассы-лассы ацхыраара зауло, аха иҟоуп иԥхашьаны зҭагылазаашьа хьанҭа аӡбахә цәырганы зымҳәоогьы. Ҳара иаҳуалԥшьоу убас иҟоу аҭаацәарақәа ԥшааны имырхьаакәа аус рыдулара, дареи ҳареи аимадара ҳабжьаҵароуп», – ҳәа еиҭалҳәеит Лакәиа.

Убас, ари акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны Аконгресс аҟынтә ацхыраара зауз Марина Шатковскаиа ҵыԥх уажәааны ас еиԥш иҟоу ацхыраара мап ацәылкхьан. Аха сынтәа лматериалтә ҭагылазаашьа акыр ихьанҭоуп, убри аҟнытә аныҳәа аламҭалаз афатәқәа ахьлоуз дара иаамҭан иҟалаз хҭысхеит. Марина ибзианы илдыруеит ауадаҩра уанҭагылоу ацхыраареи агәырӷьареи зыԥсоу. Ҵыԥх лара лхаҭа асоциалтә маҵзура дацхраауан, аҭаацәарақәа дрызцаны афатә-ажәтә рзылшон.

«Иахьа иаҳфо ҳамазар, асоциалтә маҵзуҩцәа анааилак, измам шәрызца, ҳаҩны афатә ыҟоуп ҳәа раҳҳәоит. Ашықәс ҿыц аламҭалаз ацхыраара мыцхәы ҟалаӡом. Еиҳаракгьы ахәыҷқәа еигәырӷьоит уи. Ахәыҷқәа насыԥ рымазар, ҳара адуцәагьы уаҳа иаҳҭахузеи», – лҳәеит Шатковскаиа.

Лара иҭабуп ҳәа иалҳәеит АААК Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзакь хәыҷи-дуи ргәы иахәаз аныҳәа аламҭалазтәи ассир азы.

Хәҩык ахәыҷқәа ран Лиана Шамба лыхшара лхала илааӡоит, лашьа длыцхраауеит. Ашықәс ҿыц аламҭалаз аҭаацәара рматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩхеит. Лиана аныҳәа архиара лылшозу лыздыруамызт, аха уажәшьҭа, ацхыраара анлоу ашьҭахь, уи аҩыза алшара лымоуп.

«Ахәыҷқәа абжьааԥны раҳәшьаду лҟны Ашықәс ҿыц аԥылара бзиа ирбоит, аха уажә арҭ аҳамҭақәа баны аҩны аныҳәа аԥылара ргәаԥхаргьы ҟалап», – лҳәеит ран.

Аныҳәа иазкны лхәыҷқәа рзы аторт хаа лӡуеит Мануш Нубариан. Ари аҭаацәараҿы агәабзиара ауашәшәырара иахҟьаны аӡәгьы аус изуӡом, убри аҟнытә Мануш илоуз ацхыраара дара деигәырӷьеит.

«Ахәыҷқәа ирҭаху анаҳзаамхәо ыҟоуп. Дара азныказы иҳазгәаауеит, аха нас еилыркаагәышьоит, – ҳәа лылахь еиқәны илҳәеит Нубариан. – Аныҳәазы астол сырхиоит, ахәыҷқәа шеигәырӷьо здыруеит», - ҳәа ацылҵеит лара.

Аконгресс аҟны, традициала ишаԥу еиԥш, агәыҳалалра аус азҿлымҳара ду амоуп. 2021 шықәсазы АААК амчала Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа аковид-ҟәшазы амедицинатә маҭәахәқәа аахәан, иара убас Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь ахь афатә-ажәтә нашьҭын. Гагра араион ахақәиҭтәра аламҭалазы Гагра иҟоу ҳаибашьра аинвалидцәа рассоциациа «Аԥсны» еиднакыло аветеранцәа ацхыраара рыҭан.