Ԥхынгәы 20 рзы 95 шықәса лхыҵуазаарын иналукааша аԥсуа ԥҳәыс, раԥхьатәи аԥҳәызба-аскульптор, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, аԥсуа жәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара алахәҩы Марина Ешԥҳа.

Саид Барганџьиа

Ихадароу ак бжьамыжькәа уфырхаҵа ихаҭара аарԥшра, уи иԥсҭазаараҿы иҟаз аиааирақәеи аҵахарақәеи ртәы аиҭаҳәара – абри акәзар ҟалап хықәкы хадас иҟоу зыхьӡ нагоу ауаҩ изкны аочерк аныуҩуа. Аха шә-процентк рыла нагӡашьа амоума уи ахықәкы? Излеиҭоуҳәари ауаҩы гәыҵхас имаз, гәҭакыс имаз зегьы, илацәа нҭаанӡа дзызхәыцуаз, игәы иахәоз, ма игәы зырԥшаауаз атәы?.. Ауаҩы ихаҭара амҽхак аныҭбаау уи ажәала аиҭаҳәара уадаҩуп: зегь акоуп иуцәыбжьахаз рацәоушәа угәы иабоит. Абас сгәы иабеит Марина Ешԥҳа лҭоурых аиҭаҳәара сҽаназыскгьы. Раԥхьатәи аԥсуа ԥҳәызба-аскульптор лыԥсҭазаара наунагӡа Аԥсны аҭоурых аҿы иаанхоит абаҩхатәреи агәамч дуи злаз, згәы меиҭаԥоз ауаҩы илнысымҩаны.

Еицырдыруа аҭаацәара иалҵыз

1924 шықәса, ԥхынгәы 20 рзы еицырдыруа аԥсуа револиуционер, Аԥсны ахақәиҭра азықәԥаҩ Ефрем Ешба иҭаацәараҿы диит аԥҳа, ахәыҷы Марина лыхьӡырҵоит. Урҭ ашықәсқәа раан Ефрем Ешбеи иԥшәмаԥҳәыс Мариа Шьигровскаиеи Лондон инхон. Уаҟа Ешба аус иуан Асоветтә Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнакыс. Аха ахәыҷы данроу ашьҭахь дук мырҵыкәа, аҭаацәара Англиантә иқәҵыр акәхеит, уаҟа асоветуаа кыдырцало иахьалагаз иахҟьаны.

Ешаа нхара ҳәа Москваҟа ииасуеит. 1926 шықәсазы аҭаацәараҿы дииуеит даҽа ԥҳакгьы – Лиза. Аиҳәшьцәа Маринеи Лизеи рхәыҷраахыс реизыҟазаашьа даараӡа ибзиан, рыгәқәа еилаҵәан бзиа еибабон.

Жәашықәса рышьҭахь, 1936 шықәсазы, Ефрем Ешба Колымаҟа дахыргоит, хышықәса рышьҭахь дагьҭадырхоит.

Ефрем Ешба дшыршьызи, анышә дахьамадоуи азы аинформациа инарҭбааны ҵыԥх ауп ианеилкааха. Ешба данырга ашьҭахь хышықәса ааҵуаны еиԥш, Лубианка иеихсны дыршьуеит. Анышә дамадоуп НКВД (Асовет Еидгыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рзы жәлар ркоммисариат – аред.) иатәыз аобиект аҵакырадгьыл аҿы, Москва азааигәара иҟоу Троицки араион ахь иаҵанакуа аҳаблаҿы (иахьазы – Москва ҿыц – аред.).

Аҭаацәара раб даныргоз Марина 12 шықәса ракәын илхыҵуаз. Уи нахыс анаҩстәи ашықәсқәа зегьы Марина лықәрахь днеиаанӡа лаб изкыз аинформациа дашьҭан, ицҭакқәазгьы лыԥшааит, аамҭа цацыԥхьаӡа еилылкаауан лаб уажәшьҭа иԥсы шҭам, аха дшыршьыз, дахьыршьыз уҳәа акгьы аилкаара дахьымӡакәа лыдунеи лыԥсахит.

Марина, Ольга, «Олька»

Ҳазҭоу ашықәс, рашәарамзазы иҭыҵит Марина Ешԥҳа илызку ашәҟәы «Талант и Женственность: Марина Ешба сквозь призму времени» ҳәа хьӡыс измоу. Ашәҟәы автор – аҟазараҭҵааҩы Ольга Воицеховскаиа-Брендель – илыллыршеит Марина лыуацәеи, лҩызцәеи ргәалашәарақәа реизгара, иара убасгьы ашәҟәаҿы иаалгоит лхатә гәалашәарақәа. Ольга иаразнак аҳәара ҟалҵеит аинтервиу лыҩны имҩаԥаҳгарц, избан акәзар уахь лассы-лассы дымҩахыҵуан Марина Ешԥҳа лхаҭагьы.

«Ари аҩны аҭаара бзиа илбон. Лхы азышьҭны акы дазхәыцуа араҟа аамҭа лхылгон», – ҳәа лыҩны абарҵа дықәгыланы еиҭалҳәоит Ольга.

Амшын азааигәара игылоу аҩн хәыҷы иаакәыршаны баҳчала иҭалаҳауп, аҵла дуқәа, амшын абжьы, аиаҵәара зхыҵәаны иҟоу абарҵа – абарҭқәа зегьы иҳаҩсыз ашәышықәсахь ухьадырԥшуеит.

Ари аҩны Марина Ешԥҳа лзы иҷыдоу ҭыԥын: араҟоуп Маринеи лҩыза гәакьа Ольгеи (Ольга Воицеховскаиа-Брендель лан) лареи гәаартыла иахьеицәажәоз, рымаӡақәа ахьеибырҳәоз, ашоура бааԥсы рхы ахьацәырыхьчоз. Ольга-аиҵбы лакәзар, иҳаҩсыз ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы «Олька» ҳәа акәын Марина Ефрем-иԥҳа дышлышьҭаз.

Раԥхьаӡа Маринеи лареи анеиқәшәа Ольга хәышықәса ракәын илхыҵуаз. Аӡӷаб лан лҩыза гәакьак, аҭаацәара ирзааигәаӡоу аӡәы лаҳасабала, Ольга абжьгарақәа лылҭон, иара убасгьы ахәыҷы аҳәатәхамҵара аалырԥшуазар – длацәҳаргьы ҟалон, аха убри аангьы лара илылаз аамысҭашәареи аинтеллигентреи ацны.

«Марина аҩбатәи сан лакәны дсыԥхьаӡон, есыҽны ҳаиқәшәон уҳәар ҟалоит. Лара даараӡа иӷәӷәаз уаҩын. Раԥхьатәи аамҭақәа рзы хәыҷык слыцәшәон: лара ишылҭахыз мацара акәын ишыҟаҵатәыз», – ҳәа лгәалалыршәоит Ольга.

Марина Ешԥҳа илызкны ашәҟәы аиқәыршәара аидеиа лыдылгалеит еицырдыруа аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩы, аетнограф Мира Хотелашвили-Инал-иԥа.

«Марина лыԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, амҩаҿ зны дсықәшәеит Мира Константин-иԥҳа. Лареи сареи акыраамҭа ҳалацәажәон Марина Ефрем-иԥҳа лцара Аԥсны азы ишцәыӡ дуу. Убасҟаноуп лара иагьансабжьылга Марина илызкны ашәҟәы сыҩырц, насгьы иазгәалҭеит сара сеиԥш иааигәаны дыздыруаз ауаҩы иԥшаара шыуадаҩу. Ҳәара аҭахума, Мира Константин-иԥҳа лажәақәа даараӡа сгәы ианырит», – еиҭалҳәоит Ольга Воицеховскаиа-Брендель.

Ашәҟәы автор лажәақәа рыла, лҿаԥҳьа иқәгылаз ахықәкқәа – Марина леиԥш иҟаз ауаҩы ихаҿсахьа ақьаад ахь аигареи, илыдҳәалоу агәалашәарақәа зегьы шықәсыцыԥхьаӡа реиҭашьақәыргылареи – имариаз усмызт.

«Схаҿы исзаагомызт ашәҟәы аҩра сызлалагашаз. Ак сыҩуан, инышьҭасҵон, даҽазны саԥхьон, нас ихасырҭәаауан. Зны-зынла сгәамҵуан, исыҩыз аматериал ԥыжәжәаны ианықәсҵозгьы ҟалахьан. Нас, хәыҷык санеикәтәалак, зегьы ааидкыланы ҩаԥхьа сқьаадқәа снарыдтәалон», – еиҭалҳәоит Ольга.

Ари имариамыз, зны-зынлгьы ахьаа зцыз аџьабаа иалҵшәахаз ашәҟәы мацара акәӡам, Ольга лхазгьы хәы змаӡам алкаа ҿыцқәа ҟалҵеит. Ольга лышәҟәаҟны абас лыҩуеит: «Марина Ефрем-иԥҳа дыздыруаз ргәалашәарақәа еизго, сара даҽазныкгьы агәра згеит, ауаҩи аҟазареи иузеиҟәымҭхо акакәны иахәаԥшуаз лакәны ауаа ргәалашәараҿы дшаанхаз».

Ольга Воицеховскаиа-Брендель Марина илызку агәалашәарақәа даара дреиҷаҳауеит. Аҩны дахьыҩноу уажәи-уажәи иалгәалашәоит аскульптор илызку фактқәак. «Абри аишәа лассы-лассы ҳаицахатәалон… Ашоура цәгьа аныҟаз абри агәараҿы иҟоу ашәшьыра ҳныҵатәон… Марина амшын ахыԥшылара бзиа илбон», – ҳәа еиҭалҳәоит аҟазараҭҵааҩы.

Раԥхьатәи аԥсуа ԥҳәызба-аскульптор

Марина Ешԥҳа лбиографиаҟны Ольга Воицеховскаиа-Брендель дазааҭгылоит аскульптор данқәыԥшыз аматематикахь илымаз аҟыбаҩ, уи, ҳәарада анырра ҟанаҵеит асахьаҭыхҩы лзанааҭ алхраҿы. Марина дшыхәыҷызнатә аматематика лхы азцон, Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа анеилга ашьҭахь, дҭалоит Қарҭтәи аполитехникатә институт. Аҵара бзианы илҵон, аха… иаалырҟьаны илыӡбоит, лҵара ааныжьны Москватәи аҩычагатә-хархәаратә ҟазара аинститут дҭаларц. Лассы-лассы ус рыхьлоит ауаа, изызкыҵәҟьоу аилкаара анырзааиуа. Убасала, лара аԥсуа ҳәсақәа рахьтә раԥхьаӡатәи скульпторс дҟалоит.

Марина аскульптуратә ҟазара ллырҵон еицырдыруа аҟаза Екатерина Белашова.

Ольга Воицеховскаиа-Брендель инарҵауланы иҭылҵааит Марина лзанааҭ аҿы лышьақәгылара амҩа. Лара илыҩуеит, раԥхьатәи аҭакԥхықәра зцыз аескиз Марина ишлоуз 1953 шықәсазы, Георги Мотовилов (Асовет Еидгыла Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Мокватәи аметрополитен аҩычаҩ ҳәа зыхьӡ дыру, Москва игылоу Лев Толстои ибаҟа автор – аред.) иҟны аус луанаҵы.

«Астудиа иадыргалеит, акрызуа ауаҩы (рабочий) ихаҽсахьа зныԥшуа аскульптура аԥҵаразы. Анаҩс, ихиоу аскульптура Варшавтәи (Польшатәи Жәлар Республика аҳҭнықалақь) аҭҵаарадырратә ҩны аҟны иқәдыргыларц азы», – ҳәа лыҩуеит Воицеховскаиа-Брендель.

Еицырдыруа ауаа рпатреҭқәа, лаб изы абаҟа

Марина иаарласны абаҩхатәра злоу скульпторк иаҳасабала лхы аалырԥшит. Лхы рылалырхәуан еиуеиԥшым асоветтә еицлабрақәа, уаҟа лассы-лассы актәи аҭыԥқәагьы аанылкылон. Ешԥҳа иазлырхиеит абарҭ аиубилеитә медалқәа рыпроектқәа: «Москва 800-шықәса ахыҵра иазкны», «26-ҩык Бақәатәи акомиссарцәа рҭахара 40-шықәса ахыҵра

иазкны». Лара убасгьы иналыгӡеит – «Асовет Еидгыла Амедицинатә ҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәу аексперименталтә патологиеи, атерапиеи ринститут 50-шықәса ахыҵра» иазкыз амедали, «Н.А. Некрасов 150 шықәса ихыҵра» иазкыз амедали рескизқәа.

Лара лоуп иҭызхыз 1957 шықәсазы Бриуссель имҩаԥысуаз Адунеизегьтәи ацәыргақәҵа аҟны еиҿкааз Асовет павилион аҿы ицәыргаз акомпозитор Мусоргски ипатреҭ. Лара иҭылхит убасгьы атеатралтә ҟазацәа рпатреҭқәа – Станиславски, Шьепкин, Ермолова, Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутат Уасил Лакәиа. Арҭ асахьақәа зегьы иреиҳаӡоу ахәшьарақәа роуит акритикҵәеи аҟазараҭҵааҩцәеи рҟынтә.

1961 шықәсазы Марина илыхҵахоит аҳаҭыртә хьӡы – Қырҭтәылатәи Асовет социалисттә республика зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩы ҳәа. Ари аҩыза ахьӡ ҳаракы Аԥсны аҟазара ахаҭарнакцәа лассы-лассы ироуамызт. Ҳәарада, уи аамҭазы Марина Аԥснытәи АССР зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩы ҳәа дҟалахьан.

1980-шықәсқәа рзы Гәдоуҭа иаартын Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡаҿы иҭахаз Аԥснытәи аибашьцәа ргәалашәара иазкыз Амемориалтә комплекс. Уи акомплекс еицавторцәас аус адырулон Маринеи Ешԥҳаи Ҭамара Лакрԥҳаи. Ари акомплекс збаз Лыхны ақыҭа анхацәа, ирҭаххеит рқыҭаҿгьы аиԥш зеиԥшу абаҟа аргылара, аԥарагьы еидыркылеит.

Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа (1941-1945 шш.) аҟны иҭахаз ргәалашәара иазку архитектуратә-скульптуратә мемориалтә комплекс. Авторцәа: аскульпторцәа – Марина Ешԥҳа, Вера Акимушкина, архитектор Александр Квитатиани. Иаартын Лыхны ақыҭан, 1990 шықәса, лаҵарамза 9 рзы
Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа (1941-1945 шш.) аҟны иҭахаз ргәалашәара иазку архитектуратә-скульптуратә мемориалтә комплекс. Авторцәа: аскульпторцәа – Марина Ешԥҳа, Вера Акимушкина, архитектор Александр Квитатиани. Иаартын Лыхны ақыҭан, 1990 шықәса, лаҵарамза 9 рзы
© Наала Аҩӡԥҳа
Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа (1941-1945 шш.) аҟны иҭахаз ргәалашәара иазку архитектуратә-скульптуратә мемориалтә комплекс. Авторцәа: аскульпторцәа – Марина Ешԥҳа, Вера Акимушкина, архитектор Александр Квитатиани. Иаартын Лыхны ақыҭан, 1990 шықәса, лаҵарамза 9 рзы
Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа (1941-1945 шш.) аҟны иҭахаз ргәалашәара иазку архитектуратә-скульптуратә мемориалтә комплекс. Авторцәа: аскульпторцәа – Марина Ешԥҳа, Вера Акимушкина, архитектор Александр Квитатиани. Иаартын Лыхны ақыҭан, 1990 шықәса, лаҵарамза 9 рзы
© Наала Аҩӡԥҳа
Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа (1941-1945 шш.) аҟны иҭахаз ргәалашәара иазку архитектуратә-скульптуратә мемориалтә комплекс. Авторцәа: аскульпторцәа – Марина Ешԥҳа, Вера Акимушкина, архитектор Александр Квитатиани. Иаартын Лыхны ақыҭан, 1990 шықәса, лаҵарамза 9 рзы
Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа (1941-1945 шш.) аҟны иҭахаз ргәалашәара иазку архитектуратә-скульптуратә мемориалтә комплекс. Авторцәа: аскульпторцәа – Марина Ешԥҳа, Вера Акимушкина, архитектор Александр Квитатиани. Иаартын Лыхны ақыҭан, 1990 шықәса, лаҵарамза 9 рзы
© Наала Аҩӡԥҳа
Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа (1941-1945 шш.) аҟны иҭахаз ргәалашәара иазку архитектуратә-скульптуратә мемориалтә комплекс. Авторцәа: аскульпторцәа – Марина Ешԥҳа, Вера Акимушкина, архитектор Александр Квитатиани. Иаартын Лыхны ақыҭан, 1990 шықәса, лаҵарамза 9 рзы
Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа (1941-1945 шш.) аҟны иҭахаз ргәалашәара иазку архитектуратә-скульптуратә мемориалтә комплекс. Авторцәа: аскульпторцәа – Марина Ешԥҳа, Вера Акимушкина, архитектор Александр Квитатиани. Иаартын Лыхны ақыҭан, 1990 шықәса, лаҵарамза 9 рзы
© Наала Аҩӡԥҳа

Марина ҩаԥхьа акомплекс аргылара лҽазылкит, уажәазы длывагылеит лҩыза, москватәи аскульптор Вера Акимушкина.

Марина лкариераҿы даараӡа ирацәан аусумҭақәа, аха зегь реиҳа ихаданы иҟалаз лаб изаԥылҵаз абаҟоуп, уи гылоуп Аҟәа ақалақь агәаны.

Ольга Воицеховскаиа-Брендель илгәалашәоит, абаҟа анаадыртуаз аҽны Марина лылаӷырӡқәа шлызнымкылоз.

Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, Ешба ибаҟа ахҭыԥқәа аныԥҟҟала иаанхеит. Ольга лажәақәа рыла, Марина мап ацәылкуан абаҟа арҿыцра, лаб иԥсышьахаз шылзымдыруазгьы, абаҟа ианхалаз ахҭыԥқәа илахьанҵа аилыркаагас илыԥхьаӡон.

Аԥсадгьыл ахь ахынҳәра

Москва лыԥсҭазаара зегь рыла ишышьақәгылахьазгьы, аҩызцәеи аколлегацәеи рацәаҩны ишлымазгьы, аскульптор инакәызаалак лыԥсадгьыл ахь лгәы лыхон. Ольга Воицеховскаиа-Брендель иазгәалҭоит, Аԥсны, Очамчыра дырҟәыҭханы Марина лыԥсҭазаара лхаҿы ишылзаамгоз.

«Диабадыруеит Тариел Аршба – агазеҭ «Советскаиа Абхазиа» акорреспондент. Москва ақалақьи уаатәи лҩызцәеи ааныжьны Тариел диццоит. 1960 шықәсазы аԥа дроуеит, уи ихьӡырҵоит Владимир», – ҳәа лыҩует Ольга.

Марина лыԥсҭазаараҿы Владимир иакәын зегь реиҳа ихадоу уаҩыс иҟаз. Иахьазы Владимир дынхоит Аҟәа, ажурналистцәа рыҿцәажәара бзиа ибаӡом.

Аамҭақәак рышьҭахь Маринеи Тариели еилыҵуеит. Шықәсқәак анҵы Марина даҽазнык хаҵа дцоит – аҩбатәи лыԥшәма Нури Акабеи лареи аҵыхәтәанынӡа еиман. Нури иԥсҭазаара даналҵ, Марина даара дгәырҩон.

Ахӡыргара зламыз ауаҩы, ақәԥаҩ гәымшәа

1962 шықәсазы Марина Ешԥҳа Қырҭтәылатәи АССР Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла Аԥсуа аҟәша ахантәаҩыс дҟалоит. Ари аҭыԥ аҟны хықәкы хадас илымаз – Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла автономиа аҭара акәын. Лара лџьабаа баша ибжьамӡӡеит: шықәсқәак рышьҭахь, Ешԥҳа хадара азылуан Аԥснытәи АССР Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла. Ҳәарада, уи имариаз усмызт, аха уи ақәԥараҿы Марина лхы аалырԥшит агәымшәара злаз, аиаша иашьҭаз ԥхьагылаҩк лаҳасабала.

Ольга Воицеховскаиа-Брендель илыҩуеит, Марина Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла анапхгаҩы иҭыԥ аҟны илымаз аихьӡарақәа зегьы ирылукаартә ишыҟоу 1966 шықәсазы Москва еиҿылкааз аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа. Араҟа иазгәаҭатәуп, аԥсуаа рзинқәа ақырҭқәа инырҿаҟәоз аамҭақәа рзы, ари аҩыза ацәыргақәҵа – иааира дуун.

Марина лхаҭа иалылхуан ацәыргақәҵахь ишьҭхо аусумҭақәа зегьы, уи аамҭазы лара лхатә усумҭақәа рышьҭра мап ацәылкит, урҭ рхаҭыԥан илышьҭуеит аԥсуа скульптор ҿарацәа – Виктор Иванбеи Иури Ҷкадуеи русумҭақәа.

1996 шықәсазы Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы идырбан Марина Ешԥҳа илызкыз еицырдыруа ажурналист Владимир Занҭариа идырраҭара.

Адырраҭараҿы Марина лхаҭа знызаҵәык ауп данцәырҵуа, аха уигьы азхеит ахәаԥшҩы лара ҩныҵҟала дышуаҩы ӷәӷәаз еиликаарц азы. Дмыццакыкәа, дазхәыцны имҩаԥылгоз ақәԥара иазкны ажурналист акомментари илҭоит.

«Аԥсны аус зуаз асахьаҭыхыҩцәа реиҳараҩык аашьҭын Қырҭтәылантәи. Урҭ ара ахныҟәгашьа бзиаӡа рзеиҿкаан – ирыҭан рхатә студиақәа, аҩнқәа, ауаҭахқәа… Амаҵуара бзиақәагьы ааныркылон. Абри амшала сара азарт сызцәырҵит: избан абас изыҟалаз, абаҩхатәра ду злоу аԥсуа сахьаҭыхыҩ қәыԥшцәа аԥсуа школқәа рҿы аҵаразы азинҵәҟьа рымамызт, ақырҭуа школқәа ирҭан… избан абас абаҩхатәра злоу ажәлар абӷеиҵыхра зрырымҭо? Ҳәара аҭахума, сшынеибгаз амилаҭтә-хақәиҭратә қәԥара сҽасҭеит, избан акәзар дара [ақырҭқәа] акаҿаԥхьа иаангылап ҳәа ргәы иҭамызт. Саргьы зынӡаск ахьаҵра сҭахӡамызт», – лҳәеит адырраҭараҿы Марина.

Ахаҵа иҟазшьа змаз аԥҳәызба ԥшӡа

Марина даараӡа згәы аартыз, иҟоу шыҟаҵәҟьоу изҳәоз уаҩын, аҩызара аныҟәгара закәу лдыруан, уи зегь еилыккаа иубоит лыԥсҭазаара афактқәагьы рыла. Аизыҟазаашьа бзиақәа рыбжьан Маринеи иналукааша аԥсуа аполитикатә, аҳәынҭқарратә усзуҩ Аслан Оҭырба иҭаацәараеи, уи иԥҳа Аллеи… Алла Оҭырԥҳа, Аԥсны еицырдыруа апианино арҳәаҩы, иахьа дынхоит Аҟәа, аус луеит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны. Лара ажәа ҟәандалоуп лҩыза бзиа дшылгәалашәо. Маринеи лареи еибадырит 1960-тәи ашықәсқәа рзы.

«Саби Маринеи лассы-лассы еиқәшәалон аусуратә зҵаарақәа рыла. Ҽнак сасра ҳәа аҩныҟа дымҩахыҵит. Улаҿы дмааир залшомызт, даараӡа иԥшӡаз ԥҳәысын! Усҟан сара исхыҵуан 15 шықәса. Уамашәа иубаратәы дҟәымшәышәӡа дыҟан, лыччаԥшьи, лхымҩаԥгашьеи ухырхуан. Убас дшыҟәымшәышәызгьы, ахаҵа ҟазшьа лыман. Ҳарҭ ахәыҷқәагьы адуцәа реиԥш дҳацәажәон», – ҳәа лгәалалыршәоит Оҭырԥҳа.

Анаҩс, Ешаа рҭаацәара зегьы данрабадыр, Алла еилылкааит, агәаӷьра злаз Марина, лҟазшьа даныхәыҷызгьы ишаалырԥшхьаз. Уи атәы изныкымкәа еиҭалҳәахьан лара лан.

«Дхәыҷны Москва данынхозгьы Марина ианакәызаалак дшаԥсыуаз лхашҭуамызт», – лҳәоит Алла, Марина ашкол данҭазтәи аҭоурых аиҭаҳәара далаго. – Москватәи ашкол дахьҭаз Марина аҵара лыцызҵоз ахәыҷқәа лыжәла аинтерес рызцәырнагеит, зегь лазҵаауан бабатәиу ҳәа. Марина аҩны данааи лаб изеиҭалҳәеит уи ахҭыс. Лаб илеиҳәеит иара дшаԥсыуоу, иԥсадгьыл – Аԥсны шахьӡу. Инацҵанагьы иазгәеиҭеит, лан дшаԥсыуам, аха Марина лхаҭа лмилаҭра атәы аӡбара шлылшо атәы. Марина рацәак дымхәыцкәа лаб аҭакс илҭеит: саргьы уара уеиԥш сыҟазаауеит ҳәа. Адырҩаҽны, Марина ашкол аҟны даннеи, акласс агәҭаны дҩагылан, дшаԥсыуоу зегьы ирылалҳәеит. Марина илылаз агәаӷьра усҟан лырҵаҩгьы иазгәалҭеит».

Аллеи Маринеи еиҳагьы еизааигәахеит 1990-тәи ашықәсқәа рзы. Ирзеиԥшызгьы рацәан: аҩыџьагьы ирыԥхеит раҳәшьцәа гәакьақәа.

«Лара есқьынагьы илҳәон, амыцхә лгәы ԥшаауам ҳәа. Аха, аиҳәшьцәа даараӡа бзиа еибабаон, ҷыдала еидҳәалан», – Маринеи Лизеи реизыҟазаашьақәа дрылацәажәо еиҭалҳәоит Алла Оҭырԥҳа.

Лаҳәшьа данлыԥха, Марина Ешԥҳа лгәырҩа цәгьала илхылгон, бзиа илбоз аусгьы дацәхьаҵуа далагеит.

«Уи ахҭыс (лаҳәшьа лыԥсра – аред.) Марина иӷәӷәаны илныԥшит, аусурагьы лҭахымызт. Сани сареи ҳлыҳәон лыстудиахь дхынҳәразы. Дсыҳәалон слыцны астудиахь сцаларц азы, аха уа ҳаннеилак еснагь ҳхынҳәуан. Ҽнак, егьырҭ амшқәа раан еиԥш, аҩныҟа ахынҳәра ҳҽазаҳкуан еиԥш ус салҳәоит: бара бца, сара саанхоит, аус зуып ҳәа», – лгәалалыршәоит Алла.

Марина Ешԥҳа лҟазара иузгәамҭо акы акәны иҟамызт, есқьынагьы улаԥш аҿы иааиуан, ианакәызаалакгьы лусумҭақәа ирыдҵаалон. Уи атәы аекспертцәагьы изныкымкәа иазгәарҭахьан, аха зегь реиҳа ихадоу: аҟазара уамак иазааигәамыз ауаагьы лусумҭақәа ргәаҟынӡа инеиуан. Лусумҭақәа аҭоурых рымоуп, аԥсы рхоуп. Иахьагьы, ашықәс рацәа шымҩасхьоугьы, Марина Ешԥҳа лусумҭақәа ауаа рылаԥш адхалоит, рхатә ҭоурыхқәа ирықәҿырҭуеит, агәырӷьара, мамзар ахьаа рызцәырго.

Марина Ешԥҳа лыԥсҭазаара далҵит 2002 шықәса, лаҵарамза 17 рзы. Лара дцеит, аха лыскульптурақәеи, дыздыруаз ауааи лыԥхарра рзынлыжьит. Аԥсныи аԥсуа жәлари ирзаанхеит хәы змаӡам лҟазаратә ҭынха.

Амедалаԥҵаҩы Марина Ешԥҳа лусумҭақәа шәрыхәаԥшыр шәылшоит абра >>