XVII-тәи афестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит…» мҩаԥысит Аҟәа, астадион «Динамо» аҟны, жьҭаара 20 рзы.

Саид Барганџьиа

XVII-тәи афестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит …» мҩаԥысит Аԥсны ихадароу астадион «Динамо» аҟны, иагьеизнагеит зықьҩыла ахәаԥшцәа.

Ишәгәалаҳаршәоит, сынтәатәи афестиваль хәажәкырамзазы ишаатыз Москватәи аконсерваториа Азал ду аҟны, иагьазкын уи – 2017 шықәсазы зыԥсҭазаара иалҵыз Хьыбла Гьерзмаа ҩыза дус, мҩақәҵаҩыс илымаз иналукааша аоператә шәаҳәаҩы, Асовет Еидгыла жәлар рартист, Большои театр асолистс иҟаз Зураб Соткилава игәалашәара.

Жьҭаара 20 рзы афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҟәа аԥсуа хәаԥшҩы иҿаԥхьа иқәгылеит Ҭаҭарсҭан аҳәынҭқарратә симфониатә оркестр, Лев Конторович напхгара ззиуа Академиатә хор ду «Ахортә шәаҳәара аҟазацәа», урыстәылатәи аоператә шәаҳәаҩы, Башкортостан жәлар рартист Ильдар Абдразаков, иара убас, ҳәара аҭахума, Хьыбла Гьерзмаа лхаҭа.

Аланарԥшыра дуӡӡа хәыда-ԥсада

Афестиваль апрограмма даара ибеиан, номерцыԥхьаӡа – гәылҭәаан, ҵакыла иҭбаан, аоригиналра аҵан.

«Ари – Аҟәа ааигәа-сигәа иахамшҭуа ланарԥшыра дуӡӡоуп. Хьыбла Гьерзмааи афестиваль асасцәеи иџьашьахәу, зеиԥш ыҟам амузыка адунеи ҳагәылархалеит. Иҭабуп абас аныҳәа ԥшӡа ахьҳзыҟарҵаз», – ҳәа ахҭыс илызцәырнагаз ацәаныррақәа ҳацеиҩылшеит Аԥсуа телехәаԥшра апродиусер Анжела Бебиа.

Афестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит…» адунеи зегь аҟынтә абзиабаҩцәа арҳахьеижьҭеи акрааҵуеит. Ус иҟоу ахәаԥшцәа афестиваль аҭаара рҽазыршәоит иара ахьымҩаԥысуазаалак, даргьы усҟан ҭыԥс иахьыҟазаалак.

«Хьыбла Гьерзмаа – зыԥсы ҭоу легендоуп. Аҟәа астадион аҿы аконцерт шымҩаԥысуа анҳаҳа, гәыҩбарада иаразнакала аҽеидкылара ҳалагеит, ҳагьааит арахь Краснодарынтәи. Еиҳарак ҳгәы зырԥшааз – лыԥсадгьыл аҿы, лыуаажәлар рзы адунеи зегьы еицырдыруа аоператә шәаҳәаҩы хәыда-ԥсада аконцертқәа ахьымҩаԥылго ауп. Ҳҩызцәеи ҳареи агәахәара дуӡӡа ҳауит. Иҭабуп идуӡӡаны, ҳшәеихырхәоит», – лҳәеит ахәаԥшҩы Саида Бакиева.

Артистцәа асценахь рцәырҵрақәа зегьы акыраамҭа имеихсыӷьуаз анапеинҟьабжь рыцын. Хьыбла Гьерзмаа иналыгӡоз ариақәа доусы игәаҵанӡа инеиуан.

«Ҳгәырӷьара ҳәаак амам! Ирлас ишԥанҵәеи аконцерт! Шықәс дуӡӡак иҳазхаша аемоциақәа ҳауит. Иҭабуп ҳәа лаҳҳәоит Хьыбла, нас аиҿкааҩцәагьы зегьы иахьа иаҳзыҟарҵаз, акыраамҭа ҳгәы иҭымҵәо аҳамҭа ду азы!» – лҳәеит Аҟәа инхо Миранда Амԥар.

Хара имгакәа адунеи зегьы ирылаҵәо, «ишедевр мацароу»

Афестиваль аҟны дықәгылеит иара убас аԥсуа балерина қәыԥш, Санкт-Петербург иҟоу Аурыс балет академиа иҭоу Кристина Ҷкәотуаԥҳа. Ҷыдала лара лықәгыларазы астадион аҿы абалеттә плошьадка ргылан. Аҭыԥҳа лықәгылара ахәаԥшцәа ргәы ҟанаҵеит.

«Угәы архыҭхыҭуеит абас абаҩхатәра злоу аҿар шҳамоу анубалак. Кристина лықәгылара сыбла сзаҟәымго сахәаԥшуан. Агәра ганы сыҟоуп, хара имгакәа даҽа ԥсыуа еҵәахәык адунеи зегьы дышрылаҵәо», – ҳәа лыԥхьаӡоит ахәаԥшҩы Марта Воуԥҳа.

Лев Конторович напхгара ззиуа Академиатә хор ду «Ахортә шәаҳәара аҟазацәа» ахәаԥшцәа зегьы рзы асиурпиз ҟанаҵеит. Дара инарыгӡеит еицырдыруа аԥсуа жәлар рашәа «Ахәрашәа». Астадион «Динамо» ҭырҭәааны итәаз зықьҩыла ахәаԥшцәа ршьапы иқәгылеит.

«Игәыҭшьаагоу, хашҭра зқәым қәгыларан. Ҳалаӷырӡ аанагаратә аҟынӡа. Иҭабуп абри ашәа ахьаҳзырҳәаз. Иааидкыланы аконцерт зегьы – музыкатә шедевр мацаран», – лҳәеит афестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит…» лбаразы Гагрантәи Аҟәаҟа иааз ахәаԥшҩы Амина Барцыцԥҳа.

Афестиваль – адунеиаҿ ирдыруа аԥсуа «ексклиузивуп»

Зымҽхак ҭбаау акультуратә хҭыс аламҭалазы Хьыбла Гьерзмааи ааԥхьара зылҭаз асасцәеи ажурналистцәа рзы апресс-конференциа мҩаԥыргеит, сынтәатәи афестиваль апрограммагьы инарҭбааны иазааҭгылеит.

Апресс-конференциа иалахәыз Аԥсны акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиа еиҭалҳәеит афестиваль Аԥсназы аҵак ҷыда аманы изыҟоу, иара «ексклиузивтәуп» ҳәагьы ахылҳәааит.

«Абарҭ ашықәсқәа зегьы ирылагӡаны афестиваль иҳаракӡоу амиссиа нанагӡоит, аԥсуа культура адунеитә культура иахәҭакны иҟанаҵоит уҳәар ауеит. Даараӡа иҭабуп ҳәа лаҳәатәуп Хьыбла, ҩ-нызқьтәи ашықәсқәа ралагамҭазы абри афестиваль ахацыркразы аидеиа ахьылзааиз. Раԥхьаӡатәи афестиваль Пицунда имҩаԥысит, нас – Урыстәыла, Америака, иара убас Европатәи атәылақәа жәпакы. Сгәанала Хьыбла Гьерзмаа лфестивальцыԥхьаӡа – ексклиузивуп», – лҳәеит Ельвира Арсалиа.

Лара иазгәалтеит убасгьы, ари аконцерт – «ииашаҵәҟьаны аԥсуа хәаԥшҩы изкуп» ҳәа. Башкортосҭани Ҭаҭарсҭани жәларқәа рартист Ильдар Абдразаков иҳәеит уажәшьҭа ахынтә раан Аԥсныҟа дшаауа, иашьаҵасгьы ажәа-ҟәандала уи азы иҭабуп ҳәа леиҳәеит иҩыза Хьыбла Гьерзмаа.

«Иҭабуп, Хьыбла, абрахь ааԥхьара ахьсыбҭо азы, избан акәзар ари атәыла аҭаара – гәахәара дуӡӡоуп, инасыԥуп, игәырхаароуп. Ара иҟоуп ҳҩызцәагьы, агәалаҟара бзиагьы аԥуп. Ара еснагь гәҭыӷьӷьаала зегь уԥылоит – убригьы зыбзоуроу саҳәшьа Хьыбла лоуп. Афестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит…» – илымкаалоу фестивальуп», – иҳәеит ашәаҳәаҩ.

Хьыбла Гьерзмаа лхаҭа лакәзар, иазгәалҭеит сынтәа афестиваль аҳәаақәа шарҭбааз.

«Ари аконцерт-сиурпризуп, концерт-ныҳәоуп, аха иара убри аан апрограмма ӷәӷәагьы амоуп, аоператә ариақәа назлоу. Сара сеигәырӷьоит абас еиԥш аҩызцәа ахьсымоу, сыԥсадгьыл адгылара аҭара зылшо. Аԥсны аҟазара аҭоурых аԥаҳҵоит. Амузыка абзоурала ҳара иаҳҭахуп ҳтәыла ҭынчрала адунеи ду иахәҭакзарц», – лҳәеит аоператә шәаҳәаҩы.

Лара иацылҵеит, ари аконцерт – усмҩаԥгатә дуны ишыҟоу, уи аиҿкаарагьы ауаа рацәа шалахәыз.

«Сара схала акгьы сылшомызт, абас адгылаҩцәа рацәаҩны исымамызҭгьы, иара убас абри зегь ҟалашьа аиуамызт амеценат ду Николаи Ачба дҳамамызҭгьы. Насыԥ дус исыԥхьаӡоит сымҩаҿы Николаи Владимир-иԥа иеиԥш иҟоу аҩызцәа ахьсыцу», – лҳәеит Гьерзмаа.

Амузыкатә фестиваль «Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит…» еицырдыруа аоператә шәаҳәаҩы ихацлыркит 2001 шықәсазы, Аԥсны. 2014 шықәса инаркны уи аҳәаақәа арҭбааит, иагьымҩаԥысит Москва, Аконсерваториа Азал ду аҟны, К. С. Станиславскии Вл. И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр асценаҟны, иара убас Вена, ахьтәы зал Миузикфераин аҟны, нас Карнеги-холл, швеицариатәи ақалақь Санкт-Мориц аҟны.

Афестиваль мҩаԥысуеижьҭеи уи рхы аладырхәхьеит адунеитә музыка аеҵәахәқәа: Владимир Спиваков, Елена Образцова, Денис Мацуев, Ильдар Абдразаков, Дебора Браун уҳәа реиԥш иҟоу. Акыршықәса инеиԥынкыланы аконцертқәа рымҩаԥгаҩыс дыҟан аҟазараҭҵааҩы Свиатослав Белза. Афестиваль аҵак ҷыда амоуп Аԥснытәи амузыка абзиабаҩцәа рзы: есышықәса Хьыбла Гьерзмаа лыԥсадгьыл ахь иаалгоит адунеиаҿ иреиӷьӡоу амузыкантцәеи, иреиӷьӡоу амузыкатә программақәеи.